Ҟрымтәи ацҳа автомҩатә хәҭа шьақәыргылоуп

© Foto / Инфоцентр "Крымский мост"Крымский Мост
Крымский Мост - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2023
Анапаҵаҩра
Ацҳаҿы аусурақәа 4,5 мзы рыла, иарбаз аҿҳәара иаԥганы ихыркәшахеит.
АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. Ҟрымтәи ацҳа автомҩатә хәҭа шьақәыргылоуп ҳәа аанацҳауеит Росавтодор.
"Автомҩатә хәҭа аиҭашьақәыргылара рнапы алакын 500-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Уи адагьы ацҳа еиҭашьақәдыргылон урыстәылаа зегьы: арегионқәа хԥа рҿы аметалл дырҭәон, апроект Санкт-Петербург аус адыруылон, ацҳа ахаҭаҿы аус руан атәыла зехьынџьарантә аусзуцәа", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Иԥсахуп 1200 тонна аметалл зҭаххаз ацҳа абжьашшара, ишьҭаҵоуп акаҭран, еиҭашьақәыргылоуп алашарақәа, амаакырақәа.
Иазыԥхьагәаҭан наҟ-ааҟгьы атранспорт мшаԥы 3 рзы идәықәырҵарц, аха аҿҳәара иаԥыгоуп.
Жьҭаара 8 асааҭ 06:07 рзы Ҟрымтәи ацҳа автомобилтә хәҭаҿы Тамантәи адгьылбжьахала аганахьала иԥжәан аидарамҩангага машьына, уи иахҟьаны амца ркит, уи иаҩсны Ҟрымтәи адгьылбжьахахь зхы рханы ицоз адәыӷба иацраҳәаз абылтәы цистернақәа быжьба.
Атәыла ашәарҭадаратә усбарҭа иазгәанаҭеит атеракт Украина амаҵзура ҷыдақәа ишымҩаԥыргаз, арратә ԥшыхәра ахада Кирилл Буданов инапхгарала.
Аусҭҵааҩцәа ишьақәдыргылеит арҭҟәацга зқәыз аидарамҩангага ахырхарҭа. Одессантәи Болгариаҟа нас мшынла Қырҭтәылаҟа, уаантәи Ермантәылаҟа, абри ашьҭахь еиҭах Қырҭтәылаҟа ихынҳәит.
Керчтәи аӡыбжьахалаҿ апаромқәа русура еиҿыркааит апассаџьырцәеи аидарамҩангага машьынақәеи рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0