Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Алахьынҵа узахыԥом": аишьцәа Нодиаа рҭоурых

© Foto / из архива семьи НодиаЛоу Нодиа
Лоу Нодиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.05.2023
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аҿы Асовет жәлар иргаз Аиааира амш аламҭалаз ажурналист Саида Жьиԥҳа дазааҭгылоит Лӡаа ақыҭа иалҵыз Лоу Нодиа иашьцәеи иареи рҭоурых.
Иааигәахеит Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аҿы Асовет жәлар иргаз Аиааира амш. Лаҵара жәба, кразҵазкуа рыцхәуп ҳмилаҭ рзгьы. Ари ишьаарҵәыраз аибашьра рыԥсы ахҭнырҵеит зықьҩыла ҳҵеицәа. Ирацәаҩӡоуп хабарда ибжьаӡыз, згәабзиара бжанатәыз, злахьынҵа ареиқәаз. Иахьа зыӡбахә сымоу Лӡаа ақыҭа иалҵыз Лоу Михаил-иԥа Нодиа дыруаӡәкыуп, аҭоурыхтә хҭыс хьанҭа аԥсҭазаараҿы ашьҭа ззыннажьыз. Аибашьра аветеран дызнысыз еиҭеиҳәоит имаҭа Лаврент Нодиа.
Лоу Нодиа 38 шықәса ихыҵуан аибашьрахь ианиԥхьа. Хҩык рыхшара иԥшәмаҳәыс Нуниа Хышԥҳа лнапы ианҵаны афронт ахь дцоит. Аԥхьанатә иара Кавказ ахьчара далахәын. Анаҩс, Ростов ахырхарҭахь иршьҭуеит. Араҟа Лоу акавалериатә гәыԥ дахәҭакны изныкымкәа Дон аӡиас дырны аӷацәа дырҿагылахьан. Еиҿахысра ӷәӷәак аан, афашистцәа рымч анеиҳаха, Лоу Нодиа икомандаҟаҵаҩ анемеццәа иҽриҭоит исолдатцәа рганахь ала аԥсҭбара маҷхарц азы. Ус Лоу, аҭҟәара иақәшәаз егьырҭ аибашьцәа реиԥш аконцлагер ахь дрышьҭуеит. Аамҭаказы иара Украина дҭакын, устәи Франциаҟа идәықәырҵеит.
Надежда Инал-ипа - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2023
Аԥсны
"Ахаҵамԥҳәыс": Надежда Инал-иԥа леибашьратә мҩа иазкны
"Сабду Франциатәи аконцлагер аҟнытә абналара илшеит, аха хара имгакәа еиҭа ддырбаандаҩуеит. Дҭаркуеит Чехословакиатәи аконцлагер аҟны. Асовет ар Аиааира амш андырааигәа аламҭалазоуп СССР адгылаҩцәа рахьтә аруаа неины рхы ианақәиҭыртәа. Аха усҟантәи аамҭазы азакәан иаҳәон, афашисттә концлагерқәа рҿы иҭакыз асолдатцәа атәыла аҽаԥхьа ахара рыдоуп ҳәа, уажәшьҭа асовет бахҭақәа рахь ишиаргоз. Убри инамаданы сабду ахақәиҭра имоуӡеит", - аҭоурых еиҭеиҳәоит амаҭа Лаврент Нодиа.
Лоу Нодиа аибашьра ашьҭахь Чехословакиа данҭакыз, абахҭаҟны амаҵура ныҟәызгоз аурыс еинралк машьынарныҟәцаҩс диман Лоу Лӡаа ицызҳаз Акаки Ԥачлиа. Ҽнак зны, Лоу аҭагылазаашьа маншәала анизаԥҵаха, игәыла маӡала аҳәара ииҭоит Лӡаа иҭаацәа рахь адырра ҟаиҵарц иԥсы шҭоу ала.
© Foto / из архива семьи НодиаЛоу Нодиа
Лоу Нодиа - Sputnik Аҧсны
1/2
Лоу Нодиа
© Foto / из архива семьи НодиаЛоу Нодиа
Лоу Нодиа - Sputnik Аҧсны
2/2
Лоу Нодиа
1/2
Лоу Нодиа
2/2
Лоу Нодиа
"Сабду иҭаацәа хынтә ашәҟәы рызнеихьан "Лоу Михаил-иԥа Нодиа аибашьраҿы хабарда дыбжьаӡит" ҳәа зныз. Акаки Ԥачлиа ихаҭа, Лӡаа сабду игәашә дылагыланы иԥсы шҭаз ажәабжь араҳәара дшаҿыз ауп, ахынтә раан ашәҟәы анрызнарга", - ажәабжь иациҵоит амаҭа.
Лоу Михаил-иԥа Нодиа Чехословакиатәи аконцлагер аҟнытә диаргоит Донецктәи абахҭахь. Аусӡбарҭаҿы ирыдыркылоит иара 10 шықәса аҭакра шиқәырҵо, аҩныҟа салам шәҟәыкгьы аҩра дақәиҭымкәа. Абаандаҩцәа ашахтаҿы аус ддыруан. Ус ишыҟаз, ашахта аусбарҭаҿы аус зуаз ԥҳәыск, аибашьра аветеран дааидгылан, "Лоу уакәӡами" ҳәа диазҵааит. Иҟалаз уи ауп, 1932-1933 шықәсқәа раан, Украина ӷәӷәала амлакра аныҟаз, рыԥсы еиқәхап ҳәа ешелонла Аԥсныҟа имаҷымкәа ауаа аарышьҭуан, аиҳараӡак ахәыҷқәа. Убас, Лӡаа ақыҭан инхоз Нои Гәочуа иҭаацәа дрыдыркылеит амлакра Аԥсныҟа иаанагаз ӡӷаб хәыҷык. Лара уаҟа илызҳаит, хымԥада аҩызцәагьы лырҳаит. Ажәакала, Лоу дыздырыз лара лакәзаарын. Лхәыҷратә ҩыза дзыниаз аҭоурых зегь анеилылкаа, лара лыԥсы еиқәзырхаз амилаҭ рахь илымаз абзиабареи аҳаҭыри ирыбзоурангьы илыӡбоит Лоу дицхраарц. Даалаганы ақьаадқәа еиқәлыршәоит Тҟәарчалтәи ашахтаҿы аспециалистцәа азхаӡом, Лоу Нодиа уахь ишьҭра аԥсоуп ҳәа арбаны. Ажәакала, зыхьӡи зыжәлеи уажәшьҭа ирхашҭыз, аха Лоу илахьынҵа зыԥсахыз аԥҳәыс илыбзоурахеит жәашықәса аҭакра зқәыз аибашьра аветеран иԥсадгьыл ахь иаара.
Лоу аҩныҟа даныхынҳә игәакьацәа ргәырӷьара ҵҩа амамызт. Аҭынчԥсҭазаара анышьақәгыла, Лоу аколнхараҿы аусура далагеит. Иԥшәмаԥҳәыси иареи дрыхшеит даҽа ԥак. Иумҳәарц залшом, ари аибашьра дшалахәыз Лоу иашьеиҵбы Владимиргьы. Иара быжьҩык ахшара шимазгьы Кавказ ахьчара дрышьҭуеит. Дыҟан сапиорс. Клыхәратәи аиҩхааҟны ахәра иоуоит. Ишьапы данықәгылалак ддәықәырҵоит Псковҟа. Убра дақәшәоит угәы ҭызшьаауа хҭыскгьы.
© Foto / из архива семьи НодиаВладимир Нодиа
Лоу Нодиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.05.2023
Владимир Нодиа
"Сабду иашьа Владимир, Псков ирратә уалԥшьақәа нагӡауа дышнеиуаз, аҵәыуара иаҿыз ҭакәажәык диқәшәоит. Лара иалҳәоит "Бандераа" ҳәа изышьҭаз Украинатәи анационалистцәа лмаҭа лыԥсы шҭаз анышә дшамардаз. Владимир уи аҭыԥ анилырба, иаразнак ажра далагеит. Анцәа иџьшьаны аӡӷаб лыԥсы ҭаны дыҵихуеит. Андуи амаҭеи гәырӷьаҵәа игәыдеибакылонаҵы, Владимир анышә иҵаз амина дахаԥжәоит. Ахыԥҽыхақәа игәы иалалоит, иҿахнаҵәоит инацәкьарақәак. Владимир амедицинатә цхараара иҭаны маҷк ишьапы днанаго даныҟала аҩныҟа даарышьҭуеит", - аҭоурых иациҵоит Лаврент.
Аишьцәа Лоуи Владимири, аибашьра иалҵны иаауазар ҳәа ирзыԥшыз ран Екатерина Дасаниаԥҳа лгәахәтәы дахьӡеит. Аԥҳәыс бырг лажәра зырхәашьыз ахҭысқәа дрыниазаргьы, зегь акоуп аҵыхәтәантәи лышықәсқәа лыхшареи лмаҭацәеи рыгәҭа илхылгеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0