Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аиашьа иеиԥш дысзааигәан": аоператор Анзор Кәарҷелиа игәалашәара иазкны

© Foto / Саида Жиба Анзор Кәарҷелиа дахьҭахаз аҭыԥ аҟны игылоу ибаҟа
Анзор Кәарҷелиа дахьҭахаз аҭыԥ аҟны игылоу ибаҟа - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2022
Анапаҵаҩра
30 шықәса раԥхьа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Гагра араион ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәыларатә операциаан жьҭаара 2 рзы дҭахеит Аԥсуа телехәаԥшра аоператор Анзор Милтон-иԥа Кәарҷелиа. Иара иԥсы ихыҵит ажурналист Слава Сақаниа инапаҟны.
Иахьагьы урҭ ахҭысқәа зыбла ихгылоу Слава Сақаниа урҭ амшқәа игәалаиршәоит.
1978 шықәсазы, Аԥсны аҳәынҭқарратә телехәаԥшра анаԥҵаха аҟыбаҩ злаз аҿар аусура иадырԥхьало иалагеит. Еиҳараӡак ақыҭақәа рҟынтәи. Асахьаҭыхратә ҵараиурҭа иалгаз аҷандаратәи арԥыс Анзор Кәарҷелиа аоператорс дрыдыркылеит, Слава Сақаниа - редактор еиҵбыс. Ишьақәгылаз арҿиаратә гәыԥ убриаҟара ҳаҭыр еиқәырҵон, иахьа гәамбзиарак иахырҟьаны аӡәы аусура дзымааир, ишынеибарку ицаны дырбон. Ажәакала, ҭаацәашәалатәи аизыҟазаашьақәа рыбжьалеит.
"Усҟан агәыбылра акалашәа иҟан, аиҩызара даҽа гьамак аман. Ҳаизгәакьан ада ҽакы сажәа исзалаҵом, уимоу, ҳҭаацәагьы еибадыруан. Аамҭагьы џьоушьаратәы иҟан, ҳанацәеи ҳабацәеи рнапы ҳшаныҵхьазгьы, иаҳҩызаз, ҳзыҿцаауаз, аус зцаҳуаз иацклаԥшуан", - иҳәоит ажурналист Слава Сақаниа.
Слава Саканиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.07.2018
"Шәазыхиоума аибашьра?": арратә журналист Слава Сақаниа 60 шықәса ихыҵит
Анзор Кәарҷелиа ажәа ихҳәаара даара иуадаҩуп Слава Сақаниа изы. Аҩыза иаасҭа еиҳау, аиашьа иаасҭа иааигәоу ауаҩы аилаӡара гәаӷьыуацәоуп…
"Сара исгәалашәоит Анзор Кәарҷелиа аоператор иаҳасабала раԥхьатәи ианҵамҭа. Уи Аҷандара акәын иахьҭыхыз. Ҽаҩраҭагалара ианаамҭаз, збарбалқәа аҳәынҵәа зҿыкәаршаз, аџьықәреи азна зқәыз, ацәқәа зҵакыз ауардын убриаҟара исахьаркны акадрқәа рҟны иааирԥшит, иахьагьы сыбла ихгылоуп", - еиҭеиҳәоит аҩыза.
Анзор Кәарҷелиа аҭаацәара даналалоз аҽны иаҳәшьагьы аргама хаҵа дрышьҭуан. Амш ахьыбааԥсыз инамаданы аԥсуа телехәаԥшра аколлектив Аҷандараҟа изымлеиӡит. Адырҩаҽны ианнеи, Анзор иаб Милтон ашьтәа шьны, иҷкәын иҩызцәа дырԥылеит.
"Ари ақьабз иахьазы аламала еиқәымхаӡеит, аха усҟан "амқьаҳ" ҳәа ахәаџьа иҿы ашәҟәы ҟарҵон ҿыц иаанагаз аҭаца аиашьа данлырҭоз. Наҟ-наҟ иара илызгәакьаз, зыгәра лгоз, зымаӡақәа залҳәоз аӡәы иеиԥш дылзыҟалон. Убас Анзор иԥшәмаԥҳәыс Белла Мықәԥҳа сара иашьас слырҭеит, араԥ бызшәала иҩыз "амқьаҳ" шәҟәгьы лнапы иадаркит. Абасала, еиҳагьы ҳаизааигәахеит ари аҭаацәеи сареи", - иажәа иациҵоит аҩыза гәакьа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, Аԥсуа телехәаԥшра аколлектив ахацәа абџьар шьҭырхит. Усҟан уи напхгара азҭоз Шамиль Ԥлиа Урыстәыла усқәак инапы ианын аҟнытә, арҿиаратә гәыԥ Руслан Ҳашыг дахагылан. "Зегьы абџьар шьҭышәхит, аха ҳҭоурых азы иныжьтәу анҵамҭақәагьы ҟалароуп. Аҳәара шәысҭоит шәус шәадгыларц" аниҳәа, Аԥсуа телехәаԥшра ашьаҭала "Аԥсуара" захьӡыз Анзор Кәарҷелиеи, Слава Сақаниеи, Нодик Саӷариеи, Асҭамыр Саӡбеи, Роберт Ломиеи, Ахра Акабеи уҳәа рыла ишьақәгылаз арҿиаратә гәыԥ аусура иалагеит аибашьра адәаҟны.
Иури Дбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2022
Аԥсны
"Ҳшьа иалоуп афырхаҵара, ҳаибашьцәоуп ҳара": Иури Дбар иҿцәажәара
"Аҷкәынцәеи сареи раԥхьатәи ҳаибашьратә ҭыхрақәа мҩаԥаагеит Аҟәа "Ацҳа ҟаԥшь" аҟны. Исгәалашәоит усҟан Сергеи Дбар "аибашьра шәазыхиоума" ҳәа саниазҵаа "иумбаӡои, ҳҽырӷәӷәаны ҳашгылоу" ҳәа дԥышәырччаны ишиҳәаз. Анаҩс Дамхәырц ҳцаны Нхыҵ Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иҳацхраац иаауаз ҳашьцәа ҳрыҿцәажәон. Иҭаҳхуан вертолиотла аџьаԥҳани амедикаментқәеи шаҳзааргоз, нас ҳаибашьцәа аҽқәа рыла алада ишылбааргоз. Убри амҩа Анзори, Нодики, сареи "Аԥсҭазаара амҩа" ҳәа ахьӡаҳҵеит, арепортаж аныҟаҳҵоз", - еиҭеиҳәоит ажурналист.
Сергеи Дбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2021
"17-тәи", мамзаргьы "Аду": Аԥсны Афырхаҵа Сергеи Дбар игәалашәаразы
Гагра араион ахақәиҭтәраан Аԥсуа телехәаԥшра Лыхны ақыҭа ахадара ахыбраҟны акәын иахьеиҿкааз. Анзор Кәарҷелиеи, Слава Сақаниеи, Асҭамыр Саӡбеи, Нодик Саӷариеи ажәыларатә операциа ианалага, аҭыхрақәа рахь еихеит. Жьҭаара аказы Ԥсахара ақыҭа ианалала, аӷа ӷәӷәала ахысрақәа мҩаԥигон. Ауха амҩа авара аҩаршьҭра ишҭаиаз идыршеит. Адырҩаҽны ҳаибашьцәа ирыцны ԥхьаҟа идәықәлеит, ақалақь агәаҟынӡа инеит. Ареспубликатә гәабзиарачаԥарҭатә центр Аҟәантәи уаауазар арымарала 30 метранӡа иазааигәахахьан Астики Нодики акамерақәа кны, Анзор аҳәызба, Слава амикрофон рыманы раԥхьа иааиуан. Убри аамҭазы хысбжьызаҵәык геит, "Славик" ҳәагьы Анзор ибжьы аарла иааҩит. Уи акәхеит…

"Ахысбжьи сыхьӡи еишьҭаргыланы иансаҳа, Анзор иахь сааҳәит. Уи аамҭазы деихьшьшьы акаҳара даҿын, снапқәа икәыршаны ԥшьала ҵаҟа данышьҭасҵа, иҽеиҵихуа далагеит, иалацәагьы ааихьишьит. Убри аамҭазы уаҳа иҟаз, иҳадгылаз уаҩ дысгәалашәом. Схи сыхшыҩи еизыӡырыҩӡомызт, исықәлашьцеит…", - аҩыза гәакьа инапаҟны иԥсы шихыҵыз далацәажәоит Слава Сақаниа.

© Foto / предоставлено Славой СаканияАнзор Кәарҷиа данҭахоз
Анзор Кварчелия и Слава Сакания - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2022
Анзор Кәарҷиа данҭахоз
Анзор иҭахара машәыршәа Асҭамыр Саӡба икадрқәа рҟны инхеит. Уи ашьҭахь иара уаҳа акамера изымкӡеит. Ахҭыс ипсихика, ианырын аусура нижьит. Слава иакәзаргьы, аибашьра ашьҭахьгьы жәашықәсала ахысыбжьқәа аниаҳауаз аҳауа изымхо, иқәлашьцон, нас "Анзор, Анзор" ҳәа аҳәҳәара далагон.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Милтон Кәарҷелиа иԥазаҵә Анзори имаҳә Алик Нанбеи рыԥсадгьыл азы иҭахеит.

Есышықәса, Анзор Кәарҷелиа данҭахаз аҽны жьҭаара 2 рзы, иҩызцәа иҳаҭгәын ахь инеиуеит. Иара убас иаҭаауеит Гагра ақалақь Ареспубликатә гәабзиарачаԥарҭатә центр аҵакыраҟны ишьақәдыргылаз ибаҟа.
"Анзор рыцҳа, "аџьықәреи ӡны бзиа ибон" ҳәа ҳҩыза Енвер Арџьениа иманы дмаакәа иҟамлацт. Егьараан арҭ алахьеиқәҵаратә мшқәа раан адагьы Анзор иӡбахә ҳҳәоит. Даҳгәалаҳаршәоит Анзор иԥсра иарчмазаҩыз, анаҩс зхы згәаӷьыз Астикгьы, ус шаҟаҩы…", - иҳәоит арратә журналист Слава Сақаниа.
Анзор Кәарҷелиа иҭынхеит ҩыџьа аԥацәа.
Реваз Ахвледиани ип,ҳа хәыҷи - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.10.2022
Аԥсны
"Сыԥсҭазаара уагуп, саб": Реваз Ахвледиани игәалашәара иазкны
Сынтәа, жьҭаара 6 рзы иҵуеит 30 шықәса Гагра араион ахы иақәиҭтәуижьҭеи. Ҳџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз раԥхьатәи аиааира рыԥсы ахҭнырҵеит 108-ҩык ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа, 15-ҩык ахатәгәаԥхаҩцәа убрахь иналаҵаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0