Урыстәыла АШәМ 300 рҟынӡа абџьар рымхын маӡала абџьар ҟазҵоз раанкылараан

© Sputnik / ЦОС ФСБ РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФСБ предотвратила теракт в Крыму
ФСБ предотвратила теракт в Крыму - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.11.2022
Анапаҵаҩра
Ирымхуп атәылаҿтәи аиԥш аҳәаанырцәтәи иара убас, Аџьынџьтәылатә еибашьраантәи абџьар рҿырԥшқәа.
АҞӘА, абҵара 22 - Sputnik. Урыстәыла АШәМ 300 рҟынӡа абџьар аадырԥшит маӡала абџьар ҟазҵоз раанкылараан Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәа рҿы. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ.

"Урыстәыла АШәМ, Урыстәыла ААР, Росгвардиа реицхыраарала иаԥырҟәҟәаауп атәыла 31 субиект рҟны 68-ҩык ауааԥсыра рзакәанҿагыларатә ус. Арҭ ауаа маӡалатәи аҟазарҭақәа рҿы абџьар ҟарҵон аҭирзы. Абџьари аџьаԥҳани ахьыҟарҵоз 31 ҟазарҭа русура аанкылоуп", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аҟазарҭақәа ирымхуп: атанкҿагыла шәақь ПТРД, ахыԥсаҟьагақәа хԥа, 22 автомат, 14 тапанча-хыԥсаҟьагақәа, 114 винтовокеи карабини, 150 револьвер, 50-миллиметра згәыцә ыҟоу аминаршәга, 83 артиллериатә хгәыцәи минеи, 51 напылатә гранатақәа, 15,2 нызқь хеиқәыршәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0