Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аԥсреи аччареи еицуп": "Ҵи-ҟәарҭ" - аҷаԥшьараҿы имҩаԥыргоз ахәмарра

© Sputnik / Таисия Воронцова / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Аԥсреи аччареи еицуп": "Ҵи-ҟәарҭ" - аҷаԥшьараҿы имҩаԥыргоз ахәмарра
Аԥсреи аччареи еицуп: Ҵи-ҟәарҭ - аҷаԥшьараҿы имҩаԥыргоз ахәмарра - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа реиԥш кавказаа аӡәырҩы аԥсраан имҩаԥырго аҷаԥшьара ақьабз атәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцент аусзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Аԥсреи аччареи
Ирҳәоит "аԥсреи аччареи еицуп" ҳәа, "алаӷырӡ ахьыҟоу аирагьы ыҟоуп" шырҳәо еиԥш. Иуҭахы, иуҭахым аԥсраҟны иҟалалоит аҭагылазаашьақәа аччара уаныхҭанакуа. Ҳаамҭазы аԥсрақәа рҿы аччара иҽеим хымҩаԥгашьаны иԥхьаӡоуп, аха ажәытәан аччара аԥсра иацу аритуалқәа ирыхәҭакын. Ганкахьала, аччара ауаҩы инарцәымҩахь аиасра арманшәалоит, иарласуеит ҳәа иршьон. Абырзен ҭоурыхҩҩы Страбон иазгәеиҭахьан абырзенцәа имҩаԥыргоз аԥсрақәа раан рыбжьы ҭыганы иччон ҳәа. Даҽа ганкахьала, аԥсра ахьыҟоу "аԥсқәа еизоит" ҳәа иԥхьаӡоит, урҭ рҟынтәи иҟазар ауеит "зыԥсы ҽеим", аӡәы иԥырхагахар ауа. Убри азын аччара араҟа аԥсылаԥш аҟынтәи уахьчоит ҳәа иазгәарҭон.
Ас еиԥш иҟоу ажәытәӡатәи ақьабзқәа ҳаамҭазтәи ауаҩы изы иџьашьахәуп, аха ажәытәӡатәи ауаа дара рхәыцшьа рыман, аԥсреи абзареи рҳәаа еиланы иахәаԥшуан. Аҵәыуара мыцхәы бзиаӡам ҳәа иршьоит иахьагьы, убри аан аччара аҩнаҭазы еиӷьу аамҭа аанагоит ҳәа иазырыԥхьаӡон.
Иазгәаҭатәуп, ажәытәан аԥсрақәа рҿы аччара ишазалхыз аамҭа. Уи аҷаԥшьараан акәын.
Время рассыпается в руке человека - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2021
Аԥсны
Ҩ-дунеик рыбжьара: аԥсуаа нарцәы ишазыҟоу
Аҷаԥшьара
Аҷаԥшьара – ари ажәытәӡатәи аамҭақәа рҟынтәи иаауа қьабзуп. Уи рымоуп аԥсуаа ҳаиԥш кавказтәи ажәларқәа аӡәырҩы. Аӡәы ӷәӷәала данхәыз, мамзаргьы чмазҩы ӷәӷәак дахьыҟаз ауаа еизаны идтәалон, дырҷаԥшьон, ашәа ҳәо, алаф ҳәо игәы дырӷәӷәон, уахынлатәи аамҭа ихыгара дырмарион. Ари иаанарԥшуан аицхыраара, аидгылара, иара ачымазаҩ ихаҭагьы игәы арӷәӷәара.
Уи анаҩсангьы аҷаԥшьара аритуал мҩаԥыргоит аԥсы дахьыкҿоугьы. Аҷаԥшьарахь инеиуа агәылацәеи ауа-аҭахи роуп, аиҳарак аҿар. Аҷаԥшьара ақьабз адоуҳатә ҵакы адагьы, иамоуп апрактикатә ҵакгьы. Аԥсы акы "даҟьашьыр" ҟалоит – ацгәы, аҳәынаԥ, амаҭ уҳәа – убри азы ихылаԥшуеит. Уи адагьы аԥсы алашьцара дацәшәоит рҳәоит.
Аҷаԥшьараҿы еизо аҿар раамҭа лафҳәарала, хәмаррала ирхыргоит. Ажәытәан уи ахәмарра адраматә ҟазшьа аман, ақьачақьцәа аднагалон.
Человек зажигает свечу - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.11.2021
Аԥсны
Аԥсрақәа, аиныхрақәа, аԥсхәрақәа: ацәгьа амҩаԥгашьазы идыртәу аҟынтә хәҭак
"Ҵи-ҟәарҭ"
Ажәытәан аԥсы иҷаԥшьараан ақьачақьцәа имҩаԥыргоз ахәмаррақәа иреиуоуп "Ҵи-ҟәарҭ" ҳәа хьӡыс измаз. Иара зеиԥшроу ала, хәыҷы хәмарра аҟазшьоуп иамоу. Ари ахәмарра иалоуп аҟәарҭи акәҷарақәеи. Амаҭәа ажә-мыжәқәа ишәҵаны "ҟәырҭ-ҟәырҭ" ҳәа аӡә даарылалон, уи ишьҭалан ицәырҵуеит "ҵи-ҵи" ҳәа акәҷарақәа. Урҭ рыхәмарра илахҿыху адиалогтә формала имҩаԥысуеит. Акәҷарақәа "амла ҳакуеит, акраҳҿаҵа" ҳәа аҟәарҭ иашьҭоуп, аҟәарҭ "ишәҿасҵо сымам" аҳәоит. Абри еимаркуеит-еиҿаркуеит.
Ари ахәмарра аимпровизациатә ҟазшьа амоуп, ихәмаруаз ражәақәа ахәмарра анцоз аамҭазы ирхәыцуаз роуп, даҽакала иуҳәозар, авариантқәа рацәаны иамазар алшон. Ахәмарра арччара адагьы, ааӡаратә ҟазшьагьы аҵан. Ус ауп ишыҟоу еснагь аҷаԥшьарақәа раан лафума, жәабжьума, хҭысума, еиҭарҳәо ааӡара, алабжьара зныԥшуа еиҭаҳәарақәоуп.
Аҷаԥшьара аритуал ҳаамҭазгьы иҟоуп, уи апрактикатә функциа еиҳа аԥыжәара шамоугьы, алаф, аччарагьы ацуп. Еиҳарак еиҭарҳәо ирҷаԥшьо идҳәалоу ахҭысқәа роуп. Иара аԥсра ахаҭагьы ҿыц иирак еиԥш иахәаԥшуеит, убриазы акәхап алаӷырӡи аччареи еицуп ҳәа зырҳәо…
Траур - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.06.2021
Аԥштәы апсихологиа, мамзаргьы ашәы - ашәы абоит
Ажәабжьқәа зегьы
0