Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Чамагәуа еиҭеиҳәеит адемографиа аҿиара апрограммала сынтәа ашәарақәа рышҽырԥсахыз

Чамагәуа еиҭеиҳәеит адемографиа аҿиара апрограммала сынтәа ашәарақәа рышҽырԥсахыз
Анапаҵаҩра
"Адемографиа аҿиара" апрограммала 2022 шықәсазы 36,5 миллион мааҭ шәоуп ҳәа азгәанаҭоит Аминистрцәа реилазаара иаднакылаз аҳасабырба. 2022 шықәсазы аԥарашәара мҩаԥган 365-ҩык ахәыҷқәа рзы. Х-ҭаацәарак 200-200 нызқь мааҭ рызшәан еициз ахәыҷқәа рзы. Шаҟаҩы ахәыҷқәа ииз 2022 шықәса иалагӡаны, ашәарақәа рымҽхак, 2023 шықәсазы ашәарақәа реиҭакрақәа, иазгәаҭоу реизҳара уҳәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Арепатриациазы афонд аиҳабы Енвер Чамагәуа.
Иара иҳәеит ашықәс иалагӡаны аԥсуа ҭаацәарақәа рҿы ишиз 193-ҩык аҷкәынцәеи 172-ҩык аӡӷабцәеи ҳәа.
"Ҵыԥхцәа 2021 шықәса аасҭа иаҳа еиҵаны иит ахәыҷқәа. Ҳгәаанагарала, абри аковидчмазара, аҩнуҵҟатәи аекономикатә ҭагылазаашьа, еиуеиԥшым егьырҭ иҟалаз аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны иаҳа аира маҷхеит. Сынтәа акәзар, афинанстә лшарақәа ҳаԥшааит, аиҳабыра ирыдыркылеит аӡбамҭа ииуа аҩбатәи ахәыҷы изы 50 нызқь мааҭ роуларц аҭаацәа, ахԥатәи ахәыҷы изы 100 нызқь мааҭ, изныкны 200 нызқь мааҭ аԥшьбатәи ахәыҷы изы, иара убас уи еиҳангьы аизҳара ахьыҟоу аҭаацәараҿы", - иҳәеит Чамагәуа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
"Адемографиа аҿиара" апрограмма аус адулоуп Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы адемографиатә шәарҭадара аиқәырхаразы, адемографиатә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы, аԥсуа милаҭ еиуоу ахәыҷқәа риразы агәазыҟаҵара абзоурала.
Ажәабжьқәа зегьы
0