Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Лыхнашҭатәи аҭәаҵлаз китаитәи ахәшә ааргараны иҟоуп мшаԥы 19 рзы

© Sputnik / Томас Тхайцук Лыхненский храм и древняя липа
Лыхненский храм и древняя липа - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2023
Анапаҵаҩра
Лыхнашҭа игылаз аҭәаҵла иаҭоу аахазы ашьаус хацыркуп, ацәгьа зуз хәышықәса аҭакра иқәшәар ҟалоит.
АҞӘА, мшаԥы 18 – Sputnik. Мшаԥы 19 азы Лыхнашҭатәи аҭәаҵлаз китаитәи ахәшә ааргараны иҟоуп, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҵиаақәа ркарантин азы Аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Аркади Џьынџьиа.
Ахәшә ҷыда Москва ала транзитла иаагахоит. Џьынџьиа иазгәеиҭеит, уи Китаи ахархәара шамоу, агәыӷра ааирԥшит аҵлазы ихәарҭахап ҳәа.
Лыхнашҭа иқәгылаз аҭәаҵла ааха аҭан ахаша мшаԥы 5 рзы. Аҭәаҵла 15 - 20 сантиметра иагәылакны иԥҟоуп. Аҭыԥантәи ауааԥсыра аихатәы хыцқәа рыла аҵла камҳаратә еиԥыршьит, аекологцәеи абаҳчааӡаҩцәеи аԥҟарсҭа ӷьарцаз аҭәаҵла ацәеи абаҳчатә цәеи еилаҵаны аҵлеиларш бжьыршьит.
Аҵарауаа ишышьақәдыргылаз ала, Лыхнытәи аҭәаҵла 147 шықәса ахыҵуеит. Аҵла 19 метра иҳаракуп, агәҭаӡа - 2 метрак, иаахыкәаршан – 6,3 метра иҟоуп.
Милиция Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2023
Аԥсны
Лыхнашҭа аҭәаҵла ԥызҟаз ҳәа агәҩара ззыҟоу ҩыџьа аанкылоуп
Аԥсны акыраамҭа инхо Китаи атәылауаҩ, ааха зоуз Лыхнашҭатәи аҭәаҵла ахәшәтәраз ицхыраара рыдигалеит. Иара иҳәеит Пекин иҟоу Китаитәи ақыҭанхамҩа аҭҵаарадырратә институт аҟны аекспертцәа аԥснытәи рколлегацәа ацхыраара рыҭара ишазыхио, аҵла ахәшәтәраз ахәшә шаарышьҭуа рџьынџьуаҩ иҟаиҵаз аҳәарала.
Ажәабжьқәа зегьы
0