Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аинтернет аҿы иҟам ала ахцәажәараз ашьауӷатә ҭакԥхықәра шьақәыргылоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Сессия в парламенте Абхазии
Сессия в парламенте Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.07.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 26 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент аҵыхәтәантәи аԥхьарала иаднакылеит азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәа рахь ариашарақәа.
Аилыркааратә цҵаҿы ишаҳәо ала ариашарақәа рзырхоуп ареспублика азакәанԥҵара ашьауӷатәи ашьауӷа –процессуалтә нормақәеи реиӷьтәра.
Аԥсахрақәа аинтернет назлоу аинформациа-телекоммуникациатә ҳақәа рҿы иҟам ала ахцәажәараз ашьауӷатә ҭакԥхықәра шьақәдыргылоит.
Уи адагьы ишьҭыххоит ахараԥса:
иҟам-ианым ала цәаԥҽрыла ахцәажәаразы – 50 - 100 нызқьмааҭ (уаанӡа 10 - 25 нызқьмааҭ),
иҟам-ианым ала цәаԥҽрыла ауаа ирбо-ираҳауа ала ақәгылара, "Интернет" налаҵаны АИХқәа рҿгьы – 50 - 100 нызқьмааҭ (уаанӡа 20 - 40 нызқьмааҭ),
ауаҩы ихьанҭоу ма даара ихьанҭоу ацәгьоура ҟаиҵеит ҳәа иҟам-ианым ала цәаԥҽрыла ахцәажәаразы – 150 - 200 нызқьмааҭ ма 2-5 шықәса ихақәиҭра иалхәдатәра (уаанӡа 2-5 шықәса ихақәиҭра иалхәдатәра),
Ариашарақәа рыла иара убасгьы ирҭбаан ауаа рыла ахәҳаахәҭра иадҳәалоу аумҭақәа рырҭбаара. Уажәшьҭарнахыс ԥхьаҟа ахәыҷы ԥас ма ԥҳас иҟаҵаразы ахәыҷқәа рыла ахәҳаахәҭрагьы азакәан ашьҭазаара аиуеит.
Азакәан апроект иазгәанаҭоит иара убасгьы ауаа рыла ахәҳаахәҭра иадҳәалоу аумҭақәа ргәыԥ арҭбаара.
Адепутат Дауҭ Хәытаба иажәақәа рыла, адепутатцәа ахәаԥшит аҩнытә рбаандаҩра аԥыхра азҵаара. Ара адепутатцәа ргәаанагарақәа рҽыршеит. Аиҳараҩык аҩнытә рбаандаҩра иаҵанамкыроуп акоррупциатә хырхарҭа змоу ацәгьоурақәа ма ацәгьоура хьанҭақәа ҳәа иршьоит.
Аҵыхәтәаны адепутатцәа ирыӡбеит аҩнытә рбаандаҩра аус аӡбаҩ иҭакԥхықәра иаҵаркызарц.
Апрокуратура хада аӡбарҭатә Усбарҭа аиҳабы иажәақәа рыла ауаҩшьра, арҳәра, атерроризм, аимҵәара раан аҩнтәи рбаандаҩра алухыр ауеит, аха убри аан аелектронтә напхаҵақәа рсистема аус ахьамуазы ахара здырҵо дахьыҟоу аҭыԥ ашьақәыргылара залшаӡом.
Иҟоу аҭагылазаашьақәа азгәаҭаны аҩнытә рбаандаҩра зынӡа иаԥыхзар алшоит ҳәа агәаанагара аанарԥшуеит Апрокуратура хада.
Адепутатцәа иара убасгьы иазырыӡбеит аполиграф ахархәара аҭамзарц, ацәгьоура ҭыԥ аҿы аҿахәҿыхра аӡбарҭаҿы ҵабыргыгас ахамырхәарази.
Ажәабжьқәа зегьы
0