Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аспорт азы Аҳәынҭеилакы Марттәи ажәылараан иҭахаз ргәаларшәараз акциа мҩаԥнагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАкция приуроченная к годовщине мартовской наступательной операции
Акция приуроченная к годовщине мартовской наступательной операции - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.03.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҟны зегь раасҭа хашҭра зқәым хҭысны иаанхоит Марттәи ажәылара. Усҟан иҭахеит 222-ҩы Аԥсны аҵеицәа.
АҞӘА, хәажәкыра 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Марттәи ажәылара 30-шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Аԥсны аҿартә политикеи аспорти рзы Аҳәынҭеилакы имҩаԥнагеит агәаларшәаратә акциа.
Аусмҩаԥгатә иалахәыз аибашьра аветеранцәеи атәыла аҿари афронт ацәаҳәа ахьыҟаз Алада Ешыра иаҭааит.
Рапҳьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аҟәатәи абатальон аибашьцәа иҭахаз рыхьӡала игылоу абаҟа амҵан. Агәыԥ адҵаҟаҵаҩ, Аԥсны Афырхаҵа Сергеи Мотосиан еиҵагыло аҿар рахь ихы нарханы ирзеиҭеиҳәеит, Аԥсны ахақәиҭтәра зхы ақәызҵаз аибашьҩы ихаҵара агәаларшәара шаҟа аҵакы ҵаулоу.
"30 шықәса иахьа уажәааны, ари аҭыԥ ҳаӷа инапаҵаҟа иҟан. Ашамҭаз асааҭ хԥа рзы, ҳара аӡы ҳарны ҳжәылеит. Исҳәар сҭахуп, ҳара аибашьышьа шаҳҵаз аибашьраҟны, аха рыцҳарас иҟоу аибашьраҿ аԥсҭбарагь ыҟоуп. Ҳҳәынҭқарра хәыҷы ахақәиҭтәра зхы ақәызҵаз аӡәырҩы шәара шәықәлацәа ракәын", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Память воинов, погибших в Мартовском наступлении, почтили в Гудауте - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.03.2023
Аԥсны
Марттәи ажәылараан иҭахаз рфотосахьақәа рцәыргақәҵа мҩаԥысит Гәдоуҭа
Аԥсны Афырхаҵа агәрагара ааирԥшит, еиҵагыло абиԥара ртәыла иаԥсоу ҵеицәаны рааӡараз ирылшо зегь шыҟарҵо рҭаацәа. Аветеран аҿар ирабжьигеит, аибашьцәа рхаҵареи ргәымшәареи атәы рхадмыршҭырц.
Аибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Роман Ӷәынџьиа аҿар ирзеиҭеиҳәеит аибашьра аҟынтәи ахаан ихамшҭуа хҭыск. "Сара ус иасҳәоит - "Сыҷкәын ара иҟоуҵои, аҩныҟа уца ҳәа". Иара даахьаҳәын, сара ус сеиҳәеит - "Сара сыҩны абноуп иахьыҟоу" ҳәа Аҟәа сирбеит. Арҭ иҭахазгьы, иахьа зыԥсы ҭаны иҟоугьы - даргьы ҳаргьы, зегьы ҳаҩныҟа акәын ҳахьаауаз", - ҳәа иҳәеит Ӷәынџьиа.
Агәаларшәаратә акциа ашьҭахь зегьы шьапыла амҩа иқәлеит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамаду Амемориал ашҟа. Ашәҭ шьыҵәрақәа анышьҭарҵа ашьҭахь ашколхәыҷқәа аибашьра иазкыз ажәеинраалақәа ирыԥхьеит, Марттәи ажәылара иалахәыз аветеранцәа ргәалашәарақәа еиҭарҳәеит.
2023-03-16. Церемония возложения цветов к мемориалу погибшим в Отечественной войне народа Абхазии 1992-1993 гг  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.03.2023
Аԥсны
Марттәи ажәылараҿы иҭахаз аибашьцәа ргәаладыршәеит Аҟәа Ахьӡ-аԥша абаҳчаҿы
Аԥсны раԥхьатәи ахада имемориал амҵан икыдыз аекран аҟны идырбан ажәылараан иҟаҵз авидеоҭыхымҭақәа. Иҭахаз ргәалашәара аҳаҭыраз ажәҩанахь иоужьын 222 цәашьы зҭаргылаз арлашагақәа.
Марттәи ажәылара Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра инарылукааша илахьеиқәҵагоу арыцхәқәа иреиуоуп. Март 15 - 16 рзы Аԥсны Арбџьармчқәа рҽазыршәеит ақырҭуа ар рҟынтәи аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра. Аоперациа адҵаҟаҵаҩыс даман аинрал Сергеи Дбар.
Асааҭ 0:45 азы аԥсуа ар аӷа ихыбрақәа авиациа-артиллериатә мчрақәа ргәыдырҵеит. Урҭ ирышьҭанеиуан аршьаҟауаа.
Аханатә ажәылара қәҿиарала иалагеит, аха нас ақырҭқәа рымчқәа еидыркылеит. Ҳаибашьцәа хаха-хымш рышьҭахь ахымца иаҵагыланы ахьаҵра иалагар акәхеит. Аоперациа амҩаԥгараан иҭахеит 222-ҩы, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит, шәҩыла ахәрақәа роуит.
Ажәабжьқәа зегьы
0