Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ихьӡ кашәара ақәымызт": Шьатыгә Алшәындба илахьынҵа шеилкаахаз

© Foto / из архива семьи АлшундбаШьатыгә Алшәындба
Шьатыгә Алшәындба - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2023
Анапаҵаҩра
1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду зықьҩыла ҳауаажәлар рлахьынҵаҟны ашәахста ннажьит. Еиҭымнатәит ахәыҷқәа, мгәарҭа иҟаз асабицәа. Иахьа зыӡбахә сымоу аибашьра аветеран Шьатыгә Иуана-иԥа Алшәындба, иԥеи иԥҳаи раб илакҭа афотосахьала ауп ишырдыруаз. Иара афронт ахь данырга нахыс ихабар еилкаамызт. 15 шықәса раԥхьа ихшара ишьақәдыргылеит Волгоград аешьаратә ԥсыжырҭаҟны ибаҩ шамоу. Шьатыгә иԥазаҵә Владимир изаамҭанымкәа идунеи иԥсахит, аха аветеран иҭоурых хәыҷ сзеиҭеиҳәеит Владимир Алшәындба анрыла иашьа Лаврент Гәбаз.
Никәала Хагәышь - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.10.2022
"Аби аԥацәеи": Никәала Хагәышь ихшареи иареи рҭоурых
Аамҭала Бзыԥҭа аҳаблан, анцәа ишиҳәара зыбзазара еиҿкааз, зҭаацәа рыла згәы дууз анхацәа Иуана Алшәындбеи Асима Хәытԥҳаи ԥхыӡ ирбаргьы ихарҵарымызт, зныҭрыс ҩыџьа рԥацәеи рыԥҳазаҵәи иқәрахьымӡаны рыԥсҭазаара ҿахҵәоит ҳәа. Аҭаацәара ррыцҳара иԥҭа еиқәаҵәаны ирхагьежьит аҭоурыхтә хҭысқәа ирхырҟьаны. Рыԥҳа чымазарала лдунеи лыԥсахзар, аҷкәынцәа аполитикатә репрессиақәеи аибашьреи ирылаӡит.
Аишьцәа Шьатыгәи Ҭышькәеи Иуана-иԥацәа аҭаацәара ианалалагьы еиҿымҵкәа раб игәараҭа еицынхон. Шьатыгә инасыԥхаз Дагәҷа Махариаԥҳаи иареи аԥеи аԥҳаи рааӡон, Ҭышькәа иԥшәмаԥҳәыс Марушьа Барганџьиаԥҳаи иареи ракәзар, урҭгьы ӡӷабки ҷкәынаки рыман.
Алшәындаа рашҭа раԥхьатәи арыцҳара ҭалеит 1937 шықәсазы. Сталини Бериеи рполитика хәашь иахырҟьаны Ҭышькәа ажәлар раӷа ҳәа дырбаандаҩны дҭаркоит. Гагра, Абааҭатәи абахҭаҟны дырҳәацәо аума изаарцоз. Ҭышькәа иоуз аахақәа игәабзиара анырра арҭеит, анаҩс "ари усгьы хара инеиуа иакәым" ҳәа доурыжьуеит. Ус хара имгакәагьы иԥсҭазаара далҵуеит. Ҭышькәа иԥсра зызхымгоз аҭаацәа даҽа рыцҳарак рзыԥшын. 1941 шықәсазы Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аналага, афронт ахь ишьаҿа анеихига нахыс ихабар кацәеит Шьатыгәгьы. Уи аамҭазы иԥҳа Лиудмила шықәсыки бжаки ракәын илхыҵуаз, иԥа Владимир мгәарҭа дыҟан.
Аслан Ҳагба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.10.2022
Аԥсны
"Аибашьра Ду ибжанатәыз": Аслан Ҳагба иԥсы шеиқәхаз иазкны
Дагәҷа Махариаԥҳаи Марушьа Барганџьиаԥҳаи аиҳәшьцәа реиԥш бзиа еибабон. Рхатәы мчла ахәыҷқәа рааӡон. Аха аамҭа цәгьа иахылҿиааз амлакреи ахьҭакреи ирзымиааит аҳәсеибацәа. Уи аԥхьаҟа рыԥшәмацәа шәхык арахә ааӡаны шәкы абна иларҵозтгьы, уажәы амчымхара рыхьӡеит. Дагәҷа лысабицәа лыманы лан лахь Оҭҳараҟа дцеит. Лашьазаҵә Џьота усҟан аибашьраҿы хабарда дыбжьаӡхьан. Ажәакала Дагәҷа лани лареи изларылшоз ала махәҿыла акрауны ахәыҷқәа ршьапы иқәдыргылоит ҳәа иаҿын.
"Ус ишыҟаз, ихаҵеибаз, Дәрыԥшь инхоз Шьақьыр Гәбаз иԥсҭазаара лыцеиҩишарц иӡбеит Дагәҷа. Агәрагьы лиргеит иԥҳа хәыҷы леиԥш, лара лыхшарагьы идкыланы ишиааӡо. Зыбзазара ҭышәынтәаламыз Дагәҷа, ахәыҷқәа ирзеиӷьхоит ҳәа дақәшаҳаҭхеит. Анаҩс сиит сара. Ҳҭаацәа убас ҳәоуеиқәшәала ҳаицынхон, краамҭагьы исыздыруамызт Лиудмилеи Владимири сареи ҳабацәа хазуп ҳәа. Ииашацәҟьаны саб рыцҳа ихатә хшара реиԥш дырзыҟан. Сашьеи саҳәшьеи ианрызҳа, рашьцәа Алшәындаа рахь Бзыԥҭаҟа ианцалоз, саргьы сыргон. Иахьа уажәраанӡагьы абзиабареи апатуеиқәҵареи ҳабжьоуп Алшәындааи сареи", - еиҭеиҳәоит Лаврент Шьақьыр-иԥа Гәбаз.
Дагәҷа лхы аразҟы аналҭагьы, Марушьеи лареи реибабара ԥкымхеит. Агәакьацәа реиԥш еибабон. Марушьа лхәыҷқәа ианрызҳа, лабхәа игәараҭахь дхынҳәит. Ҩаԥхьа ахәшҭаарамца еиқәылҵеит. Иахьа уажәраанӡагьы урҭ акәицқәа еиҵагылаз абиԥара ргәы арԥхоит.
15 шықәса раԥхьа, Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аан хабарда ибжьаӡыз рхаҭара ашьақәыргылара алыршахеит ҳәа аишьцәа Владимир Алшәындбеи Лаврент Гәбази адырра анроу, иашьҭалеит ари аус. Владимир иаб Шьатыгә Иуана-иԥа 1942 шықәсазы дышҭахаз, Волгоград аешьаратә ԥсыжырҭаҟны ибаҩ шамоу еиликааит. Лаврент, хабарда ибжьаӡны иҟаз ианшьа Џьота Кьагәса-иԥа Махариа 1942 шықәсазы Керч дышҭахаз, иара уаҟагьы анышә дшамадоу ҭиҵааит.
"Сашьеи саҳәшьеи раб Шьатыгә Алшәындба илахьынҵа ахьеилкаахаз саргьы сгәы арҭынчит. Уажәшьҭа еиҵагылаз абиԥара ҿа рабду дфырхаҵаны дышҭахаз, ибаҩ ахьамадоугьы рымдыруеи", - иажәа иациҵоит Лаврент Шьақьыр-иԥа.
Ари ажәабжь хәыҷ зыхҳәаау Шьатыгә Иуана-иԥа Алшәындба илахьынҵа хымԥада сгәы арԥшааит, аха убасгьы сгәы ҟанаҵеит, иԥшәма Дагәҷа аҩбатәи ллахьынҵантә ииз Лаврент Гәбаз иашьеи иаҳәшьеи раб игәалашәара ҳаҭырла дахьазыҟаз.
Обучение бойцов перед отправкой на фронт - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2022
Аԥсны
"Дҭахеит ҳәа ашәҟәы аахьан": Арзаабеи Смыр иеибашьратә нысымҩа
Ажәабжьқәа зегьы
0