Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәатәи ашколқәа руак аҟны зхы иамыхәо ахәыҷқәа рзын алифт арҭеит

© Sputnik / Томас Тхайцук АСИ передал третей школе подъемник для детей
АСИ  передал третей школе подъемник для детей - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2023
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи 3-тәи абжьаратә школ еиҭашьақәыргыланы аусура иалагеит 2017 шықәсазы. Аха уаҟа иҟамызт зхы иамыхәо акәырҷыжь иантәалоу ахәыҷқәа рзын алифт.
АҞӘА, ажьырныҳәа 19 – Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Аҟәатәи 3-тәи абжьаратә школ аҟны ишьақәыргылоуп зхы иамыхәо ахәыҷқәа рзын алифт, абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит "Аинвацхыраара" Ассоциациа ахантәаҩы Алхас Тхагушев.
Аҟәатәи 3-тәи абжьаратә школ еиҭашьақәыргыланы аусура иалагеит 2017 шықәсазы. Аха уаҟа иарбамызт зхы иамыхәо акәырҷыжь иантәалоу ахәыҷқәа рзын аҩбатәи аихагылахь ихазгалоз алифт. Тхагушев иажәақәа рыла, ари аԥсуа школқәа рыҟны раԥхьатәи лифтуп.

"Рыцҳаран иҟоу, ҳара алшара ҳамам ас еиԥш алифтқәа школцыԥхьаӡа аҟаҵара. Ҳара аус аауеит иалкааны, уажәшьҭа иаҳдыруеит уи ада ԥсыхәа змам ахәыҷқәа аҵара ахьырҵо ашколқәа. Раԥхьа иргылан убарҭ ашколқәа лифтла еиқәыршәатәуп. Аҟәатәи 3-тәи ашкол аҟны, шықәсқәак раахыс акәырҷыжь иантәалоу ахәыҷы аҵара лҵоит. Лара есыҽны аурокқәеи аспортзали рышҟа лнеираз аџьа лбон. Ҳара уи ангәаҳҭа иҳаӡбеит алифт ашьақәыргылара. Уажәы уаҟа, лара леиԥш иҟоу иҵегь ахәыҷқәа аҵара рҵоит. Ҳара иаҳуалу аҭагылазаашьа бзиа рзаԥҵара ауп", - ҳәа азгәеиҭеит Тхагушев.

Ари апроект мҩаԥган Еиду амилаҭқәа реиҿкаара аизҳара апрограммеи, Аҟәа ақалақь ахадареи, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси, Москва иҟоу аԥсуа диаспореи, аилахәыра "Лифт-сервиси" рыцхыраарала. Ашкол аҟны алифт ашьақәыргылара иақәхарџьуп 970 нызқьмааҭ.
Тхагушев иажәақәа рыла, ашкол аҟны иара убасгьы ихымԥадатәиуп аханатә ииашамқәан ишьақәдыргылаз апандусқәа рырҿыцра.
Тхагушев иҳәеит "Аинвацхыраара" Ассоциациа иалшо зегь шыҟанаҵо, Аԥсны раионцыԥхьаӡа школк иадымхаргьы зхы иамыхәо ахәыҷқәа рзын алифт аҭара.
Ажәабжьқәа зегьы
0