Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Зыжәлар ргәы ҿызкааз апоет: Алықьса Лашәриа игәалашәараз

© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааАлықьса Лашәриа
Алықьса Лашәриа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.11.2022
Анапаҵаҩра
Ҳазну ашықәс жьҭаарамза 15 рзы 95 шықәса ҵит еицырдыруа аԥсуа поет-трибун Алықьса Лашәриа диижьҭеи. Уи игәалашәара иазку анҵамҭа азирхиеит апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
Ауаҩы дыҟанаҵ, мрашәа дыԥхалароуп,
Амреиԥш игәи ихи-иҿи цқьаӡа.
Даныԥсуаҵәҟьагьы, иԥсы мраҵас иҭашәароуп,
Ижәлар ргәаҿы дынхартә длашаӡа!..
Алықьса Лашәриа
Ҳаԥсуа литератураҿы заамҭа аҿахәы зҳәаз апоетцәа дуқәа рыӡбахә анаҳҳәо, урҭ рыгәҭа игылоу арҿиаҩцәа-гәлымҵәахқәа дреиуоуп Алықьса Лашәриа. Уи ирҿиара амацәыс еиԥш иалҟьоит аиашара, агәымшәара, аразра, ақьиара, ауаҩра. Сара ирацәаҩны ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа иара ихааныз срыҿцәажәахьеит, сара стәала иҭысҵааит ирҿиарагьы иаргьы абриаҟара бзиа еицырбартә, еицырҭаххартә иҟазҵаз. Зегь раԥхьа иргылан уи ауаҩ иахь имаз абзиабареи, иара ихаҭа илаз аҳалалареи ақьиареи роуп. Абар, уи хәышықәса еиҵбыз, аха даара пату дуӡӡа иқәызҵоз Алықьса Гогәуа ииҩуа:
“Аиашаз, уи дыҟанаҵ дыҟан, дуаҩын, ипоетра уаҩран, иуаҩра поетран. Алықьса Лашәриа иуаҩра убас иҟан, згәы хәыз дахәшәтәуан, еисыз еиннаршәон, аиҩызареи, аиқәлареи, ауаҩреи ртәы ҿыцны ауаҩы дахәанарԥшуан. Ииашан, абра иуҳәар алшоит, иан лымгәарҭа дҭоуп ҳәа, уи аӡәы абзиа дақәшәар, ибзиоу акы иҩыр, иҭижьыз шаҟа ииашан, ихатәык аҵкыс дшеигәырӷьаз зымбаз… Уи зылшо ауаҩы игра бааԥсқәа зегьы иреицәоу аҳарамра зынӡа изыдгалам иоуп. Алықьса Лашәриа уи зынӡа идгаламызт. Убарҭқәа зегьы рыҟнытә, иԥсҭазаареи иуаҩреи ҿырԥшыга ссируп аԥсуа литература знапы алаку зегьы рзы, реизакраз, аҟыҟҿыҟ акәымкәа, азеиԥштә литературатә ҳасабтәқәа рҿы рымч аилаҵараз…”
© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааАлықьса Лашәриа
Алықьса Лашәриа - Sputnik Аҧсны
1/2
Алықьса Лашәриа
© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааАлықьса Лашәриа
Алықьса Лашәриа - Sputnik Аҧсны
2/2
Алықьса Лашәриа
1/2
Алықьса Лашәриа
2/2
Алықьса Лашәриа
Алықьса Лашәриа ипоезиатә рҿиамҭақәа зегьы шамахак ҽырҳәала идыруан, ажәлар дрылагылан даԥхьон, дара ажәларгьы иаԥхьашьеи иҩымҭақәа рҵаки, рпатриатизми убриаҟара иргәаԥхон, доурышьҭӡомызт, жәеинраалак ҩынтә-хынтә данадырԥхьоз ыҟан. Ахаан исхашҭуам, ҳара ҳастудентцәан, ҳарҵаҩы Гьаргь Константин-иԥа Гәыблиа абас еиԥш иҟаз ажәа ԥхақәа анҳзеиҭеиҳәоз истудентцәа дҳалагыланы:
"Шәара иахьа шәызхысуа апоет Алықьса Лашәриа сара ибзианы сихаанын, даарагьы пату еиқәаҳҵон. Уи азал дуқәа рҿы дҩықәгылан ҿырҳәала ажәеинраалақәа данрыԥхьоз, амҵ ԥыруазар иуаҳауан, зегьы еиқәлымҳаха изыӡыҩруан. Еиҳараӡакгьы аграждантәи асатиратәи лирика даара ибзианы иқәҿион. Акырынтә акритика рзиухьан усҟантәи аиҳабыра, Аԥснытәиқәагьы, Қарҭаагьы. Даргьы шьапҿаршә изырурц акырынтә иалагахьан, аха иара ҿаԥыцла дыриааиуан, насгьы дрыцәшәаӡомызт, адырҩаҽныҵәҟьа иҵәылхны исатира аҟамчеиԥш ирхиҟьон!..
Абар, урҭ ицаҳәцаҳәуаз иҩымҭақәа рҟынтә "Сажәеинраала" захьӡу руак ацыԥҵәаха:
Улахҿыхыз,
сажәеинраала,
Улахҿыхыз,
улахҿых.
Ацәа иалоу
Цәамҭа хаала,
Улиха-иханы
Дырҿых.
Амцхә зҳәо,
Ибз иҿабыл,
Уи далақьҵас
Уиҿагыл,
Ацәгьа зыршо
ицәа дҭабыл,
Бзарбзанҵас уиԥынгыл!..
Ухәмар,
учча,
иахьынӡауаамҭоу,
Ианықәԥатәха,
ужәыл,
уқәԥа,
Уԥсҭазаара
зхәаҽырц иашьҭоу,
Ихы,
аҟаб еиԥш,
еиҟәырԥа!..
© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа

Алықьса Лашәриа аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыгәҭа

Алықьса Лашәриа аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыгәҭа - Sputnik Аҧсны
1/2

Алықьса Лашәриа аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыгәҭа

© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа

Алықьса Лашәриа аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыгәҭа

Алықьса Лашәриа аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыгәҭа - Sputnik Аҧсны
2/2

Алықьса Лашәриа аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыгәҭа

1/2

Алықьса Лашәриа аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыгәҭа

2/2

Алықьса Лашәриа аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыгәҭа

Апоет Валери Касланӡиа усҟан дшыхәыҷызгьы, ибзианы игәалашәоит Алықьса Лашәриа идҳәалоу ҩ-хҭыск:
"Усҟан сара жәохәҟа шықәса схыҵуан, саб иашьа Аԥсны жәлар рартист Леуарсан Касланӡиа иҿы сыҟан. Аҽнышьыбжьон ашә акаҩ-акаҩҳәа аҵәҵәабжьы геит. Снеины иаасыртызар, дҳақьԥсықьуа ашә дылагылоуп Алықьса Лашәриа. "Леуа дабаҟоу?!" - иҳәеит иаахжәаны, аҩналара дшазгәыҳәуаз мҩашьо. Макьана аусурахьтә дмааӡацт, сҳәеит саргьы сыԥхашьаԥхаҵо. Сара иаразнак дыздырит уи апоет Алықьса Лашәриа шиакәыз, избанзар, саб иашьа амшын ахықә аҿ ҳанеибаба, дысирдырхьан. "Аа, сыржьазаап, алақьаафырқәа!" - иҳәан, даақәҵәиаан ишьҭахьҟа иҿынеихеит.
Ашьҭахь излеилыскааз ала, Леуарсеи иареи мышкы еибамбар шыҟамлоз здыруаз шьоукы дыржьазаап, "амашьына исын, усҵәҟьагь дбаргәым, аха аҩныҟа дыргеит" ҳәа!..
Аҩбатәи ахҭыс уагьарччоит, уагьархәыцуеит. Уажәы аџьармыкьа авара иҟоу астадион ду аҿы аҽырыҩра цон. Усҟан уахь инеиуан ақалақь аҿы иҟаз аҿар, хәыҷи-дуи ажәлар рацәаҩны. Апоет Кәымф Ломиеи аҵарауаҩ Вианор Ԥачлиеи, Алықьса Лашәриеи еибархәмаруа, хәыҷы бызшәала иуҳәозар, еидцәқәасло ишнеиуаз, Вианор Алықьса Лашәриа данигәҭас, дцан, рацәак идумыз ажра дҭаҳаит. Абри Алықьса иаахьымӡӷишьан, уааи, абыржәыҵәҟьа ҳаиқәԥароуп ҳәа дикит астадион агәҭа. Ажәлар зегьы ишырбоз дкаижьит, иара иҳәашьала, адгьыл даниҟьеит, нас ауп ихы-игәы алаҟаны аҽырыҩра ахәаԥшра даннеи".
Абарҭ аҩ-фақтк рхалагьы ирҳәоит уи данқәыԥшыз инаркны шаҟа аиҩызареи, агәымшәареи ныҟәигоз.
© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааАлықьса Лашәриа иҩызцәа рыгәҭа
Алықьса Лашәриа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.11.2022
Алықьса Лашәриа иҩызцәа рыгәҭа
Алықьса Лашәриа ибзиаӡан дигәалашәоит акритик Руслан Қапба. Абар уи исзеиҭеиҳәаз игәалашәарақәа рҟынтәи хҭысқәак:
"Усҟан сара сқәыԥшӡан, жәба рҿы стәан, Мықәынтәи саауан шьапыла, Тамшь ашкол сҭан. Бырг бзиак дысԥылан, аԥсшәа анааибаҳҳәақәа, сҟәаҟәа инапы нықәикын, дгәырӷьаҵәа исеиҳәеит, ааигәа Москва аҵара ду иалган ишааз ҩыџьа аԥсуа ҷкәынцәа - Алықьса Лашәриеи Кәымф Ломиеи. Убарҭ хымԥада акыр рылҵуеит, сара сахьымӡаргьы, уара иубап, иҳәеит!..
1953-1954 шықәсқәа рынахыс, Сталин даныԥсы, Бериа данықәырга, аԥсуаа хәыҷык аԥсгарҭақәа анроу, рҿахәы рҳәо иалагеит.
Ибзиан исгәалашәоит 1959 шықәса рзы акәапеи еиԥш иҭәыз Аԥсуа театр аҿы дымшәа-дмырҳа ибжьы ҭыганы ипоема "Аиубилеитә" данаԥхьа, уаҟа Нестор Лакоба итәгьы бзиан иҳәеит, Баграт Шьынқәба ҳаԥхьа дахьтәаз, абри аҩыза ҳара аӡәгьы иҳалшом, иҳәеит!..
1957-тәи ашықәсқәа рзы Анатоли Возба, Ҷыҷыкәа Коӷониа, Шьурбеи Царгәыш, сара Целинантәи ҩымз аус уны ҳааит. Усҟан уа зынӡа аԥснынтәи 400-ҩык ҳаҟан. Еиҳабыс дҳацын, даарагьы даҳхылаԥшуан Аԥснытәи акомсомол актәи амаӡаныҟәгаҩ Валериан Осман-иԥа Кобахиа. Изхысҳәаауа, Аԥсны ҳанааи, амшын ахықәаҿ зегь раԥхьа иҳақәшәаз иплашь цәыш ԥшӡа ишәҵаны Алықьса Лашәриа иоуп. "Шәахьцаз, шәахьааз даара ибзиоуп, уи хьӡуп аԥсуаа зегьы ҳзы. Нас, убри аҳаҭыр азы, мап сцәышәымкуазар, аресторан аҿы шәнаган пату шәықәысҵар сҭахуп", - иҳәан, акырӡа ҳшицәыԥхашьозгьы, ҵхагәанынӡа иаҳҿаҵаны, иҳаржәны, пату ҳақәҵо, иашьа еиҳабык иеиԥш дҳадтәалан!
Алықьса Лашәриа, сара ибзиан исгәалашәоит 1959 шықәса рзы Аԥсуа театр аҿы премиерак цон, убри дшахәаԥшуаз, ишьақәыӷәӷәара ӷәӷәаны ихалеит, иаразнак даашьҭырԥаан, иҩныҟа дыргеит, аха, иазууеи, акыр илаҽхьан.
Ибзиан исгәалашәоит, зынӡа данхәарҭамыз аҵхқәа руак азы, Шьалуа Инал-иԥа аҵарауаҩ Сергеи Зыхәбеи сареи иҳаиҳәеит уаха шәара дышәҷаԥшьар бзиан ҳәа. Иажәа ҩбамтәкәа ауха ҳашидтәалаз иҟьаҟьаӡа иааҳаршеит.
Алықьса Лашәриа иԥсҭазаара даналҵ, усҟан иара дыкҿарҵеит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аклуб аҿы, иахьа ашахматтә клуб ахьыҟоу (Аԥсуа театр рзымгәаӷьит усҟантәи аиҳабыра…). Ҵыхәаԥҵәара змамыз ажәлар еизеит. Апоет бзиа дызбоз, ибзианы дыздыруаз, дызҭаз акәыба рнапы иқәыргылан, Аҟәантәи Кьалашәырынӡа дыргеит. Аџьар еизаз убриаҟара ирацәан, дара-дара еибырҳәон, Нестор Лакоба иԥсыжра аахыс абриаҟара ауаа ишрыламԥшыцыз…
Ибзиаӡан исгәалашәоит, Тамшь ҳаннеи, ауаа убас ирацәаҩхеит, ариаҟраҩык зкуаз амашьынақәа абаҟаз, шьапыла амҩа ианылеит Кәтолҟа…
Иџьаушьаша, ицоз рҟынтәи, "Сара смал" захьӡыз иажәеинраалақәа зныз ишәыҟәы ргәыҵакын ирацәаҩны.
Алықьса Лашәриа ихааныз ацара иаҿуп, иара изку астатиақәа маҷӡам, аха ижыцәӡа иҟоу монографиак аӡәгьы иаҳзаԥымҵеит, убри даара сгәы иалоуп…" - ҳәа иажәа хиркәшеит Руслан Қапба.
Руслан Капба - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2021
Аԥсны
Ашәҟәыҩҩы дҳаразкуа акритик: Руслан Қапба иҿцәажәара
Уаҵәы игыло аҿар ибзиаӡаны ирдыруазар ауп асеиԥш иҟоу амилаҭ рпоет ду инысымҩа, ихигаз, дзынҟьаз-дзынԥаз, убри азы абра иааҳгоит ибиографиа аазыркьаҿны:
Лашәриа Алықьса Едгьы-иԥа (15.11.1927, Аԥсны, Очамчыра араион Кәтол ақыҭа – 30.04.1959, Аԥсны, Аҟәа) – аԥсуа поет, апрозаик, СССР-и Аԥсни Рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа рлахәыла. Дыҩуан аԥсышәала.
Диит анхаҩ ӷар иҭаацәараҿы. Дышхәыҷыз иани иаби иԥхеит. Акыр ауадаҩрақәа дшырҭагылазгьы, аҵара иҵон Кәтолтәи ашкол аҟны.
© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааАлықьса Лашәриа
Алықьса Лашәриа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.11.2022
Алықьса Лашәриа
1946 шықәса рзы далгеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә техникум, убри ашықәс аан дагьҭалоит А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет. Хышықәса аҵара аниҵа ашьҭахь дҭалоит Москва, А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Иреиҳау аҵараиурҭа далганы, 1954 шықәса рзы Аԥсныҟа дхынҳәуеит, аусурагьы хациркуеит агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аредакциаҿы. 1955 шықәса рзы диасуеит ҿыц аҭыҵра иалагаз ажурнал "Алашара" аредакциахь. Аха, хара имгакәа, диаргоит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аусбарҭа амаӡаныҟәгаҩыс. Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа раан аус иуан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа алитературатә хәҭа аиҳабыс.
Алықьса Лашәриа ажәеинраалақәа рыҩра далагеит 14-15 шықәса анихыҵуаз, арҵаҩратә техникум данҭаз, Кәымф Ломиеи иареи алахәын алитературатә кружок аусура. Уи напхгара аиҭон аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Маан Васили Николаи-иԥа.
Кумф Ломия, Нелли Тарба, Алексей Ласурия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2021
Зхы-зыԥсы ақәҵан зус иаҿыз: Кәымф Ломиа игәалашәара иазкны
Раԥхьатәи иҩымҭақәа кьыԥхьын 1944 шықәса рзы Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иҭнажьуаз алитературатә "Альманах", иара убас агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аҟны. Иажәеинраалақәеи, ипоемақәеи, иажәабжьқәеи еидызкыло жәохә рҟынӡа ашәҟәқәа авторс дрымоуп, урысшәалеи қырҭшәалеи иҭыжьу убрахь иналаҵаны. Иҩит иара убас апиесақәа ҩба: "Гәыкала абзиабара", "Ахаԥыц хьаа". Рыҩбагьы ықәдыргылахьеит С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны. Иҭынхеит даҽа ҩ-повестк: "Ҳаџьараҭ" (аибашьра ашьҭахьтәи аԥсуа қыҭа аԥсҭазаареи, иахнагаз ауадаҩрақәеи ирызкны), "Ашәахәақәа" (ақыҭа интеллигенциа ирызку).
Алықьса Лашәриа аԥсшәахь еиҭеигеит В.В. Маиаковски, И.Г. Ҷавҷавадзе, М. Мернели, И. Ночешвили уҳәа ражәеинраалақәа жәпакы.
Аҭыжьымҭақәа: аԥсышәала: Ашәақәа (Ажәеинраалақәеи ажәабжьқәеи). Аҟәа, 1954; Хашҭра зқәым. Апоемақәа. Аҟәа, 1956; Смал. Ажәеинраалақәа. Аҟәа 1957; Кьабырхәынтәи ашьыжь. Ажәабжьқәеи адрамеи. Аҟәа, 1958; Сареи ааԥынреи, Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа 1959; Иалкаау. Аҟәа, 1960; Сҩызцәа рахь. (Ажәеинраалақәеи апоемеи). Аҟәа, 1970; Иалкаау. (Ажәеинраалақәеи апоемақәеи). Аҟәа, 1976; Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1983; Аиҩызцәа. Ажәабжь. Аҟәа, 1988; аурысшәахь аиҭагақәа: Киабырхунское утро. Рассказы. М., 1954; Дружба сверстников. Стихи и поэма. М., 1955; Любовь на рассвете. (Стихи и поэма). М., 1959; Жить как солнце!.. Стихи и поэмы. Сухум, 2007.
Апоет ицәырҵреи наҟ-наҟтәи ирҿиаратә ԥсҭазаареи даара гәыблыла иацклаԥшуан ҳаԥсуа литераторцәа, ҳпоетцәа, ҳашәҟәыҩҩцәа, иара убасгьы ҵҩа змамыз иаԥхьаҩцәеи изыӡыҩрцәеи. Аԥсуа поезиаҟны аграждантә тема аҿиараҿы даара акраҵанакуеит уи иԥышәа, уаанӡатәи атрадициақәа ирыцнаҵеит, иҭнагеит, аграждантә поезиеи алирикеи рышьҭибахразы аус ауит.
Имаҷҩым аԥсуа литература, аԥсуа поезиа ишыҷкәынцәаз иаԥхаз, шьоукы 1937-тәи аҭагашоура иалаӡит, шьоукых - аибашьра, аҽашьоукых - апоет изы еснагь еибашьроу аԥсҭазаараҿы иҭахеит. Урҭ зегьы рзы ргәы рыхьуеит, иргәаладыршәоит аԥсуа культураз згәы зыхьуа зегьы.
Абра иаҳгәалаҳаршәар даара иԥсаԥоуп Алықьса Џьонуа Алықьса Лашәриа изы ииҩыз ажәа ԥхақәа:
"Абас, иара дышқәыԥшызгьы, алитературатә жанрқәа зегьы рҿы ашьҭамҭа ду нижьыр иҭахын апоет. Иҵегь ақәра ниҵызҭгьы, заҟа иҩрыз, заҟа иҳәарыз, заҟа ҳиргәырӷьарыз! Аха уеизгьы уи апоет-атрибун, апоет агәлымҵәах ҳәа изырҳәо дҟалеит аԥсуа литератураҿы. Аԥсуа критик, еицырдыруа аҵарауаҩ, апрофессор Ш. Д. Инал-иԥа иажәақәа рыла иаҳҳәозар, "уи аԥсҭазаара мыцхә бзиа ибон, дазхьуан ибарц иԥсадгьыл ду аԥхьаҟатәи анасыԥтә лахьынҵа ссир! Алықьса Лашәриа абаҩхатәра ду зцәа-зжьы иалашыз, уи иаргәаҭеиуаз, зымч-зылшара хьазымкуаз, шықәсыла иқәыԥшыз, аха акрыздыруаз, кыр зылшоз, ишеишеиуа агә ду зызҭаз уаҩын".
Уи иҭахын иԥсадгьыл дуи, ижәлари, иаамҭеи иҵегь гәык-ԥсыкала амаҵ рзиурц, иҵегь драцәажәарц, иҵегь ргәы ҟаиҵарц, иҵегь ижәлар рыбжьы дирҳарц, иара ихаҭа ишиҳәаз еиԥш:
… Иахьа дыҟам,
Уи ауаҩ, дҳалагылам.
Аха дыҟанаҵ дыҟан, дыҟоуп,
Ҳгәы дҭынҵәом бзанҵгьы…
Еицырдыруа ахьыӡқәа: Аԥҳазоу апоет, апрозаик Алықьса Лашәриа изкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.11.2022
Арадио
Еицырдыруа ахьыӡқәа: Аԥҳазоу апоет, апрозаик Алықьса Лашәриа изкны
Ажәабжьқәа зегьы
0