Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәнаҳала иҳацәдырӡыз ауаа абаҟа рыззыргылаз: Екатерина Бебиаԥҳа лыҿцәажәара - I ахәҭа

© Foto / предоставила Екатерина Бебиа Екатерина Бебиа презентовала книги о жертвах политических репрессий
Екатерина Бебиа презентовала книги о жертвах политических репрессий - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2023
Анапаҵаҩра
Ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа длыҿцәажәеит арепрессиа ашықәсқәа ирызку ашәҟәқәа ҩба "Харада ахара здыз" ("Без вины виноватые"), "Ахашҭраҟынтә анаӡаӡарахь" ("Из забвения – в бессмертие") равтор, ажурналист, апоет, апрофессор Екатерина Бебиаԥҳа.
Ааигәаӡа, Аԥсны агәаҿы, ҳажәлар рдоуҳатә культура ахәышҭаарақәа иреиӷьӡоу ируаку Самсон Ҷанба ихьӡ зху ҳаԥсуа театр аҟны имҩаԥысит ажурналист, апрофессор Екатерина Бебиаԥҳа арепрессиа ашықәсқәа ирызку лышәҟәқәа ҩба "Харада ахара здыз" ("Без вины виноватые"), "Ахашҭраҟынтә анаӡаӡарахь" ("Из забвения – в бессмертие") рӡыргара.
Атеатр кәапеишәа иҭәын, асҵәҟьа шәҟәык аҭыҵра еигәырӷьан арахь имҩахыҵуа, саргьы шьҭа схәыҷым, исымбацт!.. Сара сызхаану, абраҟа имҩаԥысхьоу ҳашәҟәыҩҩцәа риубилеиқәа - Алықьса Лашәриа, Алықьса Гогәуа, Мушьни Лашәриа, Платон Бебиа, Денис Чачхалиа, Гунда Сақаниаԥҳа абас азал ҭәны ибзиаӡан имҩаԥысит, аха урҭ иубилеиқәан, гәырӷьаратә еиԥыларақәан!..
Ари ахҭыс зынӡа даҽакуп, ара 37—40 шықәсазтәи ҳажәлар ирхыргаз атрагедиа иазку ашәҟәы аӡыргара акәын... Ара, убри имӷьаӡо ахәра, убри агәырҩа, уижьҭеи абри аҟара шықәса шыҵхьоугьы, згәаҿы иҵәахны измоу ракәын иааиуаз...
Презентация книги Из забвения в бессмертие журналиста Екатерины Бебия презентовала книги в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.03.2023
Аԥсны
Екатерина Бебиаԥҳа аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ирызку лышәҟәқәа ӡырылгеит
Иахьа сара слыҿцәажәарц сыӡбеит, ҩынҩажәа шықәса раахыс ашәҟәы аҩра иаҿыз, ариабжьаракгьы убри ашыра зегьы иалагылаз, убарҭ ашықәсқәа ирыцу агәаҟҵәаҟра ӷәӷәаӡа иацәымшәакәа ирзыхынҳәыз, иӡхьаз, ахәа зқәырԥсахьаз, иржхьаз акырӡа ҭоурых ҳзаазыртыз, имшәаӡо агәы зызҭоу, имааԥсаӡо ашьамхы зҵоу Екатерина Бебиаԥҳа!..
Аиаша шәасҳәап, абри аҟара ҭоурых "аазыртыз", рыԥсы рхазҵаз автор лыҿцәажәарагьы ус имариамызт, избанзар лара уи зегьы ҿыц даалҵын, лыԥсы лгарц, ҳауа цқьак лбаалдарц, дызлатәаз архив лхы анааллырҳәҳәа, сара уи аҭоурых ахь деиҭасырхынҳәуеит!.. Аха иҟауҵари, знык ари аҩыза "ахәра" аазыртыз, ахәырбӷьыц ақәҵашьагьы дақәшәоит…
— Екатерина, ҳаицәажәара иаразнак саԥыҩлан исҳәоит, бара гәырҩалеи шьаарҵәыралеи иҭәу 37—40-тәи ашықәс еиқәаҵәақәа рҭоурых багәылазгалаз, ббаҩхатәреи, быгәаӷьреи, бычҳареи шракәу… Арҭ ахԥа бымамызҭгьы, мҩабжарагьы бызнеиӡомызт, бнапқәа бываҳаны баанхон… Аха, Анцәа иҟынтә, уахь уаанӡатәи бжурналистикатә усура "баӡрыжәхьан", "бҽеиқәыршәан" баԥылеит ари аҩыза аусԥшьа… Ҩ-абиԥарак ҿиеит, ирызҳаит, аҭаацәарақәа ирылалеит, бара урҭ рабдуцәеи рандуцәеи рытрагедиа багәыланаҵы… Ҳаԥхьаҩ изы даара акраанагоит даҽазнык ибгәалабыршәар абри ашәҟәы аҩра бшалагаз, издыруеит, ари сызҵаара амца зыцроу аԥырӷеиԥш, еиҭах амца шыбнаркуа…
— 1980 шықәсазы акәын. Сара усҟан ахәбатәи акурс аҟны аҵара сҵон, аԥхынтәи апрактика сахысуан Аԥсуа телехәаԥшреи арадиои рҟны. Ҽнак дсыԥхьеит усҟан аҳәынҭқарратә телерадио еиҳабыс иҟаз Шамил Хәсин-иԥа Ԥлиа. Сгәы нҭыԥсааит, "ҳаиҳабы биҭахуп" ҳәа ансарҳәа. Сара макьана ԥышәак змам астудент џьара гхак ҟасҵаз џьшьа сеиԥхьхәыцаауа ишә снасны иуада сныҩналеит. Есымша еиԥш дычча-ччо днасхаҵгылеит Шамил Хәсин-иԥа. Сара макьана аштат сахыԥхьаӡалан, аусура сшаламгацызгьы уии сареи ибзиан ҳаибадыруан. Даара дҳазҿлымҳан ҳара – Гарри Дбар, Зураб Аргәын, сара – Аԥсуа телехәаԥшра анаадырты ажурналисттә кадр аҟамзаара иахҟьаны, уаанӡа аҵара ахьаҳҵоз Аҟәатәи арҵаҩратә инстиут аҟынтә Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика афакультет ахь ииаргаз ҳарҭ астудентцәа. Ҳҵара ҳалган ҳанбаауеи ҳәа даҳзыԥшын, акыр даҳхыццакуан, дагьҳахӡыӡаауан, изныкымкәа ҳҵараҵашьа агәаҭаразгьы Қарҭ дҳашьҭалан днеихьан, ҳаргьы Аԥсныҟа ҳаацыԥхьаӡа иара иҟны ҳамнеикәа ҳцаӡомызт.
Шамил дычча-ччо аԥсшәа аниҳәа, сыԥсы ааҭалеит, гха ҳәа акгьы ҟасымҵазаап ҳәа сыгәгьы ааҭынчхеит.
— Абри д-Амԥаруп, Семион ихьӡуп, Калдахәаратәуп, — ҳәа неиҳәеит Шамил Хәсин-иԥа сыпрактикатә усқәа шцо данрызҵаа ашьҭахь. – Уаҵәы Калдахәара бцоит, абри ауаҩы иашьцәеи иареи ирзыруз аҭоурых ҭыбҵаауеит. 1937 шықәсазы Амԥараа 12-ҩык уахык ала рыҩны идәылыргеит, иршьит, иқәыргеит. Урҭ рҟынтә ихынҳәыз абри заҵәык иоуп, ибаиҳәаша рацәоуп, насгьы урҭ ашықәсқәа ирхаану аиҳабацәагьы брыҿцәажәап, ргәалашәарақәа аныбҵап, ари аҭоурых ныжьтәуп, ари ҳажәлар ирхыргаз атрагедиа ду ауп… — дсацәажәон Шамил Хәсин-иԥа. Макьана аҵара иалымгац, апрактика иахысуа ас еиԥш ихатәроу атема ҳаиҳабы иахьсыдиҵаз џьасшьеит, аха ганкахьала сагьеигәырӷьеит дыхьсықәгәыӷуаз азы.
Згәы иаанагодаз усҟан мышктәи акомандировка ҳәа амҩа сызқәиҵаз уи ашьҭахь 40 шықәса уи санызаауеит ҳәа. Ааи, убас иҟалеит. Амԥараа рҭоурых гәыҭшьаага убри аҟынӡа сеилнашьааит, урҭ реиԥш ари атрагедиа зхызгаз зегьы рыӡбахә ҭысҵаарц сҭаххеит. Шамил Хәсин-иԥа азныказы мап сцәикит, сҵара салган санааи ари атема иацысҵарц анысыӡба. "Бара бқәыԥшуп, ари агәаҟра бааԥсы бгәы иазышьҭнамхыр ҟалоит", - иҳәеит сгәабзиара деиҷаҳауа, аха сыҭҵааратә план анизеиҭасҳәа, дхьаҳәхьачазаргьы, дақәшаҳаҭхеит.
Шамиль Пилия - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.11.2022
Аӷба акаԥдан: Аԥсуа телехәаԥшра напхгара азызуаз Шамил Ԥлиа игәаларшәаразы
Аибашьра ҟалаанӡа 12 шықәса инеиԥынкылан арепрессиа ашықәсқәа ҭҵаауа ҳаԥсуа қыҭақәа срепортиор кны сырҭаауан, агәалашәарақәа анысҵон, архивқәа рҟны аус зуан, ирӡыз, ишьыз рдокументқәа напыла ихызҩылаауан. Есшәахьа ашьыжь Аԥсуа радио аефир ала ицон инеиҵыху арадиодырраҭара, "Харада ахара зду" ҳәа хьӡыс измаз. Урҭ арадиодырраҭарақәа раӷьыракгьы еиқәхеит. Урҭ ԥхьакуп, Аԥсуа радио афонд аҟны еиԥш, сара схатәы архив аҟынгьы.
Ари атрагедиатә ҭоурых сзеиҭазҳәоз шамахамзар зегьы ԥсхьеит, аха инхеит ахьы иаҩызоу, аҵабырг хаҭа зҳәо ргәалашәарақәа. Иара убас инхеит архивтә нҵамҭақәа. Урҭ зегьы рхылҿиаара иаҿуп ашәҟәқәа. Ҳажәлар ргәынқьбжьы зныҩуа шәҟәқәоуп арҭ. Ауаҩытәыҩса игәы иазышьҭымхыша аҭоурых ргәылоуп. Аҩажәатәи ашәышықәса 30-40-тәи ашықәсқәа рзы Бериеи, Сталини, урҭ рымҵақьақьаҩцәеи ргыгшәыгра ҳәаа амамызт. Абраҭ ашәҟәқәа рҿы зыӡбахә ҳәоу ауаа харада ахара рыдҵаны рыԥсҭазаара здыркьаҿуаз – излаз аилазаараҿы иахьреиӷьыз, аԥсуа идунеи аԥшӡахара, аихаҳара иахьашьҭаз азы акәын. Аԥсуаа шьаҭанкыла ҳақәхра иашьҭаз роуп ари аполитика бааԥс зхы иархәан, иреиӷьыз ҳҵеира рҭархара иаҿыз. Макьаназы 8 қыҭак рҭоурых нагӡаны изну роуп дара. Игәыҭшьаагоу аҭоурыхқәа шәарҳәоит арҭ ашәҟәқәа! Аха, егьа ус иҟазаргьы, арҭ иргәылыҩуеит аԥсуаа ҳдоуҳамч аӷәӷәара, ахыламырҟәра, ачҳара ду, хара аԥшра. Ара иаагоу ауаатәыҩса рҭоурыхқәа иҳарҳәоит ацәгьа зыршо ацәгьа дшақәшәо, абзиа ҟазҵо бзиаран ишиԥыло, егьа шықәса царгьы, харада ахара здырҵо мышкызны ишыриашахо, ирзымҳәаз рҿахәы шынагӡахо, зыԥсадгьыли зыуаажәлари рзы иҟоу рыхьӡ рыжәлар рахь ишырхынҳәхо, ирхылҵыз, нас урҭ ирхылҵыз ргәы аладуны, рыхьӡ наӡаӡатәны аҭоурых ишанхало, урҭ рыхьӡқәа абиԥарақәа еимырдап.
Память жертв политических репрессий почтили у Кодорского моста  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.10.2022
Аԥсны
Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәаладыршәеит Кәыдрытәи ацҳа ааигәара
Актәи ашәҟәы "Без вины виноватые" рызкуп Лхаа харада ахара здырҵаз. Урҭ 187-ҩык ыҟоуп. Лхаа идырӡыз ирызкыз ашәҟәы анызыҩуаз иациит жәеинраалакгьы. Уи абас иҟоуп.
Ҳҭоурых мшын аизыркәкәарҭа, аԥсуа игәыцә,
Аԥсуа иашҭа, аԥсуа игәара ашьагәыҭ.
Лыхны ақыҭа ҳаибаркыра, ҳуаз ахьиз,
Абиԥара ажәа ӡрыжәны идзыркыз!
Жәынгьы-ҿангьы ҳҭоурых ҳәарҭа, аԥсуа иҭыԥ,
Ҭауад тәарҭан, жәлар еизарҭан ҳбираҟ шьҭых.
Зынгьы араҟа ашьа ақәкьасо ҳадгьыл шәын,
Даҽазныхгьы уаҩ дахымкәа иҭацәын.
Лыхны ақыҭа ацәа иҭаӡыӡон, амца акын,
Уҵеицәа ссирқәа амца иалакны иблын.
Лыхны ақыҭа зегь раасҭа уршьаҽит,
Рыг-рҿамҳәо шәҩыла уҵеицәа ара идырхит.
Шаҟа иҭбааны, шаҟа иссирны иазҳарыз,
Шаҟа абиԥара еиҵагылан иҟаларыз?
Ах, иараби, избан ҳадгьыл ҳзахдырҟьо,
Шьацқьала есымша аҿыхра заҳлахьынҵоу?
Лыхны ақыҭа — аԥсуа игәеисыбжь, аԥсуа игәы,
Аԥсны иагәҭылсоу, иагьамҵәыжәҩоу, иахьҭоу ҳаԥсы.
Лыхны ақыҭа, амра ацыԥхь ухаԥха!
Уара — Аԥсны ԥшӡа ахьтәы гәашә ацаԥха!
— Аҩбатәи ашәҟәаҿы иҳәоуп быжь-қыҭак рҭоурых: Дәрыԥшь, Ҟәланырхәа, Аҷандара, Тамшь, Кәтол, Џьгьарда, Ӷәада… Арҭ ақыҭақәа уи амҟәыл бааԥс иалсны еиҭаҿиеит, аха усҟан ирцәыӡыз иреиӷьӡаз рҵеира макьанагьы харҭәаашьа рымаӡам… Уи ашьҭахь иизгьы акыраамҭа идырӡыз рабацәа рыӡбахә аҳәара азин рымаӡамызт, рыхьӡҵәҟьақәа рҟырҟы икылахон… Бара бышәҟәаҿы ибҳәоит абри аҩыза ахшыҩҵак, "Идырӡыз аӡәы сихцәажәаны саналгалак, сгәы иснаҭоит уи ҿыц иԥсы ҭалазшәа, иҭаацәа дырзыхынҳәызшәа…". Ашәҟәы аӡыргараз атеатр аҿы итәаз аӡәырҩы рҭынхацәа убри ауха убас рыԥсқәа "ҭабҵазшәа" збеит сара!..
— Иҭабуп, Анатоли, ас ахьуҳәо! Иҵабыргны имаҷымкәа ауаа исарҳәон, исарҳәоит иахьагьы "ҳгәы иалаз ижьакцаз аҵәымыӷ алыбхит" ҳәа. Убас еиԥш зҳәо ашәҟәқәа соуит Аԥсны ахы аҵыхәа аӡәырҩы рҟынтә, аха зегь раасҭа сгәалашәараҿы иаанхаз шәҟәқәоуп: Раиса Камлиа (Дәрыԥшь), Нора Наҟәаԥиа (Афон), Жанна Копашевиӡе (Гәдоуҭа), Гәыгәыца Џьыкырба (Гәдоуҭа), Џьума Габуниа (Жәандәрыԥшь), Рамфелла Чамагәуа (Дәрыԥшь), Асида Ԥачлиа (Баслахә), Роза Чамагәуа (Аҟәа), Гәыли Кьычба (Аҟәа), Дона Малиа (Пицунда) уҳәа убас ирацәаҩӡаны. Аха абарҭ ашәҟәқәа рҟынтә сгәаҵанӡа инеиз иреиҳауп Аҟәатәи аԥшьбатәи ашкол афбатәи акласс аҵаҩы Софиа Ақаҩба илҩыз. Ахәыҷы лгәы аҟынтә имаауазҭгьы илзыҩӡомызт, ахәыҷы аҽхырцәажәара лылаӡам. Уи лара лыԥсы иахылҵыз ажәақәоуп.
Убас ирацәаҩны аҵарауаагьы рыбжьы ақәдыргеит. Даара акырӡа аҵанакуеит аҭоурыхҭҵааҩ ду, апрофессор Станислав Лакоба ицәаҳәақәа:

"Самая важная – документальная часть, воспоминания людей, многих из которых уже нет в живых. Очень ценно, что профессор Е. Г. Бебиа в своё время зафиксировала их устные рассказы, собрала редкие фотодокументы. Я вижу, какой огромный народный материал собран здесь, много нового из уст очевидцев, это очень важно. Можно сказать: она спасла их для истории и памяти народной".

Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Леонид Саманба иҩуеит: "Аиаша ҳҳәар ауми, Екатерина Бебиа – дфырԥҳәысуп, ахаҵа илымшашаз лыллыршеит… Уи лҿаԥхьа схырхәоит, аԥсуаа ҳҭоурых аҟәыҵәак гәылыршәаны иахьаалырԥшыз азы!.."
"Екатериана Гьаргь-иԥҳа Бебиа баҩхатәра ҳаракыла илылшеит дызхаанымыз аамҭа еиқәаҵәа ахаҿра аарԥшра, жәларык рлахьынҵадара ацәыргара", - ҳәа лыҩуеит апоет Заира Ҭҳаиҵыкәԥҳа.
"Екатерина абысҟак баҳзааигәоуп, аха бҩызцэа бара ишбыхәҭаҵәҟьоу баҳзеилымкаац. Бара ибымоу аматериал аҭоурых азы хәы амаӡам. Аамҭа цацыԥхьаӡа еиҳа-еиҳа акапан шьҭыҵуеит. Аума былшоит, аиаша басҳәап. Даара ибџьысшьоит, сыхәҭаахьала. Ари ашәҟәы ҭоурыхтә нҵамҭоуп, аԥхьара саҿуп. Аха ус ирласны сзаԥхьаӡом, избанзар сгәы иазышьҭнахуам урҭ зыӡбахә бҳәо ауаа рҭоурых хьанҭақәа. Сзыԥхьахьоу – гәыҭшьаагоуп, иагьҵабыргуп, иагьҳақуп…" — абас иҩуеит аҵарауаҩ Валери Бигәаа.
"…Аҳақ ашәара иазку шәҟәқәоуп. Ауаа рацәа рабшьҭра аҭоурых ахь изырхынҳәуа, ацәгьа ҟазҵо инапы ҿазҳәо, ацәгьа измырҟаҵо, ауаҩытәыҩса ррыцҳеибашьарахь, реибашаҭарахь, реихӡыӡаарахь изырхынҳәуа шәҟәуп, аԥҵамҭоуп, ҭҵаамҭоуп. Авторгьы лхаҿсахьа гәылҭәааны, лыжәлар рахь лгәыбылра шдуу, лмилаҭ ахаҭарнакцәа ррыцҳара рыцеиҩшара шылхықәку аанарԥшуеит. Ари аԥҵамҭа зыԥсы ҭоу баҟак иаҩызахеит харада ахара здыз ауаа рзы…" - ҳәа иҩуеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, аҭоурыхҭҵааҩ, алитератор Алықьса Папасқьыр.
Научная конференция по книге Екатерины Бебия - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.10.2021
Аԥсны
"Атеррор афактқәа": харада ахара зыдҵаз ирызкыз аконференциа мҩаԥысит Аҟәа
Иҵабыргны, арҭ ашәҟәқәа рҭыҵра ажәлар еигәырӷьеит, иџьасшьаратәы ирыдыркылеит. Сазыԥшӡамызт ас еиԥш абзарӡы, сыгәгьы иаанагаӡомызт ахаҵгылара ду аиуеит ҳәа.
— Уажәы сыззааҭгыло ахшыҩҵак исгәаланаршәеит даҽа хҭыс ссирк!.. Бара бышәҟәаҿы ибҳәоит, сгәыдыркылон, снапқәа рыгәӡуан зҭоурых зҩыз рҭаацәа, рмаҭацәа ҳәа. Ииашаҵәҟьан, закәытә мчузеи иамоу аҟазара, ажәа, еиҳаракгьы, уи ахаан иухамышҭуа хҭыск ианадҳәалоу!..
— Иҵабыргуп, ажәа амч дууп! Ианҵоу, насгьы аҵабырг хаҭа иахылҿиааз ажәа баҟак иаҩызоуп. Аҳақ зцу шәҟәқәоуп арҭ, убри аҟынтә амҵәыжәҩақәа рызҭаша ауаагьы анцәа ицәыригеит. Лхаа ирызку актәи ашәҟәы аҭыжьра алзыршаз роуп: Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахада Мусса Егзакьи, еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩ Константин Озган иԥҳацәа Кристинеи, Евеи, Виоллеи, Вероникеи. Быжь-қыҭак еидызкыло ашәҟәы "Ахашҭраҟынтә анаӡаӡарахь" ("Из забвения – в бессмертие") аҭыжьра рыбзоуроуп Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа анапхгаҩы Даур Наҷҟьебиа, иара убас зхатәы ҟәрышь ала ацхыраара сызҭаз ҟәланырхәаа: Руслан Гәыблиа, Алик Осиа, Аида Ҭраԥшь, Кәтолаа рҟынтә Аслан Басариа, сашьа гәакьа Леонид Бебиа, иара убас схаҭагьы схарџь нацҵаны. Ашәҟәқәа рыҩбагьы литературатә редакторс дрымоуп Иулиа Соловиова, ашәҟәқәа рыҩбагьы еиқәзыршәаз лоуп, атехникатә редактор, даара зџьабаа аду, забду ддырӡыз Наира Гәынԥҳа, ацәа асахьа ҭихит забду ддырӡыз Баҭал Џьопуа. Қыҭацыԥхьаӡа ирыцуп дара рхатәы аԥхьажәақәа. Урҭ иравторцәоуп: дәрыԥшьаа ирызку аԥхьажәа авторцәа рацәаҩуп – ақыҭа ахада Беслан Тәанба дналаҵан фҩык дәрыԥшьаа; аҷандараа раԥхьажәа рҩит Виталии Рамфеллеи Чамагәуаа; ҟәланырхәаа — Даур Ақаҩба; тамшьаа – Владимир Занҭариа, Саида Кәарҷиа; кәтолаа – Геннади Ҵлаиа; ӷәадаа — Надежда Ашәба; џьгьардаа – Мадина Амҷба. Аҩбатәи ашәҟәы ихадаратәу аԥхьажәа автор лоуп Милана Бжьаниаԥҳа.
— Урҭ ашықәс еиқәаҵәақәа зегь раҵкыс излаҿаасҭаз, узеибашьуаз, иуабашьуаз, иухараз акгьы уздырӡомызт. Уааргәамԥхар, хҩык рнапы наҵаҩны ашәҟәы наларҵар, акгьы ухараӡамзаргьы, удырӡуан!.. Уимоу, бышәҟәаҿы џьара ибҳәоит ухәы-ужьы еилазыргыло хҭыск. Нестор Лакоба иуацәеи иҭахцәеи зегьы андырӡ, иҩны аӡәызаҵәыкгьы дахымкәа зегьы анықәырга, амла инҵәаны ауура иаҿыз рла рыцҳашьан ргәыла ахәы ааган иахьаҿеиҵаз, аӡәы ацәгьа иҳәан, жәлар раӷа, атроцкист ила акраҿеиҵон ҳәа ддырӡит!.. Ари аҩыза ԥсраҽнынӡа уаҩы ихамышҭуа шаҟа хҭыс аныбҵазеи? Урҭ рахьтә, еиҳа уаҩы игәы ҿызкаауа даҽа ҭоурыхкгьы бгәалабыршәар сҭахуп, избанзар, уаҵәы игыло ҳҿар есымша иргәалаҳаршәалароуп дара иахьатәи аамҭа рзаагаразы, рмилаҭ рмырӡразы, урҭ ашықәсқәа ирылаӡыз ирхыргаз…
— Иҵабыргны, уаҩы ихаҿы заагара уадаҩу игәыҭшьаагоу ахҭысқәа ргәылоуп арҭ ашәҟәқәа. Лхаа ирызку аума, быжь-қыҭак еидызкыло аума, рдаҟьақәа рҿы зыӡбахә ҳәоу иреиӷьӡаз ҳҵеицәа ракәын. Урҭ раӷьырак ҵарауаан, Асовет мчра аагаҩцәан, инхацәа нагақәан, зынхара-зынҵыра бзиаз, зыжәлар рҿы зажәа нагаз ракәын.
Исгәаласыршәаша ахҭысқәа рацәоуп, аха ахааназ исхамышҭуа исзынхаз хҭыск ыҟоуп. Уи идҳәалоуп Артиом Еслам-иԥа Аншба (Лыхны). Жәлар раӷа ҳәа идырӡыз Артиом дахьжыз еилкааны, иашьцәа ибаҩ ӷьычны иааганы, уахынла, маӡала Лыхны анышә иамардон. Усҟан ихәыҷқәаз иԥҳа Еммеи иԥа Артури раб анышә дахьамардоз анеира азин рырымҭаӡеит, рылабжыш иахәаҽуа аԥенџьыр иадгылан рнышәынҭрақәа ахьыҟаз рыҩны ашьҭахьҟа иԥшуан. Адырҩаҽны раб инышәынҭра лабжышк ықәырҭәарц ианнеи, дахьжыз рзымԥшааит. Аиҳабацәа ианрызҵаа рқьышә рнапы адкылан иддырбон, "ҿышәымҭын" ҳәа аанаго. Уинахыс акыршықәса Еммеи Артури раб ара анышә дамардо, дамарымдо еилкаамкәа иаанхон. Ашьҭахь арепрессиа зызуз рыриашарақәа ианрылага, Еммеи Артури еилыркааит акыршықәсқәа раԥхьа маӡала раб ибаҩ иааргаз иан лгәы ишықәыржыз, анышәынҭра ҿыц шыԥҟоу аӡәгьы имбарц азы. Убас Артиом ибаҩ акыршықәса иан лгәы иқәжын… Нас еиҭаган, анышә ҿыц ԥҟаны ибаҩ ржит… Абри ахҭыс инарҭбаан аҵарауаҩ Емма Артиом-иԥҳа иансзеиҭалҳәа ашьҭахь мчыбжьык сахычмазаҩхан сышьҭан… Ари ажәабжь неиҵыхны иануп "Без вины виноватые" аҿы.
Исхамышҭуа хҭысуп акыршықәса зҭоурых аԥшаара сашьҭаз харада идырӡыз ауаҩы сара сахьиз саб игәараҭа иара ишитәыз анеилыскааз амш. Уи ахҭыс иазку инеиҵыху аочерк ануп "Из забвения – в бессмертие" аҿы...
Бебиаԥҳа лышәҟә ҿыц Из забвения в бессмертие иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.12.2022
Арадио
Бебиаԥҳа лышәҟә ҿыц "Из забвения в бессмертие" иазкны: 40 шықәсатәи сус ауп
Игәыҭшьаагоу хҭысуп иҭаркыз Мариа Аҟәысба цәгьамыцәгьала деибганы даныхынҳә, Аҟәа лыҩныҟа дшынармышьҭыз атәы. Лареи лашьа Ирадион Аҟәысбеи анҭарк, иаразнак рыҩны ақырҭцәа ирырҭеит. Мариа даныхынҳә, лыҩныҟа данынармышьҭ, дыҳәҳәо-дыҳәҳәо, амитә ҟалҵо, лгәашә аԥхьа аҽшьра далагеит. Данрызнымкыла, агәылацәа аҳәара ҟарҵеит лыҩны аҩнаҵаҟа аԥхьара́ азин лырҭарц. Лыҩны зырҭахьаз ақырҭцәа изланхоз ирцәыԥхашьашәа "ҩымшҟа быԥхьа" ҳәа Мариа лподвал дыҩнарҵеит. Уаҟа ухы ларҟәны ада узныҟәаӡомызт. Абас ишыҟазгьы, Мариа Аҟәысба акыршықәса лподвал хьшәашәаҿы дынхон, лханы ақырҭцәа рышьҭыбжь ллымҳа ҵнахуа… Ари ажәабжь неиҵыхны иануп "Без вины виноватые" аҿы. Абри ахҭыс сзеиҭарҳәеижьҭеи есымша сгәы алабжыш ҭаԥсоит. Мариа дахьынхоз абракәзар ҟалап ҳәа сгәы иззаанаго, иахьа сара аофис ахьсымоу азааигәара, Аҟәа Аҭынчра апроспекти Ҷоҷуа имҩеи реихысырҭаҿы игылоу аҩны санаҩсуа. Ус шаҟа рыцҳара?
Арҭ ашәҟәқәа иргәылоуп 20—30 шықәса Сибратәи алагерқәа зыхганы ихынҳәыз сара зыҿцәажәара сахьӡаз ауаа ргәалашәарақәа. Убарҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп игәыҭшьаагоу ажәабжьқәа сзеиҭазҳәаз: Владимир Цеиба, Давид Цеиба, Шьалуа Ҵәыџьба.
Сгәы аҵанӡа исзырхьыз хҭысуп Арушьан Касланӡиа иҭоурых. Ари аочерк сыҩуанаҵы сылабжыш сызнымкыло сҵәыуон, сымҵәыуар, сгәы еиҟәжәаны сыԥсуан. Ашьҭахь, издыруада схьаа сзырԥсасиуазар ҳәа иԥхьаӡаны слызцеит Арушьан иԥа еицырдыруа аҵарауаҩ Владимир Касланӡиа (усҟан иара идунеи иԥсаххьан) иԥҳәыс Џьульетта Қьецба-Касланӡиа. Арҭ аҭаацәара ирхыргаз арыцҳарақәа шеибаҳҳәоз акараҳәа иааҳаршеит. Уаанӡагьы акыр исзааигәаз Џьульетта уи аҵх инаркны еиҳәшьцәаҵас ҳаибаԥхьаӡо ҳалагеит. Лабхәа иҭоурых зҳәоз ашәҟәы анҭыҵ раԥхьа зышәҭқәеи зҳамҭақәеи зманы сыҩны инеизгьы лара лоуп. Сышәҟәы аартуа лылаԥш анахылгоз лҭагылазаашьа зеиԥшраз сыԥсы ҭанаҵы исхашҭуам…
Ашәҟәы аҭыҵра сара автор сеиԥш иазыԥшыз, "ҳашәҟәы анбаҭыҵуеи?" ҳәа исызҵаауаз рхыԥхьаӡара ҳәашьа амаӡам. Урҭ раԥхьа исыргылоит Кама Гогьиа, Милана Бжьаниа, Даур Ақаҩба, Наира Гәынба убас ирацәаҩны...
Анатоли Лагәлааи Екатерина Бебиаԥҳаи реиҿцәажәара актәи ахәҭа абраҟа ихыркәшоуп, аҩбатәи ахәҭа шәаԥхьарц шәылшоит иааиуа анҵамҭаҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0