Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Габелаиа Очамчыра амаининг аԥырҟәҟәааразы: ҳазлаҟоу ала аӡәы ихы ҳаршьышьуа зыҟалаӡом

Габелаиа Очамчыра амаининг аҿагыларазы: ҳазлаҟәоу ала аӡәы ихы ҳаршьышьуа зыҟалаӡом
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала закәаншьаҭада акриптовалиута арҳара аԥырҟәҟәааразы Ареспубликатә штаб аԥҵоуп. Очамчыра ахада ихаҭыԥуаҩ Артимон Габелаиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, араион аҿы амаининг аԥырҟәҟәааразы имҩаԥысуа аусура атәы.
Ҳраион аҿы быжь-сааҭк аамҭеихшала алашара дырцәоит, ақәыӷәӷәарақәа злаҟоу ала аамҭа еиҭа иацлар алшоит ҳәа азгәеиҭеит Габелаиа.
"Имҩаԥгаз аизараҿы аусура арӷәӷәара азыӡбан. Иацы Аҽгәара амаининг фермақәа ԥшаан. Ауаа ирымхны Аҟәаҟа иган. Хыԥхьаӡарала аҩҭыԥк рҿы 140 рҟынӡа инаӡон. Еиҭа Река ақыҭан аҩнаҭаҿы аус зуаз аҿыхын. Уаҟагьы 30 цыра ықәгылан. Зегьы ишахәҭоу иҭаҩны ирымхын. Уажәы еиҭа адырра ҳауит ақалақь аҿы ишыԥшаахаз фермак. Макьана изтәу рхаҭара шьақәыргылаӡам", - ҳәа адырра ҟаиҵеит Габелаиа.
Очамчыра ахада ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла уаанӡа ҩба-хԥа змаз рыҟны ҳалақәа хаҳҩозҭгьы, уажәы ус еиԥш ҟарҵаӡом, хцырак змазгьы имаҳҳит ақалақь аҿы ҳәа иҳәеит Габелаиа.
"Ҳахьыҟаз аҿагыларақәа ҟарҵеит. Арцәаразы акәым, ахаҭа иахьрымаҳхуаз, аха иага ус иҟазаргьы ирымхын. Аусбраҭақәа, мамзаргьы араион, ақыҭа ахадарақәа рҿы аус зуа рҿы иԥшаахаргьы ишахьырхәхо ала ргәырҽынҵоуп. Уажәы ҳҭагылазаашьа злаҟоу ала аӡәы ихы ҳаршьышьуа изыҟалаӡом", - ҳәа инаҵишьит Габелаиа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0