Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Апарламент аҵыхәтәантәи аԥхьарала "Ақыҭанхамҩа азы" азакәан аднакылеит

© Sputnik / Бадрак АвидзбаСессия в парламенте
Сессия в парламенте  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2023
Анапаҵаҩра
Азакәан азы рыбжьы арҭеит 25-ҩык адепутатцәа, ҩыџьа рыҽныркылеит.
АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. Аԥсны Апарламент аҵыхәтәантәи аԥхьарала "Ақыҭанхамҩа азы" азакәан аднакылеит.
Уи инақәыршәаны ари аусхк аҿиара есышықәса иазоужьхалароуп 5% ареспубликатә биуџьет аҟынтәи.
Азакәан атәылауааи ааглыхыҩцәеи аиурист хаҿқәеи, аиурист хаҿқәеи аҳәынҭқарратәии ахаланапхгараҭаратәии усбарҭақәеи ақыҭанхамҩа аҿиара азҵаарақәа рҟны реизыҟазаашьақәа ҳәаақәнаҵоит.
Иара убасгьы азакәан ишьақәнаргылоит ақыҭанхамҩа аусхк аҟны аҳәынҭқарратә политика анагӡара ашьаҭақәа.
Азакәан иахықәкуп ақыҭанхамҩа арҿиара, ақыҭанхамҩатә политика аҳәаақәҵара, атәылауаа рзы ари аусхк аҟны ихымԥадоу азинтә шьаҭақәа реиҿкаара.
Ажәабжьқәа зегьы
0