Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ухьаҵ, мамзар уҭадырхоит!": Гьаргь Гәлиа игәаларшәаразы

© Foto / из архива семьи ГулиаГьаргь Гулиа
Гьаргь Гулиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.03.2023
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 14 рзы ашәҟәыҩҩы ду Гьаргь Дырмит-иԥа Гәлиа диижьҭеи 110 шықәса ҵит. Инысымҩеи ирҿиареи ртәы апоет Анатоли Лагәлаа ианҵамҭаҿы.
Иҟан аамҭа Асовет Еидгыла ахаан, Гьаргь Дырмит-иԥа Гәлиа еицырдыруаз аурыс шәҟәыҩҩцәа дуқәа рыгәҭа аӷьараҳәа дангылаз, ихьӡ-иԥшагьы даара иҳаракын, иагьиԥхьон, ишәҟәқәагьы тиражрацәала иҭрыжьуан...
Сара ибзиан исгәалашәоит ҳаибашьра ҟалаанӡа ҳредакциа "Алашараҿ" иҳауаз агазеҭ "Литературнаиа газета" иара аус ахьиуаз аредактор хада ихаҭыԥуаҩыс, иҟамлаӡацызт номерк иара иҩымҭақәа знымыз, ма иажәабжьк, ма алитература иазкыз рҿиамҭак, мамзаргьы иара адунеи ахы аҵыхәа даара акыр дныҟәон, уантәи иааигоз игәалашәарақәа, ианҵамҭақәа... Насгьы, уи агазеҭ атираж миллионла иҟан, Урыстәылеи уи иалаз ареспубликақәеи рымацара рҿы акәӡамызт иахьнеиуаз, аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқарра дуқәа зегьы рахь илҩаан иахьрымаз рацәан. Убри ала сара исҳәарц исҭаху, Гьаргь Гәлиа акырынтә Аԥсны аӡбахә иҳәон иҩымҭақәа рҿы, урҭ ирыԥхьоз зегь хымԥада ҳара ҳажәлари ҳтәылеи ргәыбылра ркуан, абри аҩыза анцәа иҭыԥ аҿы даргьы знык иадамзаргьы аҭаара ргәаԥхон!.. Уи иаанагоз, Гьаргь Гәлиа иаб Дырмит ихыԥшагьы дуун, Урыстәыла ибзиан деицырдыруа дҟалахьан, иҷкәынгьы абаҩхатәра бзиеи, уи иақәнагоз ахшыҩи агәаӷьреи иман.

Агәаӷьра зысҳәо, шәара ибзиан ижәдыруеит "Асас еиқәаҵәақәа" аниҩы иааизааргаз, аԥсык рыгхеит дҭаркырц... Избанзар, усҟан ақырҭқәа дара рмилаҭ лаирҟәызшәа, ҩ-милаҭк ҳаизыҟазаашьа даԥырхагазшәа рыларҵеит, убри алагьы имҩа ркырц, иԥырхагахарц, ишәҟәқәа рҭыжьреи, ихьӡ-иԥшеи ладырҟәырц... Ақырҭқәа уаҟа ирбеит 1940-1950-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны изҿыз аус бааԥсқәа иҿаҿаӡа ицәырганы ишааирыԥшыз уи иҩымҭаҽы... Уи ианарыжьыр рҭахӡамызт ақырҭқәа, насгьы еиҳарак ирызхымгоз, урысшәала иҩны адунеи иахьабаз ауп!

Аха уи ибаҩхатәра пату ду ақәызҵоз, акырынтә Аԥсны иаахьаз, Урыстәылагьы ҳаҭыр ду зқәыз, Сталингьы ус иаармарианы инапы зламлоз, адунеи зыхьӡ бзианы иадыруаз Константин Симонов деиқәирхеит!.. Уи ара Аԥсны иусқәа дырцәгьошәа аниба, Москваҟа "Литературнаиа газета" аҿы дганы аусура далаиргеит. Уаҟа Симонов ихԥша ӷәӷәан, насгьы уи аҩыза адунеи зыхьӡ адыруаз агазеҭ аусзуҩы илакьысрагьы ус имариамызт... Еиҳараӡакгьы дахьчеит бӷас дахьимаз Асоциалисттә Џьа Афырхаҵа, Ленин ипремиа алауреат, еиҳараӡакгьы усҟан даара амч дуун уи Сталин ипремиақәа фба дахьырлауреатыз.
Убарҭ ажәабжьқәа зегьы ирхаану, усҟан дхәыҷын аха, изаҳауаз бзиан иахьагьы изгәалашәо ҳакритик Руслан Қапба исеиҳәеит абас:
Руслан Капба - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2021
Аԥсны
Ашәҟәыҩҩы дҳаразкуа акритик: Руслан Қапба иҿцәажәара
"Уаҩы ихаҿы изаамго агәаӷьра ду ааирыԥшит урҭ ашықәсқәа рзы Иван Ҭарба. Аԥснытәи Обком аҿы аҩымҭа ахцәажәара еиҿыркааит, Қарҭынтәи адҵа зларымаз ала, ицҟьашәҟьа иргар акәын...Убраҟа Иван Ҭарба длықәгылан иҳәеит ароман ақырҭқәеи ҳареи хаиҩызара ишаԥырхагам, уи иаанарԥшуа ашықәсқәа ирыҵаркуа ахҭысқәа Аԥсны ишыҟаҵәҟьаз, уи аартны иҳәазар, ҳара ҳаизыҟазаашьазы еиҳа ишеиӷьнатәуа, иацтәи угха иахьа уацәымшәакәа иануҳәо ариашара шымариоу... Иџьашьатәуп апоет усеиԥш иаӷьыз иқәгылара усҟантәи аамҭаз излаианарыжьыз, аха иаргьы ус акы иузаҿакуаз иакәӡамызт!.. Уи ала инымҵәаӡеит уи аҩымҭа ахцәажәра. Даҽазныкгьы иаԥшьыргеит Аԥсни Қарҭи аиҳабыра алархәны ахцәажәара. Убри ашьҭахь сара Иван Ҭарба иҳәо саҳаит Гьаргь Гәлиа ихаҭа аизара аламҭалаз дшизасыз, " Ухьаҵ, мамзар уҭадырхоит!.." ҳәа. Ииашаҵәҟьан, усҟантәи иқәгылара маҷӡак ирыԥсыҽит, мамзар, аҩыџьагьы еицагаргьы ауан..."
Сара Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа иҟынтә исаҳахьеит Гьаргь Гәлиа СССР Ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҿ шаҟа пату иқәыз, уи иҩымҭақәа рӷьырак зегьы усҟан иреиӷьӡаз ашәҟәҭыжьырҭа "Советский писатель" тиражрацәала иҭнажьхьан. Адунеи абызшәақәа акыр рахь еиҭаганы иҭрыжьхьан. "Сакьан ааԥынраз" иаиуит Сталин ипремиа ҳәа изышьҭаз, нас СССР Аҳәынҭқарратә премиа ахьӡырҵеит. Уи Урыстәыла ажурналқәа зегьы раҵкыс аҳаҭыр ду зқәыз, Александр Твардовски дызхагылаз ажурнал "Новый мир" ианын. Уи ажурнал ианылоз аҩымҭақәа нас ашәҟәҭыжьырҭа дуқәа зегь рахь рышә аартын, егьырҭ абызшәақәа рахьгьы аиҭагаҩцәагьы еразнак рылаԥш иҵашәон…
Гьаргь аурыс шәҟәыҩҩцәа дуқәа Аԥсныҟа ианымҩахыҵлак, акырынтә Тамшь Дырмит ианшьцәа Барганџьиаа рҿы инаигахьан. Алықьса Гогәуа излаигәалашәо ала, уаҟа акырынтә инеигахьан Константин Симонови, Николаи Тихонови, Александр Твардовскии. Урҭ уантәи игахьан Арасаӡыхь ақыҭаԥшӡахь, уимоу, уаҟа зегьы еицырдыруа аҭыԥ "Лагәлаа рыԥсыӡкырҭаҿ" ихықәтәалан аԥсыӡ еицыркхьан!
Вахтанг Абхазоу - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.03.2018
Арадио
Аԥҳазоу: Гьаргь Гәлиа иҩымҭақәа рҟны аԥсуара закәу инагӡаны иааирԥшуан
Гьаргь Гәлиа адунеи аҳәынҭқарра дуқәа акыр рҿы днеихьан, зехьынџьара, раԥхьа иргылан иҳәон Аԥсны аӡбахә.
Уи иаалукааша иҩымҭақәа "Сакьан ааԥынреи", "Асас еиқәаҵәақәеи", "Инхон апоетцәеи", "Саб изку аповести" иара убасгьы егьырҭ иповестқәеи иажәабжьқәеи рацәаны аԥсшәахь еиҭагоуп.
Уи Аԥсны данаауаз ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа зегьы иаб Иҩны-музеи аҿы инаганы, изхара дырмацәажәакәа, ачеиџьика рзыҟамҵакәа ишьҭахьҟа дымцацызт… Еиҳаракгьы уи иахьыҟазаалакгьы имыԥшаар, изхара дырмацәажәар иуӡомызт Гьаргь Ӡиӡариеи, Шьалуа Инал иԥеи, Баграт Шьынқәбеи. Уажәы иаҳгәалаҳаршәап Дырмит ду иҷкәын Гьаргь Гәлиа инысымҩа:
Гәлиа Гьаргь Дырмит-иԥа (14.03.1913, Аԥсны, Аҟәа ақалақь, - 26.11.1989, Москва) – ашәҟәыҩҩы, асахьаҭыхҩы, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы. СССР Аҳәынҭқарратә премиа ("Сакьан ааԥынра" азы) алауреат. СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далан (1934 ш инаркны), СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аусбарҭа апрезидиум алахәыла (1955), аревизиатә комиссиа ахантәаҩыс дыҟан. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьан (1974, "Сакьан ааԥынра" азы). Ианашьан Аџьар Ҟаԥшь аорден, "Аҳаҭыр Дырга" аорденқәа рыхԥагьы, иара убас Болгариатәи аорден Кирилли Мефодии актәи аҩаӡара. Дыҩуан урысшәала.
© Foto / из архива семьи ГулиаГьаргь Гәлиа
Гьаргь Гулиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.03.2023
Гьаргь Гәлиа
Диит аԥсуа сахьаркыратә литература аԥҵаҩы Д.И. Гәлиа иҭаацәараҿы. 1929 ш. абжьаратә школ далгеит, нас қәҿиарала аԥышәарақәа ҭины дҭалеит аихамҩа анџьнырцәа азыҟазҵоз Қарҭтәи аинститут. Изанааҭ ала аҵараҿы иааирԥшуаз адыррақәа ирҷыданы, астудентра ашықәсқәа раан ихы азцо далагеит арҿиаратә усурагьы – даԥхьон асахьаркыратә литература, бзиа ибон адунеи аклассикатә ҩымҭақәа, Мрагылареи Мраҭашәареи ажәларқәа рҭоурых иахҳәааз арҿиамҭақәа. Ҳәарада, уи дышқәыԥшыз ԥсабарала илаз абаҩхатәра ахы цәырнагеит, аха алитературадырҩцәа аӡәырҩы ргәаанагарала, аус ауит, анырра ҟанаҵеит аԥсуа сахьаркыратә литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа иҿырԥшы – ажәлар рҿы уи имаз ахьӡ-аԥша, ажәлар ирзаԥиҵахьаз апоезиатәи апрозатәи рҿиамҭақәа, жәлар рҭоурыхи ркультуреи ирызкыз аусумҭақәа.
Гь. Гәлиа иҵара далганы Аԥсныҟа даныхынҳә, аусура далагеит Амшын Еиқәаҿтәи аихамҩа аргылараҿы, аха убри аамҭазы апублицистикаҿы иааирԥшхьаз ақәҿиарақәа ирыбзоураны, Аҟәа иҭыҵуаз аҿар ргазеҭ "Комсомолец Абхазии" аредактор ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵан. 1939 шықәсазы – аҟазара аусқәа рзы Аԥснытәи АССР аҿы акомиссариат иатәыз аҟәша анапхгара идырҵеит.
Гь .Гәлиа 1948 ш. инаркны Москва дынхон, адунеи иадыруа "Литератураиа газета" аредколлегиа далан. Уи дицхраауан К. М. Симонов.
© Foto / из архива семьи ГулиаГьаргь Гәлиа
Гьаргь Гулиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.03.2023
Гьаргь Гәлиа
Аиҩызаратә еимадарақәа рыбжьан адунеи ашәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи аӡәырҩи иареи, урҭ рхыԥхьаӡараҿы: А. Т. Твардовски, К. М. Симонов, К. А. Федин, Н. Саррот, И. И. Барабаш, Ж. Амаду, Ж. Л. Арагон, М. Стивенсон, М. А. Ибрагимов уҳәа.
Гь. Гәлиа ажәеинраалақәа иҩуан, аха деицырдырит прозаикны. Авторс дрымоуп хыԥхьаӡарарацәала ажәабжьқәа, аповестқәа, ароманқәа. 1930 ш. иҩит ажәабжь "На скате", - иаб Д.И. Гәлиа иажәабжь "Атәым жәҩан аҵаҟа" амотивқәа рыла. 1936 ш. иҭыжьын иповест "Месть". 1947 ш. акәзар, иҭыҵит иповест " Весна в Сакене", уи ала адунеи аҟны деицырдырит. Арҿиамҭа дадгылеит К. Симонов, уи ихаҭа редакторс дызмаз ажурнал "Новыи мир" ианиҵеит. Аповест хазы шәҟәны иҭыжьын 1948 ш., насгьы 1960 ш. рзынӡа ԥыхьатәи СССР акыр абызшәақәа рахь еиҭаган, иара убас анемец, ачех, акитаи, арумын, англыз, аҭырқәа, акореи, авиетнам уҳәа абызшәақәа рахь. 1949 ш. ажурнал "Новыи мир" (№5) ианылеит "Весна в Сакене" иацыз – аповест "Добрыи город". Абригьы акыр абызшәақәа рахь еиҭаган (ачех, анемец, алатыш, аукраин, асловак уҳәа). Аҩымҭа хзыркәшоз акәхеит аповест "Кама" (1950).
1954 ш. акәзар, атрилогиа "Весна в Сакене" иагәылалеит аповестқәа рыхԥагьы. Атрилогиа азкуп аԥсуа қыҭа Сакьан аҭоурыхи аԥсҭазаареи, ахҭысқәагьы мҩаԥысуеит асоциалисттә ԥсҭазаара аан аҭагылазаашьа ҿыцқәа ирҿырԥшны.
1950 ш. "Новыи мир" ианылеит ашәҟәыҩҩы иповест "Асасцәа еиқәаҵәақәа". Аԥсны уи аимак-аиҿак ахылҿиааит. Ҳшьам дгьыл "аԥшәмацәа" ргәаанагарала, асасцәа еиқәаҵәақәа ҳәа автор дзышьҭаз ақырҭцәа роуп ҳәа ирыԥхьаӡеит. Ҳәарада, ацә иақәкны, - ажә ҳәа шырҳәо аиԥш, араҟа зегь зықәкыз дара ракәын, аха ашәҟәыҩҩы ибаҩхатәра, иԥышәа, исахьаркыратә ажәа ари агәаанагара ахҽра иазырхан. Ирҳәоит Аԥсны жәлар зегьы ршьапы иқәнаргылеит ҳәа Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥгаз аповест аилыргара, аха нҵәара зқәымыз аиҿагылара наӡаӡа ихыркәшахеит 1953 шықәсазы – Сталин иԥсра инашьҭарххны.
Гьаргь Гәлиа – аԥсуа патриот ду иҩымҭақәа аҭыԥ ду рымоуп адунеи ажәларқәа рлитературақәа рҟны. Урҭ иреиуоуп аҭоурыхтә романқәа "Аӡеибафара", "Омар Ҳаиам изку аҳәамҭа", "Сулла", "Афинынтә иааз ауаҩы", "Михаил Лермонтов иԥсҭазаареи иԥсреи", аповест "Саб изку аповест" уҳәа егьырҭгьы. Гь. Гәлиа ибиографиа ануп Кембриџьтәи ауниверситет иҭнажьыз аенциклопедиатә жәар "Кто есть кто" "Адунеи ашәҟәыҩҩцәеи" "Анаука ауааи" рсериала (1992) аҟны.
Анышә дамадоуп Аҟәа, иаб иҩны ашҭаҿы.
Гьаргь Гәлиа ирҿиамҭақәа зегьы аԥсышәала ишеиҭагамгьы, зегь акоуп уи аԥсуа доуҳатә культура иӷәӷәаӡаны иалагылоу, зыхьӡ-зыԥша ҳгәы шьҭнахуа, асовет шәҟәыҩҩцәа бзиақәа рыхьӡ иара ихьӡгьы лашаӡа иахьрылагылоу ҳгәы аладууп. Аамҭа уадаҩӡақәа раан, зыжәлар рыхьӡ ашьҭыхразы сахьаркыратә ажәала агәаӷьра дуӡӡа аазрыԥшыз, шәҟәыҩҩык иаҳасабалагьы, зыжәлар рҵеира иаԥсоу, урҭ рҭоурых ахьчара зылшаз, иаҳразкыз, игәалашәара лаша ахаангьы иҳацзаауеит…
Ажәабжьқәа зегьы
0