Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Алаӷырӡ ахьыҟоу аччарагь ыҟоуп: аибашьраан алаф аҵакы

© Foto / Рамин КаджаяОВНА
ОВНА - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2023
Анапаҵаҩра
Иахьа - мшаԥы 1 Жәларбжьаратәи аччара иамшуп. Ари аҽны иаҳгәалаҳаршәарц ҳҭахуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аԥсуаа иаԥырҵаз алафқәа ртәы. Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа дазааҭгылоит аибашьраан алафҳәара иааннакыло аҭыԥ.
"Аԥсра ахьыҟоу аирагьы ыҟоуп" ҳәа шырҳәо еиԥш, алаӷырӡ ахьыҟоу аччарагьы ацуп - ус ишоуп аԥсҭазаара, аԥсҭазаара ахьыҟоу агәыӷрагьы ыҟоуп...
Sputnik
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ицәырнагаз жәлар ргәалашәарақәа, афырхаҵаратә мотивқәа, ашәақәа, ажәаԥҟақәа, аҿаԥыцтә жәабжьқәа рнаҩсгьы, хыԥхьаӡарала урҭ иреиҳамзар, иреиҵам алафқәа.
Аибашьраан иҿиоз алафқәа аҷыда ҟазшьа рыман иҟоуп. Урҭ дҵәылырхуан аӷа, ачарҳәаҩ ихаҿра аадырԥшуан, иара убас еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирхылҿиаауан асатиреи аиумори. Алаф ииуан апозициаҿы, нас уи аибашьцәа рыдагьы ажәлар зегьы ирылаҵәон. Иара аҿиара еиуеиԥшым аформақәа анубаалоит: жәабжьла иҳәоу еиԥш, жәеинраалала, мамзаргьы ашәаны иаԥҵоу.
Аҵыхәтәантәиқәа рҟынтәи ажәлар рахь акыр аларҵәара роуны иҟалеит ашәаҳәаҩ Анатоли Алҭеиба исатиратә ашәақәа. Аибашьра асахьақәа аарԥшуп, иара убас, аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа ркарикатурақәа рҿы. Ҿырԥштәыс иааҳгозар, уи аганахьала азҿлымҳара рымоуп асахьаҭыхҩы Гарри Дочиа 1992-1993 шықәсқәа рзы иаԥиҵаз акарикатурақәа.
Анатолий Алтейба - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.09.2018
Арадио
Алҭеиба: аибашьраан иакәым ҟазҵоз архәыцып ҳәа алаф ашәақәа аԥысҵон
Убас иҟоуп аибашьра ашықәсқәа рзы аибашьцәа ахьтәаз апозициақәа рҿы аибашьра акорреспондент Кәасҭа Габниа ианиҵаз алафқәа. Иааҳгап ҿырԥштәқәак:
"Аԥшыхәратә пункт аҿынтә ланарԥшыгала дыԥшыхәуа дышгылаз, – Аа, абан, абан, избоит атанк аџьықәреи иахьалагылоу,– ҳәа ибжьы иргеит Гиви Хәыпориа.
– Уи иахагьы амхы ишалагылаз збеит, – иҳәеит Гәырам Гәынба.
– Аџьықәреи иакызар ҟалап, уи азын ауп изеиҭамҵуа, иззаӡа изгылоу, – алаф алихит Даур Ҳалуашь", – ари анҵамҭа ҟаҵан октиабр 4, 1992 шықәсазы.
Тали Джопуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.10.2018
Арадио
Џьапуаԥҳа: аибашьраҿы алаф шырҳәоз, ишыччоз, ишышәаҳәоз еиԥш, џьа иубом
Аԥсуаа иҳавагылаз ҳашьцәа кавказаа ргәымшәареи урҭ рҿаԥхьа аӷа ихьаҵреи аанарԥшуеит анаҩстәи анҵамҭа:
"Гагра аныргоз иҟалаз акоуп. Араҟа итәақәоугьы иалахәыз шәыҟоуп. Ҳаибашьыҩцәа "ураа!" ҳәа ақалақь ианалала, ақырҭцәа абжаҩык рабџьарқәа кажьны, рхы ахьынахоз ицон. Аиааира ашьҭахь (ақалақь анырга. – Е. Ҭ.), гәыԥҩык ҳаибашьцәа рыԥсы ршьон ҵлакы амҵан. Ус, еибашьҩык деидараха, иԥсахы еибакуа даарыдгылт.
– Иуаашьозеи, иҟалеи? – ҳәа иазҵааит итәақәаз.
– Арҭ уааӡам, иахьынтәаанага сыздыруам аха...
– Дарбан узҿу?
– Дарбанқәоу акрыздыруоу, рыхьӡ уаҩы имҳәааит! Шәыҩны шәабацои ҳәа санрызҵаа, "ачеченцәа ақалақь иалалт" рҳәеит. Сара соуп ачечен анысҳәа, иркыз рабџьарқәа нкажьны, рнапқәа ирҩахеит. Нас арҭ роума аибашьцәа, – иҳәан, дызҵаз абџьарқәа (аӷацәа ирцәыргаз. – Е. Ҭ.) ҵаҟа инкаижьит".
Роман Сабуа. - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.10.2015
Сабуа: алаф – ҳгәы казмыжьуаз, ҳаԥсҭазаарақәа еиқәзырхоз ак акәны иҟан
Ас еиԥш иҟаз алафқәа ҩ-функциа хадак нарыгӡон: ганкахьала, аӷа дҵәылхны даадырԥшуан, даҽа ганкахьала - аибашьцәа рхы-ргәы рханаршҭуан, ргәалаҟазаара шьҭнахуан. Урҭ алафқәа рыбжьара иҟоуп автортә лафқәа реиԥш, дара аибашьцәа рхаҭақәа иаԥырҵаз алафқәагьы.
Аибашьцәа ишеиҭарҳәо ала, уаҵәы ажәылара ицараны иҟазар, уаха алаф ҳәо, иччо-ихәмаруа, икәашо-ишәаҳәо рҽазыҟарҵон. Уи џьоукы рзы аҵыхәтәантәи ажәылара шакәхозгьы еилыркаауан, аха ирындмырԥшкәа, ргәы дырхаҵон. Иччо аԥсра аблақәа ирҭаԥшуан иахьатәи амш ҳзааргарц!
Лыхнашҭа - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2019
Уаҟара уцызҵо аԥсуа лаф
Ажәабжьқәа зегьы
0