Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭа иргәаладыршәеит Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз

© Sputnik / Бадри Есиава В Гудауте почтили память жертв Латской трагедии
В Гудауте почтили память жертв Латской трагедии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2022
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәсазы Қырҭтәылатәи архәҭақәа иҭадырхеит 87-ҩык ахҵәацәа зықәтәаз амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь аҟынтәи Гәдоуҭаҟа иԥрыз авертолиот.
ГӘДОУҬА, ԥхынҷкәын 14 – Sputnik, Бадри Есиава. Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз ргәалашәара иазку ауснагӡатәқәа мҩаԥысит ԥхынҷкәын 14 рзы.
Аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аиҳабыра рлахәылацәа, Апарламенти араионтә еизарақәеи рдепутатцәа, ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа, иҭахаз аибашьцәа ранацәа, ауаажәларра.
Ашьха қыҭа Лаҭа иахьаҵанакуаз, ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәсазы Қырҭтәылатәи архәҭақәа иҭадырхеит 87-ҩык ахҵәацәа зықәтәаз амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь аҟынтәи Гәдоуҭаҟа иԥрыз авертолиот. Мчыбжьык ашьҭахь ауп ианалша урҭ рыԥсыбаҩқәа Гәдоуҭаҟа рнагара, Осман Гәынба ихьӡ зху апарк аҿы анышә рамадара.
Агәалашәаратә митинг аартуа агазеҭ "Бзыԥ" аредактор Лавренти Гәбаз иазгәеиҭеит ари арыцҳара атәыла зегьы ацәа ишҭанарӡыӡаз, аха ақырҭуа ар рыцәгьоура адунеитә еилазаара ҽырдагәа ҟаҵаны ишаҩсыз.
"Усҟан Едуард Шеварднаӡе дызхагылаз ақырҭцәа мцҳәарыла рхы рыхьчон. Аха адунеи аҿы иҟоу иашак ауп. Лаҭатәи ахҭыс адунеи зегьы ирзаанарԥшит аԥсуаа рықәгара иазырхаз ақырҭуа фашизм аполитика. Ҳара ибзианы иаҳгәалашәоит ари амш. Иаҳгәалашәоит ҳадгьыл иқәкьасоз алаӷырӡ. Иаҳгәалашәоит ажәҩан кылызҵәоз агәынқьбжьқәа", - иҳәеит Гәбаз, анаҩс минуҭктәи аҿымҭра рылеиҳәеит.
© Sputnik / Бадри ЕслиаваГәдоуҭа иргәаладыршәеит Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз
В Гудауте почтили память жертв Латской трагедии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2022
Гәдоуҭа иргәаладыршәеит Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз
Ареспублика ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба иазгәеиҭеит Лаҭатәи арыцҳара ахааназ аԥсуа жәлар рзы имӷьаӡо хьааны ишаанхаз.
"Ҳҭоурых асеиԥшҵәҟьа рыцҳара агәалашәом. Иҭахаз реиҳараҩык ҭынч уааԥсыран. 35-ҩык ахәыҷқәеи зцәа зтәымыз ааҩык аҳәсеи рылан. Лаҭатәи арыцҳара иаланҵәаз рыхьӡқәа амемориал аҟны иагәылаԥҟоуп", - ҳәа иҳәеит Гәынба.
Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра амузеи адиректор Гәыгәыца Џьыкырԥҳа еизаз рахь аҳәара ҟалҵеит авертолиот иҭанҵәаз рҭаацәарақәа ацхыраареи адгылареи рырҭаларц, атәыла ауааԥсыра рахь аҳәара ҟалҵеит шықәсык ахь знык акәзаргьы Гәдоуҭеи Лаҭеи амемориалқәа ирҭааларц.
ОВНА - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2022
Аԥсны
Ишьаарҵәыроу арыцхә: Лаҭатәи арыцҳара иазкны
Џьыкырԥҳа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа диҳәеит вертолиот аԥҽыхахәҭақәа гәдоуҭатәи амузеи ахь аагара алиршарц. Тҟәарчалтәи араионтә еизара ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Георги Харчлаа иқәгылараҿы иҳәеит ауаатәыҩса иранаужьша рацәоуп, аха агәалашәара мап ацәкра цәгьоуроуп ҳәа.
Аибашьраан аԥсра зегь шашьцылахьазгьы 87-ҩык ауаа аамҭакала реицыԥсра атәылеиԥш апрогрессив уаажәларрагьы рцәа иҭанарӡыӡеит ҳәа иҳәеит иара.
"Авертолиот иҭанҵәаз ахәыҷқәа рира рыцхәқәа анубо угәы ҿкаауеит 35 хәыҷы, ҿыц иизи ҿыцныҟәара иалагази назлоу. 15-ҩык рҭаацәарақәа рҿы рыда дрымамызт. Ааҩык аҳәса аа-ԥсҭазаарак адунеи ақәҵара иазыԥшын. Ҳәарада, агәалашәара урҭ рыԥсқәа азыргьежьуам, аха агәалашәара зыԥсы ҭоу рзы исаркьалбжьызароуп", - иҳәеит Харчлаа.
Аԥсны аҭоурых ашьаарҵәыра мҩа изныкымкәа илсхьан, аха 30 шықәса раԥхьа иҟалаз Лаҭатәи арыцҳара зегьы ирылукаартә иҟалеит ҳәа иҳәоит адепутат Аслан Лакоба. Иара игәалаиршәеит урҭ амшқәа рзы анацәа рыҵәаабжь геи-шьхеи шеимнадоз. Амитинг ашьҭахь ахада Аслан Бжьаниеи акциа алахәылацәеи иҭахаз ргәакьацәа ирыдышшылеит. Ари аҭыԥ аҿы ирхиан агәалашәаратә еишәа.
Гындиаԥҳа Лаҭатәи арыцҳаразы: ахәыҷқәа ранацәеи дареи рылахь акгьы анӡамызт - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2022
Арадио
Гындиаԥҳа Лаҭатәи арыцҳаразы: ахәыҷқәа ранацәеи дареи рылахь акгьы анӡамызт
Ажәабжьқәа зегьы
0