Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Решетников Аԥсныҟа иаара иалагӡаны иибаз-иаҳаз атәы еиҭеиҳәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Максим Решетников
Максим Решетников - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников Аԥсныҟа усутә ныҟәарыла дааит ԥхынгәы 4 рзы. Иара дырҭааны ибеит Аинвестпрограммала зыргылара иаҿу аобиектқәа, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа диқәшәеит.
АҞӘА, ԥхынгәы 4 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы имҩаԥысит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетникови апресса рахь рцәырҵра, дара еихыршьалеит урыстәылатәи аделегациа Аԥсныҟа раара алҵшәақәа.
© Sputnik / Томас Тхайцук Максим Решетникови Кристина Озгани
Максим Решетников и Кристина Озган  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2023
Максим Решетникови Кристина Озгани
Решетников ишазгәеиҭаз ала, атәылахь раара раԥхьаӡа инаргыланы изызкыз Урыстәыла ацхыраарала зыргылара иаҿу аобиектқәа ргәаҭара ауп. Уи еиҳарак афымцамчи акоммуналтәи инфстрактура аобиектқәа роуп. Аминистр иҳәеит арҭ аобиектқәа Аԥсны анхацәа реиԥш, атуристцәа рзгьы аҵак ду шрымоу.

"Ҵыԥх Аԥсны рыԥсы ршьеит миллионҩык инареиҳаны урыстәылаа. Сынтәагьы убри аҟара ҟалап ҳәа сгәы иаанагоит. Убри азы акраҵанакуеит афымцамч хыбрақәеи, ацрыҵцарҭатә ргыларақәеи, агәамсамеизгарҭақәеи ишақәнагоу аус рулар. Арҭ акомплекстә усурақәа иахьа ирҿуп афедералтә биуџьет ацхыраарала", - иҳәеит Решетников.

Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр инаҵшьны иҳәеит Аԥсны имариам ареформақәа шымҩаԥысуа, ареспублика ахахьы иагаз ахыдҵақәа шынанагӡо. Иара ишиҳәаз ала, аҳҭнықалақь аҳаирбаӷәаза аусуразы иҵегьы аинвестициақәа зҭаху афымцамчтә обиектқәа шыҟоу.
"Ҳара ҳалацәажәеит арахь аинвесторцәа аарц азы ареспубликазы ихырҳагоу еилаӡарақәас иҟаҵатәу. Хымԥада иазгәаҭатәуп ари зегьы ареспублика аҿиаразы ишхәарҭоу. Аусуратә ҭыԥқәа, ауалафахәқәа уҳәа абарҭқәа зегьы рынагӡара мариахом урҭ ҟамлакәа", - иҳәеит иара.
Решетников инаҵшьны иҳәеит Аԥсны аекономика ирласны ишыҿио, иахьатәи аамҭазы абиуџьет 58% ареспублика ахала ишарҿио, иаанхаз 42% - Урыстәыла абиуџьет асубсидиақәа рҟынтәи ишаиуа.
Подстанция Дранда  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2023
Аԥсны
Афымцастанциа маҷ "Дранда" Аинвестпрограмма иаларҵар ҟалоит
Аганқәа алацәажәеит аҭыԥантәи аарыхыҩцәа рыдгылара азҵаарагьы. Урыстәыла аекономҿиара аминистр иажәақәа рыла, Аԥсны алшарақәа рацәаны иамоуп аргыларатә материалқәеи афатә аалыҵи рыҟаҵаразы.
"Раԥхьа иргыланы, аҭыԥантәи абизнес иацхраатәуп. Аекономика зыҿиаӡом анҭыҵынтәи иааз аинвесторцәа рымацара рыла. Еснагь зегьы шьаҭас ирымоу аҭыԥантәи абизнес ауп", - ҳәа инаҵишьит Решетников.
Кристина Озган лакәзар, лколлега иҭабуп ҳәа иалҳәеит аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рырҿиаразы иаадырԥшуа азҿлымҳареи аџьабааи рзы.
Министр экономразвития России Максим Решетников прибыл в Абхазию - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2023
Аԥсны
Решетников Гәылрыԥшь араион аҿтәи аполигон аҿы аусурақәа шымҩаԥысуа гәеиҭеит
Ажәабжьқәа зегьы
0