Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ашықәс иалагазар Гәдоуҭа араион аҿы амҩатә машәырқәа ирыхҟьаны жәеизаҩык ҭахахьеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Милиция
Милиция  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.05.2023
Анапаҵаҩра
Амҩақәа рҿы аҭагылазаашьеи азинеиҿкаара ақәныҟәареи ирызкыз аилацәажәара мҩаԥысит Гәдоуҭа араион ахадараҿы ашәахьа, лаҵара 15 рзы.
ГӘДОУҬА, лаҵара 16– Sputnik, Бадри Есиава. Ашықәс иалагазар Гәдоуҭа араион аҿы амҩатә машәырқәа ирыхҟьаны жәеизаҩык ҭахахьеит, жәаҩаҩык аахақәа роуит иҳәеит есымчыбжьатәи аизараҿы Аҩнуҵҟатәи аусқәа Гәдоуҭа рраионтә ҟәша аиҳабы Зосма Гыцба.

"Аиҳарак иазгәарҭо амашьына аццакра ауп. Ҳара иҳалшом аԥсҟы зку зегьы амилициа аусзуҩцәа рываргылара. Аҭаацәа рахь аҳәара ҟасҵар сҭахуп рыхшара ирабжьарц, ирхылаԥшларц. Иаҳҳәап, иацы ауха 15 - 16 шықәса зхыҵуаз асааҭ 4:00 рзы ақалақь инеиааиуа иалан. Абри аамҭазы арҭ ақәыԥшцәа ақалақь аҟны иҟарҵоз? Иабаҟаз урҭ рҭаацәа?" - иҳәеит Гыцба.

Абӷархықә ақыҭан лаҵара 13 рзы иҟалаз арыцҳара далацәажәо, араион ахада Баграт Боџьгәуа иҳәеит амҩаҿы ашәарҭадара ақәныҟәаразы ауаажәларра алархәны аилацәажәара шаҭаху.
Милиция  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2023
Аԥсны
Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы имаҵзура аҟынтә ихы дақәиҭтәуп
"Ҳара еснагь амилициа, автоинспекциа русура ҳалацәажәоит, аха аҭыԥқәа рҿгьы аус ааулароуп. Ақыҭақәа рхадацәа срыҳәоит аҭыԥқәа рҿы русура дырӷәӷәаларц. Актив еизыжәга, шәрацәажәа. Аиҳабацәа, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа, иҭахаз ранацәеи рабацәеи адыжәгала. Ателехәаԥшра нашәԥхьа арҭ азҵаарақәа рылацәажәаразы. Шәааи ҳаицхыраап", - иҳәеит Боџьгәуа.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа Гәдоуҭа рраионтә ҟәша аиҳабы иҳәеит иааиуа амчыбжь инаркны ишазгәаҭоу амилициа аусзуҩцәеи ашколхәыҷқәеи реиԥыларақәа.
Гәдоуҭа араион апрокурор Едуард Шамба иазгәеиҭеит араион аҿы автоинспекциа аусзуҩцәа шазымхо, уи иааизакны амҩаҿы иҟоу аҭагылазаашьагьы ишаныруа. Иара игәаанагарала, иаалырҟьаны имҩаԥырго агәаҭарақәа лыҵшәадоуп, есыҽны аус улатәуп.

"Аҿар аус рыдулара акәзар, апрокурорцәа рыцхырааҩцәа алархәны алекциақәа рымҩаԥгара азгәаҭоуп. Иара убас изныкымкәан ишыҟаҳҵахьоугьы, иалагалоуп амҩатә ԥҟарақәа рзеиҭаҳәара", - иҳәеит Шамба.

Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба аҵара аҟәша аиҳабацәа дрыҳәеит араион ашколқәа рҟны аҵаҩцәа рыҟамзаара ахылаԥшра арҭаларц, ашколқәа рхадарақәеи аҭаацәаратә еилакқәеи ирацәажәарц, избанзар аҵатәхәқәа аныбжьарыжьуа рацәоуп.
Машина милиции Гудаутского района  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2023
Аԥсны
Хәҩык ауаа ҭахеит Гәдоуҭа араион иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба атәыла Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Родик Базба имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭитәит лаҵара 13 рзы аԥсҭбарақәа зцны амҩан иҟалаз амашәыр инамаданы. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Иара убас, рмаҵзурақәа рҟынтәи рхы иақәиҭтәуп ҩыџьа ихаҭыԥуаа Рауль Ҳагбеи Алхас Еныкьи Гәдоуҭатәи араионтә аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Инал Агрбеи. Аҩнуҵҟатәи аусқәа Гәдоуҭа рраионтә ҟәша аиҳабы Зосма Гыцба лахь иҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0