Аиааира шаҳгоз агәра ҳгон: аибашьҩы Адгәыр Какоба игәалашәарақәа

© Foto / из личного архива семьи Какоба Адгур Какоба
Адгур Какоба - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2023
Анапаҵаҩра
Аибашьра аналагоз нанҳәа 14 1992 шықәсазы 26 шықәса ихыҵуан, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аус иуан иахьа згәалашәfрақәа ҳацеиҩызшо аветеран Адгәыр Какоба. Ҳазҭагылоу аамҭазгьы иара аԥсуа литература акафедра адоцент иаҳасабала ҳуниверситет аҿы астудентцәа аҵара дирҵоит.

Аибашьра иалагеит

Аҽны ауниверситет аҿы адкыларатә ԥышәарақәа мҩаԥысуан. Аусураҿы дшыҟаз ауп Адгәыр ишиаҳаз ақырҭқәа рыр аҳәаа иахысны Аҟәаҟа амҩа иқәуп ҳәа.
"Исазҳәазгьы дҭахагәышьеит, Аԥсны афырхаҵа Валери Делба иакәын. Убри ашықәс азы иаргьы ауниверситет дҭалон, ԥышәарак иҭихьан. Ар рымаҭәа ишәҵаны данызба, ҳуршәарц уаама ҳәа сихлафааит. Ақырҭқәа Аԥсны иажәлеит ртанкқәа рыманы, Агәыӡера иааихьеит ҳәа аасеиҳәеит уи аҭакс. Нас, уаҳа акагьы сазымхәыцӡакәа зегь нкажьны иареи сареи ҳаиманы ҳцеит аԥсуа полк ахьыҟаз Ачадара", - абас иалагеит аибашьҩы раԥхьатәи имш.
Какоба ишиҳәо ала, Ачадара ианнеиз, ақырҭқәа Ацҳа ҟаԥшь аҟынӡа имааиӡацызт.
"Убра Валера автомат сиҭеит, аџьаԥҳангьы. Ашкол иҳацҭақәаз даҽа ԥыҭҩык рызгьы иҵегь сиҭеит. Нас, ацҳахь ҳааит. Абра иӡбахә сҳәарц сҭахуп Аӡҩыбжьа инхо Гәырам Кокаиа. Аибашьра ианалагоз Аҟәа атакси дақәтәан иара. Убри иоуп ҳара Ачадарантәи Ацҳа ҟаԥшь ахь ҳаазгаз. Иара насгьы дҳавагылан, аӡә дырхәыр имашьынала далигон", - игәалаиршәоит Адгәыр.
Какоба Аџьынџьтәылатәи еибашьразы: раԥхьатәи аԥсыҭбарақәа ҳазнеишьа аԥсахит   - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2023
Арадио
Какоба Аџьынџьтәылатә еибашьразы: раԥхьатәи аԥсыҭбарақәа ҳазнеишьа аԥсахит

Валери Делба

"Валери убас еиԥш дыҟан, еиҳа иахьшәарҭоу есымша ихахьы игон. Ацҳа ҟаԥшь аҿы акәын аизара иахьаҿыз раԥхьатәи амш азы аӷацәа ирҿагылаз ҳаҷкәынцәа. Валери иакәзар, агвардиа далалахьан, аполк аҿы агәыԥ арратә командаҟаҵаҩыс дыҟан. Убра арра зхызгоз аҷкәынцәа ицын иара раԥхьатәи амш азы. Ҳаргьы хатәгәаԥхарала иаднагалаз ҳаидгыланы ацҳаҿы ҳааит. Имыцхәны исымаз автоматқәа ҩба раԥхьа исԥылаз ирысҭеит. Ҳара 1989-тәи ашықәс ҳахаанын азы, раԥхьаҵәҟьа аибашьра ду ҟалоит ҳәа ҳаҟамызт. Џьара еиҿагыларак ҟаларгьы еилгоит ҳәа ҳгәы иаанагон. Раԥхьа иҳақәлаз ирықәкны ахысрагьы ҳзыгәаӷьуамызт. Агрба ҷкәынак Гиви Агрба имашьынарныҟәцаҩыс дыҟан, ацҳаҿы дыршьит, убри ашьҭахь сара хаҭала еилыскааит мариала ишеилымгоз. Нас, иагьа агәаӷьра цәгьазарагьы, аиҿахысра ҳалагеит, аҭыԥқәа еиҳа иахьыманшәалоу ԥшааны. Аброуп раԥхьаӡагьы ҳаӷа сахьиеихсыз, дагьҭасырхеит. Уи маҷкгьы саршәеит ауаҩы дысшьит ҳәа. Иара Валери ҳәа сызҿу иаҟара ар рус здыруаз дмаҷын, ҵарала уи дшалымгацызгьы, Ари еибашьроуп, арҭ ҳара иҳамшьыр, дара ҳаршьуеит" ҳәа абас сгәы шьҭихит. "Ҳхы ҳмыхьчар арҭ рымч ӷәӷәоуп иаҳхысны ицоит, Аԥсны ҳцәыргоит" ҳәа ҳгәаҳҽаниҵон иара. Аамҭа-аамҭала аиҿахысрақәа цон ацҳа акәша-мыкәша, аха рымч анақәымхалакгьы, ихьаҵуан ақырҭқәа", - аҭоурых еиҭеиҳәоит Какоба.
Иҩыза Валера Делба анаҩс иҭахара хьааго, Адгәыр игәалаиршәоит уи ашәаџь аниаҳаз амш:
"Иуль 16, 1993 шықәсазы арота аиҳабы иаҳасабала Ҷлоуҟа аштаб ахь сцеит. Убра Баҭал Џьапуа исеиҳәеит дышҭахаз. Уи аԥхьа иара ахәра ӷәӷәа шиоухьаз саҳахьан. БМП аснариад иаахан, ила ҭнахит, ицламҳәа ԥҵәан. Дышьҭан Москва ахәшәтәырҭаҿы. Аҟәа ажәылара ҟалоит ҳәа аниаҳа, дыбналаны ахәшәтәырҭаҟынтәи дааит. Каман дҭахеит", - ҳәа игәалашәара хьанҭақәа ҳацеиҩишоит Адгәыр.
© Foto / из личного архива семьи Какоба Адгур Какоба
Адгур Какоба - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.08.2023
Адгур Какоба

Аӡәгьы имаҳароуп

Еилшәарак аниоу, Адгәыр ауниверситет ахь днеит ацҳаҟынтә. Убра иқәшәеит Зураб Џьапуеи Уасил Аҩӡбеи, ианихәаԥш, ирдырит аусқәа шҽеимыз.
"Уԥшшәы ҳгәаԥхаӡом, иҟои, иухьи рҳәан, абра раԥхьатәи аиҿахысра ахьҳамаз ҳаӷа дысшьит сҳәеит. Даҽаӡәы иоумҳәан, абааԥсы, ҳара иҳауҳәеит аха, ари аиҿагылара еилгар, уҭаркыр ҟалоит рҳәеит. Иҟамлахьаз уи аҩызақәа 1989 шықәсазы", - абас иҳәоит аветеран раԥхьатәи амш дазыхынҳәуа.
Уи ашьҭахь иара дгьежьны ацҳахь дцеит. Раԥхьа аӷацәа иахьынтәижәлоз рзымдыруа иҟазҭгьы, аамҭа цацыԥхьаӡа еиҳа-еиҳа иашьцылеит.
"Ҳархәҭақәа ахьгылаз ҳаҷкәынцәа иршьыз рыӡбахә ҳаҳаит. Нас хьаҳәаԥаҳәада еилаҳкааит ус иаармарианы ишзеилымгоз. Иҳалшо ала ҳарҿагылароуп ҳәа ҳаӡбеит. Ацҳа акәша-мыкәша ақалақь ааныжьра ҟалаанӡа ҳаҟан. Зхатәгәаԥхарала инеиз агәыԥқәа рхыԥхьаӡара иацлон. Ҳара ҳгәыԥ Валери Делба напхгара ҳаҭ ҳҳәан, ҳаҽидаҳкылеит, 30-ҩык раҟара ҳҟалеит. Акинотеатр "Аԥсны" ашьҭахь ақьафурҭа "Москва" ҳәа иҟан. Убра ахыб аартын, иқәырҭәаны иҟан, иманшәалан. Турбаза унықәыԥшуа, Ҷанба амҩаду аҟынтә ижәылозгьы убарҭан. Убра аҭыԥ алхны ҳтәан, зны-зынла ҳҽеиҭныҳаԥсахлон. Иахьа зегь ртәы сзымҳәозаргьы, Ремзик Цыгәба, Адгәыр Оҭырба, Мурҭаз Гәулуа, Ахра Лацәышба уҳәа ргәымшәара алыскаауеит", - иҳәоит аветеран.
Хымш рыҩнуҵҟа ргәыԥ аҟны ԥсҭбара рмоуӡеит, ахәра зауқәаз егьырҭ агәыԥқәа рыҟны иҟазаргьы. Какоба ҳаицәажәараҿы дазааҭгылеит ихамышҭуа хҭыск:
"Убра иахьа ақьафурҭа "Ерцахә" ахьыҟоу ацҳа аӡә дықәсны даауан ацаха шкәакәа кны, ҷкәынакгьы дивагылан. Сара сааигәан азы, сиԥылеит. Ицәажәашьа шыҟаз ала, даԥсыуамызт, дақырҭуазар ҟаларын. Абри шәара дышәтәуп, дхәуп иҳәан, ҷкәынак даасиҭеит. Иара дгьежьны дцеит. Ихәыз ихьӡ-ижәла сазымҵааит. Ара аҭыԥҳацәа еизахьан, убарҭ дрысҭеит ацхыраара ирҭаразы. Иахьа уажәраанӡагьы дазусҭоу сгәалашәаӡом. Уи ашьҭахь исзааигәоу Саҭбеи (Суха) Кәыҵниа ацҳа анаҩс Турбаза аганахь итәаз дрылан, дырхәын, ихәдеи инапи ирықәшәеит. Убригьы ҳаиԥылан, ихәра ҿазҳәоз драҳҭеит", - игәалаиршәоит сзацәажәо.
Абраҟа Какоба иалкааны иазгәеиҭеит, абџьар змамызгьы, ҳара акгьы ҳкым ҳәа аӡәгьы дгьежьны дшымцаз. Аветеран еиҭеиҳәеит абџьар змамыз Басла аӡы ирны МВО, ПВО ҳәа изышьҭаз аҿы аԥсшьаҩцәа ишрыцхраауаз, ахәыҷқәа змаз аҳәса шалыргоз.
"Ахәыҷқәа рыхәда иқәыртәаны ианалыргоз абыржәыгьы сыбла ихгылоуп. Ауаа еиқәирхон абџьар имамызт аҟынтә Арсен Ажьиба - убри бзианы исгәалашәоит. Ашьҭахь аибашьра аамҭазы ирацәаӡаны аџьабаа ибеит, дагьырхәит", - абас иҟоуп Какоба ила иабаз аибашьра раԥхьатәи амшқәа.
Адгур Какоба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2020
Арадио
Какоба: иахьагьы сыбла ихгылоуп, Ацҳа ҟаԥшь аҟны алабақәеи аигәышәқәеи зкыз ахацәа

Ацҳаҟынтә ихьаҵтәуп

Адгәыр Какоба ишиҳәо ала, Валери еидикылаз агәыԥ иалаз ацҳаҟынтә ихьаҵтәуп, ус аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит анырҳәа, иргәамԥхеит. "Амц ҳаржьоит абраҟа ҳарҿагылазаауеит", - зҳәаз дреиуоуп иара Валера ихаҭа, Какоба иажәақәа рыла. Ицар рҭахымызт, аха адҵа ҟаҵан азы, иаанрыжьит ацҳа, нас атипографиа ахьыҟаз абжьаларҭаҿы иаангылеит. Убра ишыҟаз ираҳаит ателерадио аихшарҭа (вышка) ахьыҟаз ҳаҷкәынцәа шхалоз иршьит ҳәа. Изусҭцәаз рыздыруамызт, аха Валера, Адгәыр, нас Баҭал Џьапуа даҽа ԥыҭҩык рыцны аԥсцәа ахьнаргоз ахәшәтәырҭаҿы инеит. Абри игәаларшәо Какоба абас иҳәоит:
"Иаҳбаз аиҭаҳәара уадаҩуп, дудыруазар, дузеилымкаауа аҟынӡа иҟәаҟәаны иҟан ишьыз. Аха иаҳдырызгьы ҟалеит - Шамиль Аӡынба иашьа дшьын. Валера дидырит ишәыз ала. Нас, ҵаҟа Ачадара ҳалбааит аполк ахьыҟаз. Ақырҭқәа хәҩы-фҩы раҟара кны иааганы аполк ахьтәаз абомбаҽацәыхьчарҭаҿ иҭаркит. Убра ианҭаркуаз ирылаз аӡәы схаҿы даанхеит. Ԥыҭк ашьҭахь абри дҭыганы дааргоит, сара сгәы ԥыжәжәо сгылан, ирхәхьаз, иршьхьаз ыҟан азы, доурышьҭырц дыргоз џьшьаны снаижәлеит. Ари уиламкьысын ҳара даҳтәуп, ақырҭкәа ирҳәоз еиликаарц азын дрыцҭаҳкит рҳәеит. Нас еилыскааит - уи Баҭымтәи аԥсыуан. Ҳасан ихьӡуп ижәла сгәалашәом, Гәылрыԥшь дынхоит уажәы. Ҳанеибабо исеиҳәоит сушьырц ануҭахыз угәалашәо ҳәа. Убра ҳшыҟаз ақалақь аанҳажьаанӡа ирыман инеит Андреи Қәаранӡиа дназлаз "Сухумприбор" аԥхьа ҩыџьа-хҩык иршьқәаз. Ачадара аполк ахьыҟаз илбааргеит".

Аԥшьбатәи амш аҽны

Гәымсҭа арыӷьарахь аӡы ирны аҭыԥқәа аанкылатәуп ҳәа адҵа ҟалан, ҳаруаа уи анагӡара рҽазыркит сзацәажәо ишиҳәо ала.
"Ҳаицалҵит Валера Делба, сара, Баҭал Џьапуа, Илиа Гәниа уҳәа зҽеидкыланы иҟаз. Аӡы дуун, аха ҳнапқәа еибаркуа, еиҳа иахьыӷӷарраз ала ҳаруан. Ҳарны еиҳа иахьыманшәалаз, аӷа дааиуазар дахьубашаз аҭыԥ аанкыланы ҳтәеит. Уадаҩрақәакгьы ацын уи аӡы ҳаныруаз. Баҭали сареи ҳаанханы ҳхала ҳшырсуаз, авертолиот ҳхалеит. Ҳавараҿы Баҭал Табаӷәуа дыҟан. Уҽахьуҵәахуа ҳәа ҭыԥ ыҟамкәа иҟан. Хьыруа чуанк иаҟараз хаҳәык кажьын, уаҳа ухы ахьаваукуа ҳәа акгьы ыҟамкәа. Иаҳхалаз ҳаҽкажьны аихсара ҳалагеит Баҭали сареи. Шәамеихсын, ари уажә ҳимбаӡакәан дцоит аха, шәиеихысыр дгьежьны ҳаишьуеит ҳәа ҳақәҿызҭқәазгьы ыҟан, аха уи усгьы ҳшибахьаз ҳдыруан, аихсара ҳаҟәымҵит. Автоматқәа рыла акәын ҳашхысуаз, уи ала авертолиот узкажьуамызт. Уи ҳазымхәыцит ҳара усҟан. Нас, авертолиот аҟынтә абзарбзан ала дҳаихсит ақырҭуа. Данхыс, ахқәа ахькаԥсозгьы ҳбон, убас иааигәаны дҳаихсны дцеит. Аха аӡәгьы акгьы ҳмаахеит, абри ахаҳә иадҟьаны ак ҳақәымшәазар. Аибашьра ашьҭахь иҳаҳаит уи авертолиот амца акит, аха Дранда артәара рылшеит ҳәа", - иҳәоит Адгәыр Какоба.

Гәымсҭа ианыр, агвардиаа ирымаз БМП-қәа ԥшьба руакы абзарбзан зықәгылаз Адгәыр игәыԥ иргеит. Иргеит аха, иҭдырҟьо рымаӡамызт. Уи аекипаж аҿы иҟан Илиа Гәниа, Валера Делба, Милор Шәлымба, Адгәыр Какоба уҳәа ааҩык рҟынӡа. Анаҩс, Дазмир Шамба даҽа екипажк еиҿикааит. Убас Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭаҿы рпозициақәа ааныркылеит Какоба зыӡбахә иҳәо аруаа.

Аҭаратәи абаталион

Сентиабр 28 1992 шықәсанӡа Гәымсҭатәи ахырхарҭаҿы деибашьуан аветеран Какоба. Анаҩсан Владислав Арӡынҩба 30-ҩык аибашьцәа Тҟәарчалҟа ишьҭуан, убри агәыԥ дақәшәеит иаргьы.
"Тҟәарчалҟа ҳаицыԥрит Нодар Какәбаа игәыԥ иалаз аҷкәынцәеи сареи. Аполлон Шьынқәба иакәзар, Мрагыларатәи афронт аштаб аиҳабыс дрышьҭуан. Уи нахыс аибашьра еилгаанӡа Аҭаратәи абаталион аҿы сеибашьуан. Аҭара саннеи, гәыԥ-гәыԥла, ҳаблала рҽеидкыланы иҟан, ус азеиԥш команда ҳәа акгьы рымамызт, бџьарлагьы уиаҟара еиқәшәамызт. Сара сахьынхоз сҳаблаҿы автомат цыракгьы ыҟаӡамызт. Ашәарыцага шәақьқәа зкыз 5-ҩык ыҟан. Егьырҭ аԥшыхәраҿы итәан аӡәыр даауазар ҳәа, аха аӷа иҿагыланы дааныркылартә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟамызт. Сара автоматк сыман, гәыԥк еиҿаҳкааит, авзвод, арота егьи ҳәа абаҟаз. Ҳаҽҳарџьбарар ҳалшошәа анаҳба – сҩызцәа, сгәылацәа Кәакәаа рхәы инхоз - Џьумбер Лазариа , Руслан, Аслан, Беслан, Гарри Какобаа, Гена Чапагәуа уҳәа агәыԥ еиҿаҳкааит. Беслан Џьалаӷониа дҳацын раԥхьатәи амш инаркны, аибашьра ашьҭахь ачымазара иахҟьаны дыԥсит", - абас дахцәажәоит Адгәыр Аҭараҟа даннеизтәи аҭагылазаашьа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАдгәыр Какоба
Адгур Какоба - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.08.2023
Адгәыр Какоба

Абгахәыҷқәа рымҩахәасҭақәа

Усҟантәи аибашьратә тактика шԥаҟаз ҳәа ҳаԥхьаҩ азҵаара изцәырҵуазар, абар ирхәыцыз ҳаибашьцәа. Иаҳҳәап, кындыӷааи арасаӡыхьааи рҽеидкыланы итәан Кындыӷ. Аҭараа цаны урҭ ирыцхраауан еиҳа ианшәарҭаз. Рҽызлеимардоз ҳәа шәҵаауазар, ахысрақәа аныҟалоз ираҳауан, арациақәа усгьы ирымамызт.
"Амҩаду ала узцомызт, абгахәыҷқәа рымҩахәасҭақәа зегь аадыруан, убырсынтәи бнала ҳцон, убри ҳагьеиқәнархеит. Нас, абаталион еиҿкаахеит абри Аӡҩыбжьатәи Беслан Квираиа даннеи. Зегь ҳаицҿакны аӡҩыбжьааи аҭарааи реибашьцәа иара командирс дҟаҳҵеит. Убри инапхгарала иҳахьчон ҳқыҭа. Аӡҩыбжьа амҩа иаԥнуп азыҳәан, иааныркылт ақырҭқәа. Аҭара иааны ҳара иҳацлеит аӡҩыбжьаа. Ҩ-гәыԥк ҳҽанеидаҳкыла - баталионк иақәнагаҵәҟьо ауаа ыҟамызт, аха ус ахьӡын, 200-ҩык раҟара ҳаҟан", - иҳәоит Какоба.
Абџьар змази измамзи еиҟаран, аха амҩахь ицәырҵны, џьара машьынақәак цозар, иреихсны иҭарханы абџьари аџьаԥҳани ргон. Какоба ишиҳәо ала, Беслан Квираиа дҭахеит ианвар 7 1993 шықәсазы Аҭара Кәакәаа рхәы.
"Дара ахьтәаз ҳара ҳрықәлеит. Ҩ-хәык еиҿаԥшуа иҟоуп убра. Аснаипер диеихсны даҳцәишьит. Напхгара ҳазҭоз данҭаха, ҳгәы канажьит, аха уи ҳааннамкылаӡеит. Иқәаҳцеит усҟан ахәы. Кәакәаа рхәы иамариашаны Ар ртәарҭа ҳәа иашьҭоуп наџьнатә аахыс. Абри Кындыӷ аԥсаатәааӡарҭа аферма иазааигәоуп. Абарҭ аҩ-хәык иааны иркхьан аԥхьа. Нас иқәаҳцеит. Бесик данҭахаз аҽны Иликәа Ҵәыџьбагьы дҭахеит. Аԥсҭбарақәа ҳауит, аха иқәаҳцеит ҳаӷацәа. Уи ашьҭахь жәыларақәак ҟарҵон, аха уи ахәы ҳцәыргартә еиԥш аҭагылазаашьа раҳамҭаӡеит. Бесик ишьҭахь Дада Мыцба командирс дҳауит", - абас ихиркәшеит Адгәыр ркомандир данҭахаз иазку аҭоурых.
Родик Хамыт - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.08.2023
Родик Ҳамыт: аибашьраҿ агәымшәацәа рацәаҩын

Афильтр змаз аҭаҭын "Аԥсны"

Ҽнак Ар ртәарҭа ҳәа иахьашьҭоу ахәаҿы итәан Адгәыр игәыԥ. Аӷа ипозициагьы ааиагәан – аԥсаатәааӡарҭа афермаҿы. Бираҟҵас ацаха шкәакәа кны, аиԥылара шырҭахыз азы адырра ҟарҵеит ақырҭқәа.
"Ҳаиқәшәап абџьар шьҭаҵаны ҳәа аиԥылара иаҳәеит. Иахьеицаҳзеиԥшу аҭыԥ рҳәеит. Ҳпозициаҟынтәи 50 метра бжьан. Дара еиҳа ирзааигәан уи аҭыԥ, аха, ус шакәызгьы, шәаракгьы ҳааигәа имааиӡеит. Хҩык ҳаиццеит – сара, Рузик Какоба, Иура Адлеиба (Очамчыратәин, аха ҳара дҳацеибашьуан). Абри ахҭыс зысҳәо убри ауп, аибашьра анцоз ҳафатәгьы иагын, аҷкәынцәа зыхоз аҭаҭынгьы ыҟаӡамызт. Кәтол, ма Џьгьарда аҭаҭын ахьаадрыхуаз ақыҭақәа рҿы ҳцаны, ирымхны иааҳгон, нас ирҩаны, ихыхны, газеҭк ҳаур, инылаҳәаны ҳахон. Зегь ақьаса ҳацраҳәан уи зҭаҳԥсоз. Ҳалбааит бџьарк мкӡакәа. Гмыграк ҟарҵозар шәгәышәҽаныз ҳәа ҳа ҳтәқәа инараҳәаны. Дара ԥшьҩык ыҟан. Аицәажәара ҳалагеит. Еиҳабыс ирыцыз афильтр змаз аҭаҭын "Аԥсны" ааҭиган, иааирххеит шәах ҳәа. Ҳаргьы иҳамоуп мальбороқәа, аха арахь ишьҭымхӡакәа ҳалбааит ҳҳәахт. Аԥсуа ҭаҭын хыхны ацәымсеи ашьанҵеи рыла амца шаҳаркуа дҳарбар ҳҭахымхаӡеит. Ҳаргьы зегь рыла ҳаиқәшәошәа рдыруазааит ҳҳәан, ҳахеит рҭаҭын. Иаҳдыруан ҳара ҳаԥхьа итәаз архәҭақәа Кындыӷ ҿыц ҳәа изышьҭоу аҳаблаҟынтәи инхақәо шракәыз. Рхымҩаԥгашьагьы аабап, ргәы иҭоугьы ҳзеилкаауазар ҳәа ауп ҳазнеиз. Дара ус рҳәеит – абџьар ҳзыркыз мхедрионаа роуп ҳәа. Мчыла ҳдыреибашьуеит. Убри аҟынтә, шәаргьы шәҳақәымлан, ҳаргьы ҳшәықәлом рҳәеит. Ҳаргьы ҳшәықәлоит ҳҳәозма, уи акәын хықәкыс иҳамаз. Абас ҳаиԥырҵит. Жәамш раԥхьа ахәы дара ықәаҳцеит. Амза 2 рзын абаржа ӡхыҵуан азы, иҭаҳарцәит. Илбааҳцаз ракәзаап абри аиԥыларахь иааиз. Убасҟан ҳара маанак ҟаҳҵеит. Ҳхыԥхьаӡара маҷын аҟынтә, ҩыџьа-хҩык ицаны арымарахьтә ирҿахысуа, нас ҳаҩны ҳааны арӷьарахь ҳарҿахысуа ҳаналага иҳакәшеит рҳәан ицеит. Убра ҳаиԥылараҿы дсазҵааит Кындыӷтәи абаталион аиҳабы. Абри иуль 2 рзы ҳанықәышәцоз шәхыԥхьаӡара рацәазма ҳәа. Аума ирацәан, ҳара араҟа аҟабардақәа, мшыннырцәынтәи иааз ҳашьцәа, ачеченцәа уҳәа ҳрацәаҩын сҳәахит. Ҳаргьы убасҵәҟьа ҳгәы иаанагон, уи азоуп ҳазхьаҵыз иҳәеит. Аиашазы, усҟан хысракгьы ҟарымҵаӡеит дара. Иҩны ианцоз ҳбон", - игәалаиршәоит Какоба.
Адгәыр игәаанагарала, кындыӷаа аиԥылара изаҳәаз, мхедрионаа Тамшьҟа иандырха, рхала инхеит азы, ишәон аԥсуаа рықәлан иҭадырхар ҳәа. Рхы еиқәдырхар рҭахын зеиԥш ҟамло акгьы ыҟам.

Ҩ-фронтк еиқәшәаанӡа

Аиааира маҷк шагыз, сентиабр 16 рзы Какоба иҩызцәеи иареи адҵа роуит Очамчыреи Аҟәеи еимаздо Адачатәи амҩа ааныркыларц. Аҟәа ажәылара ҟалар, ақырҭқәа ацхыраара рмоурц азы. Аӡҩыбжьааи аҭарааи рбаталионқәа ирылаз ԥыҭҩык Кәыдры ацҳа аганахь ицеит, Адгәыр (Мариал) Кәыҵниеи Адгәыр Какобеи рротақәа Адача ацентр аҿы ишылашьцаз ицәырҵны амҩа ааныркылеит Сентиабр 16 руха. Уи аӡәгьы издырӡомызт, имаӡаны иҟаҵан. Абар Какоба уи шигәалашәо:
"Иаҳзыԥшӡамызт ақырҭқәа, амҩа ианыланы амашьынақәагьы ныҟәон. Амашьына ду абылтәы рзызгоз "Камаз" аԥхьа инаргыланы, аӷа акыр дҵаҳшәааит. Ҩ-фронтк ҳаиқәшәаанӡа убраҟа ҳтәан. Ахалдаба ҭарцәӡамызт, ҳара амҩа анаҳк, уи ақыҭа ҳабжьара иаанхеит. Ҩымш убра ҳабжьара иҟан, ҳаиҿахысуан, нас амацәаз ҟаҵаны абџьар зкыз ҭаҳархеит, ф-ҩык зыԥсы ҭаны инхаз, абџьар змаз, иҳатҟәан, Аҭараҟа иҳашьҭит, нас аштаб ахь иргап ҳәа".
Сзыҿцәажәо аветеран иажәақәа рыла, убра хынтә-ԥшьынтә ажәыларақәа ыҟан. Ҳаҷкәынцәа даара агәымшәара аадырԥшит. Хыԥхьаӡарала акырӡа иреиҳаз ҭадырхеит, атехника рымаӡамызт аха. Ҽнак х-танкки ҩ-БМПКи рымырхит ақырҭқәа.
Анаҩс иажәа иацҵо Какоба игәалаиршәеит абри аҩыза ахҭыс:
"Убарҭ амшқәа рзы Аик Кесиан дзықәтәаз танкк (ласточка ахьӡын) ацхырааразы иаҳзааит. Дара ҳажәлеит, Адача ацентр аҿы ицәырҵит ртанк, акы ԥыржәеит ҳаҷкәынцәа еихсны, даҽакы, ақыҭаҿы атраншеиа ззырҳәо жны иҟан, убра иҭаҳаит, егьи ҳажәлеит. Абри Аик ҳәа сызҿу итанк ала деихсын иааникылеит ртанк. Уи аус ауа игылан, аха дара ҭыҵӡомызт. Абра Арасаӡыхьтәи Гогьиа ҷкәынак дҳацын, сара атанк атәы здыруеит иҳәеит, сақәтәоит ҳәа днеины атанк данақәԥала, изырныҟәоз амеханик иԥсы ҭазаарын, диеихсын дишьит. Нас, сара схаԥалан иаартны иахьыҟаз сҭахысит, нас аграната ҭасыжьит. Иҭаԥжәеит, уажәшьҭа аӡәгьы даанымхеит ҳәа ҳшыԥшыз, Иура Адлеиба дхалеит дҭаларц. Даннеи, аӡәы аҭыҵра даҿын, напышьашәала еибакит. Ақырҭуа ииулак дкаԥеит. Сара дырҩагьых сынхаԥалан, даҽа гранатак ҭасыжьит. Аха, сыграната анынҵәа, Бесик Кәыҵниа имӷаз сиркит хыхь сшақәгылаз. Абри ажәылара ҳанцоз, умҳәазо, убри аҟынтә машәыршәа измыртҟәацуа, амацәаз ахшәаны ҳхаҭа ҳамшьырц азыҳәан иҿаҳҳәон аизолентала. Ари ҿаҳәазаарын, самыхәаԥшӡакәа амацәаз ахыхны иҭасыжьит. Скаԥеит ҵаҟа, иара ԥымжәеит. Уа иҭатәаз ишҿаҳәаз аниба, иаамихын, арахь иаҳгәыдиҵеит. Сшьапы ҟәырҷаха хәыҷқәак аахеит, аказак Худои ҳәа ахьӡ ҷыда змази Кәыҵниа ҷкәынаки ахәит. Нас, схалан даҽа гранатак ҭасыжьит. Хынтә агранатақәа ҭаԥжәеит аҩнуҵҟа, аҵыхәтәаны сҭыҵуеит ҳәа дшаҿыз, дҭахеит уа инханы иҟаз. Егьырҭ ҭахахьан. Абас напышьашәала ҳахьеибашьқәазгьы ыҟоуп".
Аиааира аламҭалаз: Мраҭашәаратәии Мрагыларатәии афронтқәа Кәыдры ацҳаҿы ишеиԥылаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2022
Аиааира аламҭалаз: Мраҭашәаратәии Мрагыларатәии афронтқәа Кәыдры ацҳаҿы ишеиԥылаз

Аиааира шаҳгоз агәра ҳгон

Адгәырраа ргәыԥ арациақәа рыла ираҳауан аҷкәынцәа Аҟәа ахы иақәиҭыртәит, Кәыдры аганахь иаауеит ҳәа.

"Даараӡа ҳгәы шьҭнахит уи. Иара усгьы агәыӷра ҳаман ҳара, ҳзаиааиӡом ҳәа згәы иаанагоз аӡә дыҟоуп ҳәа сыҟам. Зегьы уи акәын ҳаззыԥшыз. Аиааира шаҳгоз агәра ҳгон. Уи аамаҭазы хар ҳамамкәангьы ҳаибыҭан. Абџьаргьы ирацәаӡаны убра ажәыларақәа рҿы иаҳгеит, зегьы ҩба-ҩба, хԥа-хԥа автомат ҳаман, убырсҟаҩык ҭаҳархеит азы. Сентиабр 29 рзы иааскьахьеит, Кәыдры ацҳа иқәлеит ҳәа ҳаҳаит. Ус ҳшыԥшыз иааит амҩаду ианыланы Дача ҳахьтәаз. Раԥхьаӡа Гәымсҭа ҳзықәтәаз БМП "Зверобой" ҳәа зныз Илиа Гәниа дақәтәаны даауеит. Ҳара ҳаҩфронтк анеиԥыла амза 29 рзы акомандирцәа еизганы анаҩстәи адҵақәа ҳарҭеит. Смыр Витали адҵа сиҭеит урота Кындыӷ ҿыц ҭарцәны шәҳахьӡоит, ҳара Очамчыра аганахь ҳнаскьалоит ҳәа. Убас ҳагьныҟәеит. Срота Кындыӷ ҿыц ҳалалан, абџьар зкыз иаҳҳәынҷаз рацәаҩуп. Зыбџьар ҵәахны ицәырҵызгьы ыҟоуп. Ҳаргьы Очамчыра ҳрыхьӡеит. Нас Аиааира агәырӷьара зегьы иаҳҿықәны Егры ацҳаҟынӡа ҳнеит", - абас ихиркәшоит Адгәыр Какоба игәалашәрақәа.

1995 шықәсазы Владислав Арӡынба иқәҵарала Адгәыр Какоба Леон иорден ианашьан. Мрагыларатәи ахырхарҭа арезерв гәыԥқәа ркомандаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩс дыҟоуп. 2014-2020 шш. рзы Аԥсны аҵарадырра аминистрс дыҟан. Дҭаацәароуп, ҩыџьа аԥацәа драбуп.
© Foto / Саида ХаджимАдгәыр Какоба, Инал Делба (Адгәыр Какоба иҩыза аибашьраан иҭахаз Валера Делба иԥа), Стас Какоба (Адгәыр иԥа).
Адгур Какоба, Стас Какоба, Инал Какоба - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.08.2023
Адгәыр Какоба, Инал Делба (Адгәыр Какоба иҩыза аибашьраан иҭахаз Валера Делба иԥа), Стас Какоба (Адгәыр иԥа).
Ажәабжьқәа зегьы
0