https://sputnik-abkhazia.info/20230726/bzhania-akhylashra-aushyrat-y-sou-ay-anyti-ailatsazhara-maigeit-1047131171.html
Бжьаниа ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы анҭыҵтәи аилацәажәара мҩаԥигеит
Бжьаниа ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы анҭыҵтәи аилацәажәара мҩаԥигеит
Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа ԥхынгәы 26 рзы Гагра араион агәаҭаратә ныҟәара мҩаԥигоит. 26.07.2023, Sputnik Аҧсны
2023-07-26T12:27+0300
2023-07-26T12:27+0300
2023-07-26T13:49+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
аслан бжьаниа
гагра араион
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/07/1a/1047129744_0:67:1280:787_1920x0_80_0_0_c27a185e0074b8eef1e02772546031ab.jpg
ԤСОУ, ԥхынгәы 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы анҭыҵтәи аилацәажәара мҩаԥигеит. Атәыла ахада дахәаԥшит Аԥсны АШәМ аҳәаахьчаратә отриад амаҵзуратә комплекс. Иара мчыбжьқәак раԥхьа автовакзал аҵакыраҿы ахархәарахь ирыҭан. Бжьаниа аилацәажәара мҩаԥигеит Аԥсны АШәМ, аҳәаахьчаратә отриад, ААР, АҲЕ рнапхгара алархәны. Аԥсны АШәМ аҳәаахьчаратә отриад аиҳабы Рустам Латипов атәыла ахада изеиҭеиҳәеит аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы аушьҭырҭатә ҭыԥ аинфраструктура аҿиара акырӡа ишеиӷьхаз, ишаԥҵоу амаҵзуразы аҭагылазаашьа маншәалақәа. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут иазгәеиҭеит, ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" ахысраан амилициа рыҟәша ахьгылоу аҭыԥ ишахәҭоу аиԥш аиҿкаара аҭахны ишыҟоу. Иҳәеит аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Гагра араион анапхгара алархәны автотранспорт аныҟәара шҭышәныртәалаз. Иара убасгьы аус рыдулан аусура аиӷьтәразы ажәалагалақәа. Атәыла ахада ари азҵаара аус адуланы аамҭа мгакәа аҭыԥ иқәҵазарц анапынҵа ҟаиҵеит. "Аҭагылазаашьа бзиақәа аԥышәҵа. Ауаажәларратә зинеиҿкаара аӡәы еилеигозар, иахәҭоу дақәыршәатәуп. Уи анагӡара аӡәгьы дацәымшәааит", - ҳәа иҳәеит Бжьаниа. Бжьаниа анапынҵа ҟаиҵеит авидеорбагақәа ахьыҟам аҭыԥқәа рҿы иқәыргылазарц. Бжьаниа аҳәынҭқарратә ҳәаа аинфраструктура "ицәгьам" ҳәа ахиҳәааит, аха убри аан иазгәеиҭеит автовокзал аҭыԥ ишықәҵатәу, аныҳәатә хҭысқәа раан асасцәа рыдкылара шеиҿкаатәу. Бжьаниа иара убасгьы ибеит атранспорт ашәҟәҭагаларҭа ҭыԥ ҿыц, ашьҭаҵарҭа, аӡиас Ԥсоу аҵыргәатә-ҭӡы ахәҭа, автовокзал. Ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аиҳабы Алиас Хышба иҳәеит аҵаргәатә-ҭӡы ахәҭак аӡӷьыра ишарбгаз, уи ҿыцны ишышьақәыргылатәу. Бжьаниа хаҭала дахәаԥшит аҳәаахьчаратә Усбарҭа аштаб, аусбарҭа аусзуҩцәа рыԥсшьарҭа ҭыԥ. Аҳәынҭқарра ахада иара убасгьы дырҭаараны дыҟоуп Гагра араион аҿы зыргылара иаҿу ахәыҷбаҳча "Амра", Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху абаҳча маҷ. Уи ашьҭахь иныҟәара аихшьаалақәа ҟаҵо ақалақь ахадараҿы аилацәажәара мҩаԥигоит. Атәыла ахада иныҟәараҿы ицуп аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут, Аԥсны АШәМ ахантәаҩ и.н. Ҭемыр Ахьиба, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба, Гагра араион ахада Иури Хагәышь.
гагра араион
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/07/1a/1047129744_72:0:1209:853_1920x0_80_0_0_62ab551c7f11f892f9acd7b5aa03b15d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, аслан бжьаниа, гагра араион
аԥсны, ажәабжьқәа, аслан бжьаниа, гагра араион
Бжьаниа ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы анҭыҵтәи аилацәажәара мҩаԥигеит
12:27 26.07.2023 (ирҿыцуп: 13:49 26.07.2023) Аслан Бжьаниа ԥхынгәы 26 рзы Гагра араион агәаҭаратә ныҟәара мҩаԥигоит.
ԤСОУ, ԥхынгәы 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы анҭыҵтәи аилацәажәара мҩаԥигеит.
Атәыла ахада дахәаԥшит Аԥсны АШәМ аҳәаахьчаратә отриад амаҵзуратә комплекс. Иара мчыбжьқәак раԥхьа автовакзал аҵакыраҿы ахархәарахь ирыҭан.
Бжьаниа аилацәажәара мҩаԥигеит Аԥсны АШәМ, аҳәаахьчаратә отриад, ААР, АҲЕ рнапхгара алархәны.
Аԥсны АШәМ аҳәаахьчаратә отриад аиҳабы Рустам Латипов атәыла ахада изеиҭеиҳәеит аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы аушьҭырҭатә ҭыԥ аинфраструктура аҿиара акырӡа ишеиӷьхаз, ишаԥҵоу амаҵзуразы аҭагылазаашьа маншәалақәа.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут иазгәеиҭеит, ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" ахысраан амилициа рыҟәша ахьгылоу аҭыԥ ишахәҭоу аиԥш аиҿкаара аҭахны ишыҟоу.
Иҳәеит аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Гагра араион анапхгара алархәны автотранспорт аныҟәара шҭышәныртәалаз. Иара убасгьы аус рыдулан аусура аиӷьтәразы ажәалагалақәа.
"Ҳгәы иҭоуп ари аҭыԥ аҿы ААИ апост аиҿкаара, амҩатә ныҟәара еиҳа армариаразы. Авзвод ҷыда ирыдҵахоит аус аиҿкаара", - ҳәа иҳәеит Кьиут.
Атәыла ахада ари азҵаара аус адуланы аамҭа мгакәа аҭыԥ иқәҵазарц анапынҵа ҟаиҵеит.
"Аҭагылазаашьа бзиақәа аԥышәҵа. Ауаажәларратә зинеиҿкаара аӡәы еилеигозар, иахәҭоу дақәыршәатәуп. Уи анагӡара аӡәгьы дацәымшәааит", - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.
Бжьаниа анапынҵа ҟаиҵеит авидеорбагақәа ахьыҟам аҭыԥқәа рҿы иқәыргылазарц.
Бжьаниа аҳәынҭқарратә ҳәаа аинфраструктура "ицәгьам" ҳәа ахиҳәааит, аха убри аан иазгәеиҭеит автовокзал аҭыԥ ишықәҵатәу, аныҳәатә хҭысқәа раан асасцәа рыдкылара шеиҿкаатәу.
Бжьаниа иара убасгьы ибеит атранспорт ашәҟәҭагаларҭа ҭыԥ ҿыц, ашьҭаҵарҭа, аӡиас Ԥсоу аҵыргәатә-ҭӡы ахәҭа, автовокзал.
Ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аиҳабы Алиас Хышба иҳәеит аҵаргәатә-ҭӡы ахәҭак аӡӷьыра ишарбгаз, уи ҿыцны ишышьақәыргылатәу.
Бжьаниа хаҭала дахәаԥшит аҳәаахьчаратә Усбарҭа аштаб, аусбарҭа аусзуҩцәа рыԥсшьарҭа ҭыԥ.
Аԥсны АШәМ аҳәаахьчаратә отриад аиҳабы Рустам Латипов иҳәеит аусзуҩцәа рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа шаԥҵоу, амаҵзуратә хыбра ааигәа ахархәара ишалагаз.
Аҳәынҭқарра ахада иара убасгьы дырҭаараны дыҟоуп Гагра араион аҿы зыргылара иаҿу ахәыҷбаҳча "Амра", Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху абаҳча маҷ. Уи ашьҭахь иныҟәара аихшьаалақәа ҟаҵо ақалақь ахадараҿы аилацәажәара мҩаԥигоит.
Атәыла ахада иныҟәараҿы ицуп аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут, Аԥсны АШәМ ахантәаҩ и.н. Ҭемыр Ахьиба, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба, Гагра араион ахада Иури Хагәышь.