Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Владимир Путин Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш идиныҳәалеит

© Foto / Администрация Президента Республики Абхазия Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2023
Анапаҵаҩра
Жәабран 23 рзы аҳәынҭқаррақәа жәпаки рҿы иазгәарҭоит Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш.
АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла ахада Владимир Путин Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш идиныҳәалеит.
Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит, Урыстәыла Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хадак иҳасабала Путин, атәыла ахьчараҿ аус ду шынеигӡо.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра ашьақәгылареи ашәарҭадара арӷәӷәареи русхк аҟны Урыстәылатәи Афедерациа ацхыраара ахәшьара ҳаракӡоуп" - аҳәоит анашьҭымҭаҿы.
Ахада Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа зегьы ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, Владимир Путин – аиааира ҿыцқәеи агәабзиара зҩыдеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0