Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Икьыԥхьуп аҭакырҭақәа рҿы ауаҩытәыҩса изинқәа ишрықәныҟәо азы агәаҭаратә дыррақәа

© Sputnik / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота российских саперов в Херсонской области
Работа российских саперов в Херсонской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.07.2023
Анапаҵаҩра
Агәаҭарақәа мҩаԥысуан ажьырныҳәа 18 инаркны жәабран 28 рҟынӡа. Абри аамҭазы Аԥсны ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара лнапы ианын Асида Шьаҟрылԥҳа.
АҞӘА, ԥхынгәы 6 – Sputnik. Аомбудсмен дырҭааны илбеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҿы иҟоу адкыларҭа ҷыда, Аҟәа араион аҿы заанаҵтәи аҭакратә ҭыԥқәа, Гал, Гагра, Аҟәа араионқәа рҿы аамҭалатәи аанкыларҭақәа.
Агәаҭарақәа мҩаԥысуан ажьырныҳәа 18 инаркны жәабран 28 рҟынӡа.
Агәаҭарақәа рылкаақәа инарықәыршәаны игәаҭаз ахыбрақәа реиҳарак рҟазшьарбагалеи уаҟа иҭаку ауаа рҭагылазаашьалеи, Аԥсны азакәанԥҵареи жәларбжьаратәи анормақәеи иреиҵаӡоу рыстандартқәагьы ирықәшәаӡом.
Арҭ аҭыԥқәа рыхәшьараан ихадоу акәны иазгәаҭан - иаанкылоу рзеиԥш ҭагылазаашьа, ргигиена, рыкрыфара, рмедицинатә маҵзура.
"Асеиԥш аҭагылазаашьақәа рҟны ауаа рыҟазаара ауаҩы ириашара, аҽа цәгьоурак ҟаимҵарц иҭаххара ирхықәкхом. Ауаҩы илшаӡом ииуыз ацәгьа аххәыцаара. Иара ихы-иԥсы дахьнанагаз иҟоу иҽанраалара акәхоит. Уи иара иуаҩра еиҳагьы иҵнашәаауеит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аомбудсмен абарҭ алкаақәа ҟалҵеит:
акамерақәеи аиара ҭыԥқәеи рхыԥхьаӡара азхаӡом, аиҳарак аԥхынразы;
ахыбраҿы иҟоу акамерақәа зегьы аус руӡом;
агәзҩара ззыҟоуи ахара здырҵои ирырҭо ихымԥадатәиу амедицинатә маҵзура ыҟаӡам;
дара арахь ианааргалак раԥхьатәи амедицинатә ҭҵаарақәа ирхрыжьӡом.
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иадгалан аҭакырҭа ҭыԥқәа рҿы аҭагылазаашьа аиӷьтәразы абжьгарақәа:
иҭаку, азакәанԥҵара иазгәанаҭо иреиҵаӡоу ашәага-загақәа ирықәшәо аҭагылазаашьақәа рзаԥҵара;
хәыда-ԥсада хынтә рыкрыфара аиҿкаара;
аԥсшьаратә неиааирҭақәа рҿы ишақәнагоу аиҿкаара, амшқәа аныцәгьоу рныҟәараз урҭ рхыбырц, атәарҭақәеи агәамкаԥсарҭақәеи дыргыларц.
Адокумент атәыла ахада, Апарламент аиҳабы, аԥыза-министр, апрокурор хада, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр, агәабзиарахьчара аминистр ирзынашьҭуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0