Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Жәлар Реизара аиҳабы Аҳәынҭқарратә Дума аус шацыруа атәы еиҭеиҳәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Лаша Ашуба
Лаша Ашуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.11.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба радио Sputnik аҿы Аҳәынҭқарратә Дума аус шацыруа атәы еиҭеиҳәеит.
АҞӘА, абҵара 8 – Sputnik. Аԥсны Апарламенти Аҳәынҭқарратә Думеи рыбжьара еснагь аизыҟазаашьа бзиақәа шьақәгылан ареспублика азхарҵаанӡагьы ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба.

"Аҳәынҭдума адепутатцәа реиҳараҩык Аԥсны иаҩызцәа бзиақәоуп. Иаҳҳәап, Бабурин, Затулин реиԥш иҟақәоу Аԥсны азхарҵаанӡагьы активла аԥснытәи рҩызцәа аус рыцыруан. Ирацәаҩын Аҳәынҭдумаҿ Аԥсны аинтересқәа ӡырызгоз", - иҳәеит иара.

Аԥсны ахьыԥшымра аназхаҵаха ашьҭахь, Жәлар Реизареи Аҳәынҭқарратә Думеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа еиҳагьы иҭбаахеит, иӷәӷәахеит ҳәа иҳәеит Лаша Ашәба.
"Апарламент афбатәи ааԥхьара алахәылацәагьы активла Аҳәынҭдума адепутатцәа аус рыцыруан. Аилакқәа рыҩаӡарала еиуеиԥшым аиԥыларақәа мҩаԥысуан. Аԥсныҟа изныкымкәа иаахьан ҳколлегацәа, аха инҭкааны асистематә ҟазшьа аманы изышьақәымгылацызт ҳусеицура. Уи аӡәы далкаан ихаран избом, аха..." - иҳәеит Ашәба.
Вячеслав Володин призвал активизировать работу над соглашением о сотрудничестве парламентов России и Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2022
Аԥсны
Аҳәынҭқарратә Думеи Аԥсны Апарламенти аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарыҩраны иҟоуп
Жәлар Реизара аиҳабы иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы Виачеслав Володин Москва даниԥылоз ишрылацәажәаз аинырра аформат ҿыцқәа рызҵаара.
"Аиԥылара гәаартыла имҩаԥысуан. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны урыстәылатәи сколлега Володин иҳәеит ҳаизыҟазаашьақәа асистематә ҟазшьа рымазар шакәу. Сара ари апозициа садгылаҩуп. Сҩызцәагьы адгылара арҭоит. Аилакқәа рнапхгаҩцәа Аҳәынҭдума анапхгаҩцәа рыҩаӡарахь инагатәуп, афракциақәа аус рыцыруа иҟаҵатәуп. Иахьазы Апарламент адепутатцәеи рколлегацәеи рыбжьара хаҭалатәи аизыҟазаашьа бзиақәа шьақәгылазар алшоит, аха уи иаиуа алҵшәа духом, аусура излалшо ала асистематә ҟазшьа аҭатәуп", - иҳәеит Ашәба.
Аԥсни Урыстәылеи рынагӡаратә усбарҭақәа русураҿы ирацәоуп аинырратә форматқәа. Уи азгәаҭаны, Апарламент аганахьала адгылара хра амоуп ҳәа азгәеиҭеит иара.

"Апарламенттә еинырра акраанагоит. Аҳәынҭдумаҿ аҳәынҭбиуџьет рыдыркылоит, еиуеиԥшым Аԥсны иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәоит. Ҳаргьы абри аан анагӡаратә усбарҭақәа рыцхраара ҳалшоит, иҳалшоит ахәҭакахьала амшхәаԥштә азҵаарақәа рышьақәыргылара", - иҳәеит Жәлар Реизара аиҳабы.

Лаша Ашәба иагәеиҭеит жьҭаарамзазы Аҳәынҭқарратә Думаҿ ишымҩаԥысыз аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра азҵаара алацәажәара иазкыз аиԥылара. Аҳәаа ахысра армариара хымԥада иӡбатәуп, аиҳаракгьы агеополитикатә еиҭакрақәа ирҿырԥшни ареспубликахь атуристцәа хыԥхьаӡара рацәала раареи ирыдҳәаланы.
Делегация парламентского собрания Союза Беларуси и России встречается с Лашей Ашуба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.11.2022
Аԥсны
Белоруссиеи Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә еизара адепутатцәеи рколлегацәеи еиԥылеит
Ажәабжьқәа зегьы
0