Аурыс шәҟәыҩҩы ду Максим Горкии Аԥсни
© Sputnik / М. Бессмертный
/ Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 28 рзы 155 шықәса ҵуеит аурыс шәҟәыҩҩы ду Максим Горки диижьҭеи. Ашәҟәыҩҩ Аԥсны иаҭаареи ирҿиареи ртәы дазааҭгылоит апоет, ажурнал "Алашара" аредақтор хада Анатоли Лагәлаа иахьатәи ианҵамҭаҿы.
" Даара иҟаимаҭу маҵоуроуп- ууаҩытәҩсан адгьылаҿ аҟазаара…"
Максим Горки
Аурыс шәҟәыҩҩ ду Алексеи Максим-иԥа Горки адунеи ихьӡ бзиаӡаны иадыруеит шәҟәыҩҩык иаҳасабала. Уи акыр атәылақәа дырхысхьан, ибахьан, иҭиҵаауан ажәлар рҟазшьа, рдунеихәаԥшышьа, нас ииаигон иҩымҭақәа рахь, асахьаркыратә ԥсы ахеиҵон.
Аҭоурых излаҳәо ала Горки Аԥсны ԥшьынтә даахьан (1892, 1900, 1903, 1929ш.). Уи раԥхьаӡа Аԥсныҟа иаара бзианы ирныԥшуеит иажәабжьқәа "Калинини", иара ашәҟәыҩҩы иажәақәа рыла иуҳәозар иҩымҭақәа зегьы иреиӷьаишьоз иажәабжь "Ауаҩы ииреи". Уи ажәабжь асахьаркыра аганахьи, имҩаԥнаго агуманизми аидеиа-философиатә хырхарҭалеи иуԥхьаӡар ҟалоит адунеи аҿы иаԥҵоу иреиӷьӡоу арҿиамҭақәа рахь.
Арҭ аҩ-жәабыжькгьы аԥҵан 1912 шықәсазы, иагьанылеит усҟан иҭыҵыз иажәабжьқәа реизга ашәҟәы "Урыстәылаҟа".
Саԥыҩланы исҳәар ҟалоит Максим Горки Аԥсны зегьраҵкыс еиҭаргахьоу аурыс шәҟәыҩҩцәа дреиуоуп ҳәа. Иаагозар:
"Ауаҩ иира" -ажәабжь, аурыс бызшәахьтә иеиҭеигеит Висарион Какалиа, ажурнал "Алашара" 1959 шықәс 1-тәи аномер.
Ажәабжь "Ленин"- аурыс бызшәахьтә иеиҭеигеит Алықьса Гогәа. Ажурнал "Алашара"- 1966ш. 8-тәи аномер.
"Ашәа ашьауардын азы"- аурыс бызшәахьтә еиҭеигеит Баграт Шьынқәба. "Алашара"- 1968ш. 3-тәи аномер.
"Ахьӡ-аԥша лымазааит ан" - Италиа иахҳәаау алакәқәа рыҟнытә. Аурыс бызшәахьтә еиҭеигеит Мушьни Лашәриа. "Алашара"- 1968, 3-тәи аномер.
"Аԥҳәызбеи аԥсцәаҳаи"- алакә. Аурыс базшәахьтә еиҭеигеит Кәымф Ломиа.
"Сара сшыҩуа" - алитература иазку астатиа. Аурыс бызшәахьтә еиҭеигеит Алықьса Џьениа. "Алашара"- 1977. 5-тәи аномер.
"Ан"- Ароман ацыԥҵәахақәа. Аурыс бызшәахьтә еиҭеигеит Шамль Ԥлиа. "Алашара"- 1985. 6-тәи аномер.
"Италиа иахҳәаау алакәқәа". Аурыс бызшәахьтә еиҭеигеит Шамиль Ԥлиа. "Алашара"-1984 (3), 1985 (6), 1986 (7).
Аԥсны дыҟанаҵ, Алексеи Максим-иԥа Горки дрықәшәон ирацәаҩны ауаажәларратә усзуҩцәа, аҳәынҭқарратәи акультуратәи маҵзурақәа рҿы аус зуаз. Аԥсны Асовнарком ахантәаҩы Нестор Лакоба ашәҟәыҩҩы иаҳаҭыраз еиҿыркаауаз аиԥыларақәа зегьы дрылахәын. Максим Горки даара игәаԥхеит, зегьы ишраҳауаз иагьидирыҽхәалеит аҟазара зҽаԥсазтәыз К. В. Ковач ажәлар рашәақәа ранҵара салагоит ҳәа ииҳәаз ажәабжь бзиа. Уи аҟазараҭҵааҩ иабжьигеит, ажәлар рашәақәа рымацара ракәымкәа, алакәқәагьы, алегендақәагьы шаҟа илшо аниҵаларц.
Максим Горки иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рҟынӡа игәалашәон ари атәыла аԥшӡара, аҳалалра, илаԥш рхын ҿыц иҩагылаз ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа. Нанҳәа мза 3, 1933 шықсазы, Аԥсны арҿиара усзуҩцәа ирзааишьҭит асалам шәҟәы. Уаҟа иаҳәон:
"Шәааҟәымҵӡакәа шәаҿыз жәлар рашәақәа рыҭҵаара, еизыжәгала, ақьаад ианышәҵала ашәақәа, алакәқәа, алегендақәа, иҭажәҩла ажәытәӡатәи аҳәамҭақәа. Уи шәара шәхала шәакәӡам изыхәо, акырӡа изыцхыраауа, уи рыхәоит, шәҭоурых нагӡаны иднардыруеит Аԥсны аҭҵаара иазгәыҳәуа аӡәырҩы".
Хыхь ишеиқәҳаԥхьаӡаз еиԥш, Асовет аамҭазы Максим Горки иҩымҭақәа рацәаны еиҭаганы аԥсуа литература иаланагалеит. Урҭ иахьагьы иреиӷьӡоу ҳҵарауаа иҭырҵаауеит, иара убасгьы ирнуп ҳашколтә хрестоматиақәа, ирҵоит ҳхәыҷқәа. Ари агуманист дуӡӡа иҩымҭақәа ирхысуеит уажә ааигәанӡа иара ихьӡ зхыз (ԥаса ианинститутыз) Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет астудентцәа.
Акультура иазҿлымҳау зегьы ишырдыруа еиԥш, Максим Горки ԥсевданимуп, ижәлаҵәҟьа Алексеи Пешков ауп.
Максим Горький
© Sputnik / Макс Альперт
/ Уи шәҟәыҩҩык иаҳасабала деицырдыруа даныҟала, дахьынхоз Сталин днеиуан, игәаанагара еиликаауан, диҿцәажәон. Избанзар, иара ахԥша ду иман, насгьы СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аиҿкаара даара дазааԥсеит, раԥхьаӡа еиҳабысгьы иамаз иара иоуп.
Горки раԥхьаҵәҟьа ареволиуциа рацәакгьы агәра игаӡомызт, акы алҵуеит ҳәа дыҟаӡамызт, аха ашьҭахь дадгылеит, арҿиамҭа бзиақәагьы азикуа далагеит.
Максим Горки хәынтә Нобель ипремиа аиуразы дықәдыргылахьан, аха есымша Урыстәыла зҭахымыз ауаа аԥырхагахон. Уи иԥсы анҭаз ишәҟәқәа даара тираж рацәала иҭыҵхьан, абызшәа дуқәа рыла еиҭаргахьан. Горки Пушкини Толстоии дрывадыргылон, избанзар, уи ирҿиамҭақәа даара ажәлар ирзааигәаз абызшәала иҩын.
Максим, ԥшьышықәса анихыҵуаз, дышхәыҷӡаз ахолера ихьит, иабгьы уи акы имыхьындаз ҳәа дшихылаԥшуаз, аҿкы иара иахь иааиасын, дагеит. Ашәҟәыҩҩы иаб дигәалашәаӡомызт, аха изааигәаз иуа-иҭахы излаизеиҭарҳәоз ала акәын дшидыруаз. Амала уи ишәҟәҩыраҿы аԥсевдоним анигозгьы, иаб ихьӡ залихыз, ахааназ игәалашәараҿы даанхарц азы ауп.
Максим иаб даныԥсы, иан даҽа хаҵак диццеит, аха уа дахьнеизгьы лахьынҵала деиқәымшәеит, аимҳәаду аалыхьын, даблит.
Максим иабду, иаб иаб, убриаҟара илеишәа цәгьан, ар рҿы дшафицерызгьы, аҩны иҭаацәа аӡәгьы дааирбӡомызт азы, ашәҟәыҩҩы 17 шықәса анихыҵуаз, аҩны ааныжьны хәынтә дыбналахьан, аҵыхәтәан уаҳа дыхнымҳәуа дцеит.
Иазгәаҭатәуп, Максим иани иаби аныԥсы дҭынхадахан дшаанхаз, аха аиба икәакәар ыӡуам ҳәа, иан лышьҭрала иандуи иабдуи дкарыжьуамызт, ицхраауан. Иара дахьаднакылоз зехьынџьара аус иуан, аџьабаа дацәшәаӡомызт, адәқьанқәа рҿы, акрыфарҭақәа рҿы, ачаӡырҭақәа рҿы. Уи ус шакәу бзиаӡаны ирныԥшуеит иажәабжьқәа "Схәыҷра", "Ауаа рҿы", "Сара суниверситет".
Заԥхьаҟа ишәҟәыҩҩы духараны иҟаз Горки 23 шықәса анихыҵ, шьапыла Урыстәыла зегьы дакәшеит, уимоу, Кавказынӡагьы дцеит. Амҩан иибоз иаҳауаз хра злаз зегьы аниҵон, нас исахьаркыратә ҩымҭақәа рҿы ицирхыраауан игәылҭәаахарц азы.
Максим Урыстәыла деицырдыруа даныҟала дцеит емиграциала Америкаҟа, уантәи Италиаҟа. Уаҟа иҭыҵуеит ареволиуциа ахԥшақәа зныԥшуаз иара ишәҟәқәа рацәаны.
1913 шықәсазы Максим Горки Урыстәылаҟа дхынҳәуеит, дшаауа даангылоит Петербург, еиуеиԥшым ашәҟәҭыжьырҭақәеи иареи аимадара бзиақәа рыбжьарҵоит.
Адунеитә еибашьра ду ашьҭахь, Горки еиҭах аҳәаанырцәҟа дцоит, аха 1932 шықәса рзы итәылахь дхынҳәуеит…
1892 шықәса рзы Горки инеиԥынкыланы аҩымҭа дуқәа раԥҵара далагоит. Убри ашықәс азы иҭыҵит иажәабжь "Макар Чудра". Аха зегь раҵкыс ахьӡ изаазгаз иреиуоуп ҩ-томкны иҭыҵыз ишәҟәқәа: "Аочеркқәеи ажәабжьқәеи."
Уаҟа ианылеит иахьа адунеиаҿ еицырдыруа иҟалаз ирҿиамҭақәа; "Аҭакәажә Изергиль", "Челкаш", " Уаанӡа иуаз" уҳәа убас ирацәаны.
Горки адунеи зегьы аҿы деиҭарго, дыҭрыжьуа, иԥхьо иалагеит ипиесақәеи, иповестқәеи, ироманқәеи неиԥынкыланы иҭыҵуа ианалага. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: "Аҵаҿ", "Егор Булычови егьырҭи", "Ауаа рҿы", "Ахәыҷра", ироманқәа: "Артомонаа рус", "Ан".
Ашәҟәыҩҩы аҵыхәтәанӡа иаԥиҵаз иреиуоуп ироман "Клим Самгин иԥсҭазаара". Ари ароман 11 шықәса аҩра даҿын, аха рыцҳарас иҟалаз ахыркәшара дахьымӡеит.
Аԥсны иадҳәалоу Максим Горки иныҟәарақәа даара хшҩзышьҭра рырҭахьеит ҳҵарауаа. Урҭ рахьтә еиҳа инарҭбаан уи ара иҟазаара ҭызҵааз дреиуоуп аҭоурыхтә наукақәа ркандидат Вианор Ԥачулиа. Уи излазгәеиҭо ала 1890 шықәса рзы , Кавказ Амшын еиқәа аԥшаҳәаҿы Новароссиски Баҭыми рыбжьара иалагеит амҩа аҟаҵара. Уаҟа еиҳарак аус ура иааз иреиуоуп Урыстәыла аҿацәқәа рҟынтәи амла иакны арахь иқәнагалаз ауаа ӷарқәа. Усҟан 24 шықәса зхыҵуаз Алексеи Пешков уи аҩыза аргылара цоит ҳәа аниаҳа, 1892 шықәсазы мшынла дыӡхыҵны Аԥсныҟа дааит. Еиуеиԥшым адырраҭарақәа рыла уи даангылеит Афонтәи ауахәама иаҵанакуаз аԥхьарҭақәа рҿы. Уа ԥыҭраамҭак дыҟан, нас диасуеит Ԥсырцхаҟа, уа иҟан ауаа хархьқәа рзы аанҿысырҭа-сасааирҭа. Дыцәан уи цәарҭа зқәымыз аихатәы каруаҭ аҿы, хчыда, хызада, ҽынла ауахәама иаҵанакуаз абаҳчаҭраҿы. Уаҟа Урыстәыла аҿацәқәа зегьы рҟынтәи иаауаз хышәҩык инареиҳаны ауаа аус руан, урҭ зегьы еиҳараӡак анцәа дхазҵоз ракәын, аҟәрышь маҷӡан ирырҭон, 50 ма 30 капеик рыздырхон…
Ԥыҭрак ашьҭахь Алексеи Пешков Гәдоуҭа азааигәара амҩа аҟаҵарахь диасит. Уи атәы бзианы игәалаиршәоит иажәабжь "Калинин" аҟны. Ажәабжь "Калинин" Максим Горки ишәҟәқәа 25 том еиқәзыршәоз раԥхьажәаҿы излазгәарҭо ала, автор иҩит 1912 шықәсазы. Насгьы уи ахьаԥҵоу Афон Ҿыц ауп ҳәа агәаанагара ыҟоуп.
Ҩымчыбжьа инарзынаԥшуа ашәҟәыҩҩы уа иҟазара ашьҭахь, Горки деиҭахынҳәит Аҟәаҟа, уантәи Аԥсны егьырҭ аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь ддәықәлеит. Абар иара уи аамҭа ссирқәа шигәалаиршәо: " Уи аамҭазы аҵлақәа зегьы ахьырӡы рхьыршан, урҭ ршьапқәа рҿы икаԥсан иҩеижьӡа абыӷьқәа. Ашьхақәа рхахьы уажәы-уашьҭан ақәаршҩы алеира ишазыхиоу урдыруа аԥсҭҳәақәа хын, урҭ рҟынтәи иубоит рыгагақәа ахәқәа ирықәсны иахьцо, уаҟа игылоуп иӷәӷәаҟацаӡа ашыц ҵлақәа. Урҭ рнаҩс ихаууала игылоуп аџь ҵла дуқәа, урҭ рымахәқәа рыбжьара ибжьаҟаҵаны иҟоуп абна шьхымӡақәа рыҭрақәа, ихааӡа ацха зхьыкәкәо."
Уи ашьҭахь ашәҟәыҩҩы еиҭеиҳәоит, амла иакуаз ауаа рацәаҩӡаны Аҟәантәи Очамчыраҟа амҩаду аҟаҵаразы усура ишдәықәлоз. Араҟа, Аӡҩыбжьа ақыҭаҿы, Кәыдры аӡиас азааигәара, Горки аԥҳәыс қәыԥш лыхшараиура дацхраауеит. Уи ахҭыс даара ибзиан ианыԥшуеит адунеиаҿ иеицырдыруа ашәҟәыҩҩы иажәабжь "Ауаҩы иира."
Уи ажәабжьаҿ мацара акәӡам, апсуаа акырынтә егьырҭ ирҿиамҭақәа рҿгьы иԥхаӡа рыӡбахә игәалаиршәоит.
1896 шықәса рзы Максим Горки еиҭах Аԥсныҟа дааит аурыс шәҟәыҩҩ дуӡӡа А.П. Чехови аурыс сахьаҭыхҩ бзиа А. М. Васнецови дрыцны.
Уи ашьҭахь, Урыстәыла мацара акәымкәа адунеи зехьынџьара еицырдыруа иҟалахьаз Максим Горки 1903 шықәса рзы деиҭааит Апсныҟа, Новороссискнтәи ӷбала Гагра дыӡхыҵит. Уи аамҭа ақәшәеит Гагра ақалақь ԥсшьарҭа қалақьк аҳасабала ианаадыртуаз. Уаҟа аԥсшьарҭа ҭыԥ "Гагрыԥшь" аҟны дыԥхьеит ҩаха-ҩымш рҟынӡа. Усынтәи диасуеит Аҟәаҟа.
Аԥсны, Аӡҩыбжьа ақыҭан инхоз абыргцәа бзиақәа изларҳәоз ала, даара иҟәышыз, аинтеллигент иԥшра змаз урыск, дара рқыҭаҿ дырбазаап, шықәсқәак раԥхьа ахшараиураз дзыцхырааз аԥҳәыс лхабарк џьара избозар ҳәа деимдозаарын…
1929 шықәса рзы М. Горки даауеит Шәачаҟа. Уантәи, Аԥсны Асовнорком аиҳабы Н. А. Лакоба дицны Аԥсныҟа даауеит. Уи днеиуеит Гагра, уаҟа дрыҿцәажәоит аԥсшьацәа, уа инхоз аԥсуаа, усынтәи даадгылоит Афон Ҿыц. Ноиабр 7 рзы еицырдыруаз аԥсуа шәҟәыҩҩы, Аԥсны ЦИК Ахантәаҩы С. И. Ҷанбеи агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аредактор хада , ашәҟәыҩҩы Мушьни Аҳашбеи ицны дааит Аҟәаҟа. Араҟа уи Нестор Лакоба деиҭеиԥылеит, иара убасгьы еиҿыркааит аԥсуа интеллигенциеи иареи реиԥылара.
Иара убри аҽныҵәҟьа М. Горки идырбеит Аҟәа амаамынқәа ахьҭакыз, урҭ даараӡагьы иџьашьаны аҵыхәтәан ирҿиамҭақәа рҿгьы дрыхцәажәоит.
Данцоз аламҭалазы, Аҟәа, аԥсшьарҭа ҩны "Риҵа" аҿаԥхьа еизеит аџьажәлар рацәаҩны бзиа ирбоз ашәҟәыҩҩ дуӡӡа инаскьагаразы. Усынтәи, даара ҳаҭыр дуӡӡа иқәҵаны, Нестор Лакоба имашьынала, ажәлар дыргәылакны, напеинҟьарала днаскьаргеит.
Абраҟа иазгәаҭатәуп даҽа хҭыс бзиаӡакгьы. СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аиҳабы Максим Горки инапы аҵаҩны "СССР Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла" ҳәа ақәыршаҳаҭгақәа рыҭан апоет гәлымҵәах Леуарса Кәыҵниеи акритик Хәыхәыт Бӷажәбеи.
Аԥсуаа ҳзыҳәан иҟоуп аҭоурыхаҿ имԥсуа, ҳӡырзго, уи хымԥада уаҵәы игыло ҳҿаргьы ирдыруазароуп!..