Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Амузыкатә проект "Аpsny-Star" ахь алԥшаарақәа ирылагеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Кастинг на ApsnyStar
Кастинг на ApsnyStar - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.12.2022
Анапаҵаҩра
Апроект "Аpsny-Star" хықәкыс иамоуп аԥсуа естрада аҿиара аҭара, аҟыбаҩ змоу аҿар ралԥшаара, аԥсуа ашәа аларҵәара.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 – Sputnik. "Аpsny-Star" ахь алԥшаарақәа ирылагеит Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ аԥшьаша, ԥхынҷкәын 15 рзы.
"Аpsny-Star" ахь алԥшаарақәа инарықәыршәаны иалахәхар зҭаху қәрала 16 шықәса иреиҵамзароуп, ашәак рҳәароуп. Аицлабра ажиури иалахәуп акомпозитор Анри Гәымба, апроект апродиусерцәа Роланд Бганбеи Ҭемыр Аршбеи.
Алыԥшаара алахәылацәа шшәаӡыӡоз атәы рӡомызт.
Саида Аҭеиԥҳа 16 шықәса лхыҵуеит, Пицундантәи дааит.

"Сҽазкны ашәа сҳәом, ҩба-хԥа шықәса ҵуеит схала схы сацхраауеижьҭеи. Ҳәарада сгәы хыҭхыҭуеит аха асценахь сцәырҵыр сыҽсырҭынчып ҳәа сгәыӷуеит. Рацәаӡак сазыԥшым избанзар ара ашәа зыԥсҭазаара иадызҳәало рацәаҩуп", - ҳәа лҳәеит лара.

"Аpsny-Star" аԥхьатәи асезон аекранқәа рахь ицәырган жәашықәса раԥхьа. Усҟан Инесса Григолиаԥҳа жәшықәса ракәын илхыҵуаз.
"Фышықәса ҵуеит ашәа сҳәоижьҭеи, исҭахын сыҽԥысшәарц. Апрект аӡбахә ансаҳа схы аласырхәырц сҭаххеит. Галуст Качкониан иашәа "Молодые голоса" насыгӡоит", - ҳәа еиҭалҳәоит Григолиаԥҳа.
Пресс-конференция организаторов музыкального телепроекта Апсны- Star - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.11.2022
Аԥсны
Аиҭарҿыцра: апроект "Аԥсны-Star" жәашықәса рышьҭахь ихынҳәит
Аицлабра х-сезонкны еихшоуп, шықәсык инацны ицоит, 15-15 ҩык сезонцыԥхьаӡа иқәгылоит. "Аpsny-Star"аԥхьатәи аконцерт мҩаԥгахоит 2023 шықәса жәабранмзазы.
Апроект аҟны аиааира зго аԥхьахә ҳасабла Гнесинаа рыхьӡ зху амузыкатә академиа аҿы хәыдаԥсада аҵараз алшара иоуеит. Уи адагьы амузыкатә проект алахәылацәа рзы Аԥсни уи анҭыҵынтәи иааԥхьахо аҟазауаа аҟазаратә классқәа мҩаԥыргалоит. Уи асоциалтә ҳақәа рыла иддырбалоит.
Апроект "Аpsny-Star" Аԥсны акультура аминистрра адгыларала еиҿкаауп. Аспонсор хада – амобилтә еимадара "Аквафон". Sputnik Аԥсны апроект "Аpsny-Star" аинформациатә ӡыргараҟны адгылара анаҭоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0