Аҳәса аҟазараҿы: Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы ацәыргақәҵа аадыртит
21:00 07.03.2023 (ирҿыцуп: 21:03 07.03.2023)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Ацәыргақәҵа "Аҳәса аҟазараҿы. Аҭоурыхи иахьатәи амши" азкуп Жәларбжьаратәи аҳәса рымш Хәажәкыра 8.
АҞӘА, хәажәкыра 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ацәыргақәҵа "Аҳәса аҟазараҿы. Аҭоурыхи иахьатәи амши" аатит Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иатәу Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы аҩаша хәажәкыра 7 рзы.
"Ҳара гәахәара дула иааҳартуеит ааԥынтәи ацәыргақәҵа, уи даҽакы иалаҩашьом, избанзар ара ижәбар шәылшоит XX ашәышықәса аҩбатәи азбжаахыс иаԥҵаз 45 усумҭа. Урҭ зегьы еидызкыло ак ауп - дара ҭызхыз асахьаҭыхыҩцәа аҳәса роуп", - лҳәеит Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа.
Ацәыргақәҵаҿы иӡыргоуп аҿыханҵа, аграфика, аскульптура, аҩычагатә ҟазара иатәу аусумҭақәа. Урҭ авторцәас ирымоуп Марина Ешба, Ольга Брендель, Валентина Хәырхәмал, Зоиа Аџьынџьал, Варвара Бубнова, иара убас асахьаҭыхыҩцәа қәыԥшқәа.

1/4
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ацәыргақәҵа "Аҳәса аҟазараҿы. Аҭоурыхи иахьатәи амши" аатит Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы.

2/4
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ацәыргақәҵа "Аҳәса аҟазараҿы. Аҭоурыхи иахьатәи амши" аатит Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы.

3/4
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ацәыргақәҵа "Аҳәса аҟазараҿы. Аҭоурыхи иахьатәи амши" аатит Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы.

4/4

Ацәыргақәҵа аартызаауеит хәажәкыра 16 рҟынӡа. Иара еицеиҿыркааит Москва Аиҳабыра, Аҟәа иҟоу Москва Аҩны, Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла, Амилаҭтә сахьатә галереиа.