Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Зегь реиҳа еиқәаҵәоу": аԥштәқәа рдунеи ҳмилаҭтә культураҿы

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБаку и его жители в период обострения ситуации вокруг Нагорного Карабаха
Баку и его жители в период обострения ситуации вокруг Нагорного Карабаха - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.05.2023
Анапаҵаҩра
Аԥштәқәа ирызку аматериал азлырхиеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аиаҵәара рхыҩлоит адәқәа,
Шәҭышырҭоуп, еилаԥсоуп аԥштәқәа.
(Баграт Шьынқәба)
Ҳазну адунеи шәҭыкакаҷла ихҟьоуп, ԥштәы рацәала еилаҳәоуп. Ԥштәыда ҳаԥсабара, иааҳакәыршаны иҟоу зегьы ухаҿы иузаагом, агьама ацәыӡуеит, иԥшшәыдахоит. Иарбанзаалак шәҭума, ҳаскьынума иамоуп даҽакы иаламҩашьо ахатәы ԥштәы.
Аԥштәқәа (даҽакала "аԥшшәқәа") рполитра ҭбаауп. Досу дара рҭыԥ аҿы иҟоуп, ихеибарҭәаауеит. Ҳаԥсҭазаараҿы аԥштәқәа иаҳдырбоит агәалаҟара, агәышьҭыхра, амилаҭ рдунеихәаԥшра, рхәыцшьа уҳәа.
Адунеитә ҭҵаарақәа шәпакы рҿы излазгәаҭоу ала ажәытәӡатәи ауаҩы изы ицхыраагӡаз ԥшшәхәқәан - аиқәаҵәеи ашкәакәеи. Урҭ рыбзоурала иара амши аҵхи еилирго далагеит. Убри аахижьҭеит акыр зқьышықәсақәа шҵхьоугьы, ҿыӷәӷәала иаҳҳәар алшоит, иахьагьы аԥштәқәа зегьы ишрылыркаауа аиқәаҵәеи ашкәакәеи.
Петух ходит по огороду - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2022
Аԥсны
Арбаӷь абызшәеи уи асимволикатә ԥштәқәеи: аиқәаҵәа, ашкәакәа, аҟаԥшь
Маҷӡак иадамхаргьы ҳмилаҭтә культура иаҿырԥшны урҭ аԥшшә хкқәа ҳрылацәажәап.
Ашкәакәа
Ашкәакәа - иԥшьоу, ицқьоу, иҟәымшәышәу, инасыԥу аилкаарақәа ҳнарбоит. Иаагозар, аԥсуаа ашәарах шкәакәа иреишәарыцомызт, урҭ Ажәеиԥшьаа рыхьшьцәа роуп, егьырҭ ашәарах ирхылаԥшуеит ҳәа азырыԥхьаӡон. Ашәарах шкәакәа зшьыз – Ажәеиԥшьаа ашәарах ииҭомызт.
Аԥсуа бызшәаҿы ашкәакәа аԥшшәы иадҳәаланы ирҳәо иреиуоуп: "Ахшаара дызмоу иажәра шкәакәоуп", "Насыԥ шкәакәа лзыԥшызаарын", "Асы шкәакәоуп, аха цәгьа ицоуп". Иара убасгьы:
Аԥсҭазаара бзиа змаз ахаҵа изы: "Хҭырԥа шкәакәала дымҩасит" - рҳәоит.
Ауаҩы иқәымҿиаз уск иазкны ирҳәоит: "Ажьа шкәакәа иԥылеит".
Зыԥсҭазаара бзиахаз аԥҳәыс лзы ирҳәоит "Касы шкәакәала дымҩасит".
Иҟазҵо ззымдыруа иқәхаз изы: "Ажьа шкәакәа зкыз диеиԥшхеит" - рҳәоит.
Иумҳәарц залшом, Аԥсны Аҳәынҭқарра асимвол хадақәа иреиуоу - Абираҟи Агерби ирну ашкәакәа аԥшшәы адоуҳаи атәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥши ишырсимволу.
Аиқәаҵәа
Аиқәаҵәа – имчу, мыцхәы зыхҭакра ҽеим, ауаҩы иқәыӷәӷәо ԥштәны иԥхьаӡоуп. Хадаратәла ацәгьа-мыцәгьа, иҵоурам зегьы ԥштәы еиқәаҵәала иаарԥшуп. Ауаҩы агәаҟра данақәшәалак, ишәиҵо амаҭәа еиқәаҵәа аԥсуаа "ашәы" ҳәа азаҳҳәоит.
Траур - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.06.2021
Аԥштәы апсихологиа, мамзаргьы ашәы - ашәы абоит
Абызшәаҟны аԥштәы еиқәаҵәа иадҳәаланы ирҳәо иреиуоуп:
"Лахьынҵацәгьа имазаарын", "Иажәра еиқәаҵәахеит", "Иразҟымҩа еиқәаҵәахеит", "Ичуан еиқәаҵәахь дхынҳәит" уҳәа.
Зус зықәманшәаламхаз изы аԥсуаа: "Ацгәы еиқәаҵәа иԥылеит" - рҳәоит.
Зхада аӡәгьы игәра зымго изырҳәоит: "Ахш еиқәаҵәак хызар ҳәа дхыԥшылоит".
Еибаргәааз шьоукы ирызкны: "Ацгәы еиқәаҵәа рыбжьысит".
Зыҩны зызгьамоу, даҽаӡәы итәы иашьҭам изы: "Доусы ичуан еиқәаҵәа иҭыҵуа шихаҳауа, егьа ишкәакәазаргьы даҽа чуанк иҭыҵуа ихаҳауам" - рҳәоит.
Згәаҭа ҩбоу ауаҩы: "Мыцхәы иуҿаччан иуԥылаз, уимеилаҳан, уи деижьагоуп, иччаԥшь еиқәаҵәоуп" - ҳәа изырҳәоит.
Зегь реиҳа еиқәаҵәоу
Аҵыхәтәан иасырбарц сҭахуп Шьаликәа Камкиа иеизга "Кәыдры ацыԥхьқәа" аҿы ианылаз жәлар рҳәамҭак. Уи абас иалагоит:
"Ҵлак амҵан еиқәшәеит гәаҟрак-гәаҟрак зхызгахьаз ауаа. Урҭ тәаны ргәаҟрақәа ирылацәажәон.
– Сара зҵаарак сымоуп, шәаасзыӡырҩ, - иҳәеит руаӡәы.
– Ҳаузыӡырҩуеит, иарбану иара? – егьырҭ азҵаарақәа неиларыԥсеит.
– Адунеи аҟны зегьы реиҳа еиқәаҵәоузеи? - итәаз зегьы неихәаԥшы-ааихәаԥшит, аха аӡәгьы ҿиҭуамызт.
– Сара сгәанала зегь реиҳа еиқәаҵәоуп алаҳәа, - иҳәеит аӡәы.
– Алҩақ, - иҳәеит егьи.
– Арацәа, - нациҵахт даҽаӡәы.
– Мап, шәарбанзаалак аӡәгьы шәиашам. Адунеи аҟны зегьы реиҳа еиқәаҵәоу уи – аҭынхада иоуп - иҳәеит агәаҟра иафахьаз ҭаҳмадак дахьтәаз".
Ажәабжьқәа зегьы
0