Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: аҳҭнықалақь аҿы амцакрақәа, ауаҩшьра, аҳаирбаӷәаза аҿиара аплан аӡыргара

© Sputnik / Томас Тхайцук Поездка в Сухумский аэропорт
Поездка в Сухумский аэропорт  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.12.2022
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ԥхынҷкәын 19-25 рыҩнуҵҟа иҟалаз ахҭысқәа инарылукааша реизак.
Владислав Арӡынба ихьӡ зху аҳаир баӷәаза иахьатәи аҭагылазаашьа, асезонтә еимҳәа, аҳҭнықалақь аҟны амцакрақәа, Аҟәа аныҳәамшқәа мҩаԥысраны ишыҟоу - Sputnik ахҳәааҿы.

Аԥырра аҽазыҟаҵара

Владислав Арӡынба ихьӡ зху аҳаирбаӷәаза шьаҿа-шьаҿала аҿиара ауснагӡа ӡырган Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы. Аӡыргараҟны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба иазгәеиҭеит апроект аҵак ду шамоу. Атәылаз аҵак ду змоу ари апроект анагӡара Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ҷыдала хылаԥшра аиҭоит иҳәеит Гәынба.
Агәрагара ҳамоуп алҵшәақәа шҵоурахо ҳәа иҳәеит иара.
Аэропорт Сухум им. В.Г. Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.12.2022
Аԥсны
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҿиара аплан ӡырган Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы
Уаанӡа Москва имҩаԥысыз X афорум "Урыстәылеи Аԥсни русеицура" аҟны иҳәан аусурақәа 2024 шықәсазы ихыркәшаны , 2025 шықәсазы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳаиреимадара ахацыркра шазгәаҭоу.
Аиҭашьақәыргылара ашьҭахь абаӷәаза сааҭк аҩнуҵҟа 400-ҩык, шықәсык аҩнуҵҟа х-миллионҩык апассаџьырцәа аднакыло иҟалоит.

Аԥсны АШәМ аиубилеи

Ԥхынҷкәын 20 рзы Аслан Бжьаниа Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәеи аветеранцәеи аусбарҭа аԥҵоижьҭеи 30 шықәса аҵра рыдиныҳәалеит.

"Ихьанҭаз аамҭақәа рзы иаԥҵаз аусбарҭа аҿаԥхьа иқәгылаз ахықәкқәа ҳаракыла инанагӡоит. Иахьатәи аамҭазы шәусура атәыла ашәарҭадара ахьчара иазырхоуп, уи иабзоураны ҳтәылауааи ҳасасцәеи ҳҳәынҭқарраҟны ишыхьчоу рныруеит", - аҳәоит адныҳәалараҿы.

1992 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Аԥсны АССР КГБ ахьӡ ԥсахын Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ҳәа.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.12.2022
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аԥҵоижьҭеи 30 шықәса аҵра рыдиныҳәалеит

Аҭынчра уҭахызар…

Ииасыз амчыбжь азы Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба ахада инапынҵа инақәыршәаны атәылахьчаратә ҵакы змоу аргыларақәа рҭагылазаашьа гәеиҭеит. Агәаҭарақәа мҩаԥысит амобилизациа аҽазыҟаҵарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аусутә ныҟәара иалахәын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ аинрал-леитенант Владимир Савченко, атәылахьчареи ашәарҭадареи рзы апарламенттә еилакы ахантәаҩы Ҭемыр Шергьелиа, Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба.
Вице-президент провел осмотр состояния объектов оборонного значения - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.12.2022
Аԥсны
Ахада ихаҭыԥуаҩ атәылахьчаратә ҵакы змоу аобиектқәа рҭагылазаашьа гәеиҭеит

Аусутә ныҟәарақәа

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба усутә ныҟәарыла Москвеи Минскҟеи дцеит ашәахьа ԥхынҷкәын 19 рзы. Адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы Урыстәылеи Белоруссиеи раҳҭнықалақьқәа рҿы имҩаԥысраны иҟоу аиԥыларақәа рҿы актуалтә зҵаарақәа дрылацәажәараны дыҟоуп.
Аҩаша, ԥхынҷкәын 20 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аколлектив анапхгаҩ ҿыц Алхас Кәыҵниа дыдирдырит.

Асезонтә еимҳәа

Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева ареспубликаҿ асезонтә еимҳәа шалаҵәо атәы еиҭалҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны. Иахьатәи ала алабораториатә ҭҵаарақәа ишьақәдырӷәӷәахьеит 278 хҭыс – аимҳәа, урҭ рҟынтәи 22 хәыҷқәоуп.
"Ииасыз амчыбжь азы ахьҭа ӷәӷәа рылаланы ахәыҷтәы хәшәтәырҭеи, ахәыҷтәы поликлиникеи, аҿкчымазаратә хәшәтәырҭеи рахь иадҵаалеит 815-ҩык", - лҳәеит лара.
Асезонтә еимҳәа еиҳарак иахылҿиаауа агәаҵәкроуп ҳәа лҳәеит Аԥсны атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа. Лара ишылҳәо ала, еиҳарак уи зызцәырҵуа уаанӡа акоронавирустә инфекциа зхызгаз роуп.
Лекарственные препараты и градусник для измерения температуры - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.12.2022
Аԥсны
Аԥсны асанитартә ҳақьым хада ареспубликаҿ асезонтә еимҳәа шалаҵәо атәы еиҭалҳәеит

Аԥснынтәи гәык-ԥсыкала

Шә-тоннак ацхырааратә еидара ДЖәР, ЛЖәР, Херсонтәии Запорожтәии аобластқәеи рахь инагоуп Аԥсны ахада иҟаиҵаз анапынҵала.
Аԥсны АҶА аиҳабы Лев Кәыҵниа аԥыза-министр изеиҭеиҳәеит агуманитартә еидара агара аихшьаалақәа ртәы. Иара еиҭеиҳәеит ацхырааратә еидара ахәҭак ахәыҷбаҳчақәеи зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа рзы ашколқәеи ишырзыршаз.
Абхазия отправила сто тонн мандаринов на Донбасс - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.12.2022
Аԥсны
Аԥснынтәи шә-тоннак аидара ДЖәР, ЛЖәР, Херсонтәии Запорожтәии аобластқәеи рахь инагоуп
Урыстәыла арегион ҿыцқәа амандарина рзышьҭразы, Аԥсны араионқәа зегь рыҟны аизгараз аҭыԥқәа аартын ԥхынҷкәын 5 инаркны. Зынӡа еизган шә-тоннак инареиҳаны амандарина.
Аидара урыстәылаҟа агараҿы аԥсуа еиқәырхаҩцәа ацхыраара рырҭеит "Агвардиа ҿа" аволантиорцәа. Урҭ Урыстәыла арегион ҿыцқәа Донецк, Луганск, Херсонтәии Запорожтәии аобластқәа рыҟны ацентрқәа аадыртит.

Аҳҭнықалақь аҟны аныҳәамшқәа

Аҟәа ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа раан аԥсшьаразы иалыркаауа ахырхарҭақәа жәаба ирыҵанакит, заанаҵтәи аҿаҵарақәа рзы урыстәылатәи амаҵзура Tvil.ru иҟанаҵо адыррақәа инарықәыршәаны.
Аԥсны аҳҭнықалақь аабатәи аҭыԥ ааннакылеит. Еиҳа иалыркааз ахырхарҭақәа иреиуоуп Шәача, уаҟа аҿаҵарақәа 12% иартәоит. Аҩбатәи, ахԥатәи аҭыԥ ргеит Кисловодск - 3,2%, Гәыбаадәы - 2,3%.
Новогодние украшения Сухумской елки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.12.2022
Аԥсны
Аҟәа ақалақь ахадара ашықәсҿыцазтәи аныҳәатә уснагӡатәқәа шьақәнарӷәӷәеит
Иара убри аамҭазы, Аҟәа ақалақь ахадара ашықәсҿыцазтәи аныҳәатә уснагӡатәқәа шьақәнаргылеит. Ахақәиҭра ашҭаҿы игылоу аԥсаӡ аныҳәатә ҟазшьа аҭаны иаадыртит ԥхынҷкәын 25 асааҭ 18:00 рзы. Ԥхынҷкәын 26 инаркны Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҟны имҩаԥыслоит аконцертқәа, аџьармыкьақәа.
Ашықәс ҿыц ауха Аҟәа ауааԥсыреи асасцәеи афеиерверк, аныҳәатә гәалаҟазаара, шьыжьынӡа адискотека рзыԥшуп. Еиҳа инарҭбааны ауснагӡатәқәа ртәы аҳҭнықалақь ахадара асаит аҿы.
Открытие елки в Сухуме 25-12-2022 - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.12.2022
Аԥсны
Аԥсны ашықәсҿыцазтәи аԥсаӡ хада аҿаркит аҳҭнықалақь аҿы

Амцакрақәа аҳҭнықалақь аҿы

Амцакра ҟалеит ахатәы школ "Алашара" ("Свет" - аред.) аҟны. Акласстә уадақәа руак аҿы адашьма амца акит, ауада алҩа ҩначит.
Амцакра ахьыҟалаз аҭыԥ ахь асааҭ 09:23 рзы амцарцәаҩцә ргәыԥқәа ҩбеи аиқәырхаҩцәа ргәыԥки неит. Амца ирласны идырцәеит.
Ԥхынҷкәын 21 рзы ахәаахәҭратә цәаҳәақәа Grand Bazaar рҟны амцакра ҟалеит. Амца ахы хәыҵнагеит ашьыжь, асааҭ 06:30 рзы. Аҭыԥ ахь инеит амцарцәаратә гәыԥқәа хԥеи аиқәырхаратә бригадеи.
Амца ахы ыҵнахит ахәаахәҭратә павильонқәа руак аҿы, анаҩс ааигәа игылақәаз ахыбрақәа рахь ииасит. Амцакра амзызқәеи амҽхаки аҟазауаа иҭырҵаауеит. Ауааԥсыра рҟынтә аӡәгьы ԥырхага имам.

Гыгшәыграла ауаҩшьра

Шьамтәыла атәылауаҩ Халил Амер, аамҭала Аҟәа инхо, гәымбылџьбарала аԥҳәыс дишьит ҳәа агәызҩара ыҟоуп ҳәа адырра ҟанаҵеит Апрокуратура хада асаит.
Аусбарҭа адыррала Амер Аҟәа, Тоннельнаиа амҩаҿы ҩнык аҿы ицынхоз Ольга Лиутова дишьит.
Ԥхынҷкәын 19 асааҭ 18:05 рзы Амер Лиутова хыԥхьаӡара рацәала ахәрақәа лиҭеит, урҭ ирыхҟьаны лара лыԥсҭазаара далҵит. Иҟалаз зыхҟьаз ҳәа аӡбахә ҳәоуп "реизыҟазаашьа бааԥсқәа ирыхҟьаз аимак".
Халил Амер аамҭалатәи аанкыларҭахь днагоуп. Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаус хацнаркит АА АЗ ахәҭаҷ 99 ахәҭа 2 апункт "д" иазԥхьагәанаҭо ацәгьоураз.
Избрание меры пресечения И. Гаврикову, попавшему в ДТП с автобусами военных - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.12.2022
Аԥсны
Аԥҳәыс дишьит ҳәа агәызҩара ззыҟоу Шьамтәыла ауаҩԥсы даанкылоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0