Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: амҩақәа рҟны аҭагылазаашьеи Апрокуратура хада аихшьаалақәеи

© Sputnik / Асмат Цвижба Коллегия Генпрокуратуры по итогам полугодия
Коллегия Генпрокуратуры по итогам полугодия - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2023
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik иазнархиеит Аԥсны нанҳәа 7-13 рзы аҭыԥ змаз ахҭысқәа рыхҳәаа.
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны ауааԥсыра рзы ихьанҭоу хҭысқәаны иҟалеит аԥсҭбара зцыз амҩан машәырқәа, Апрокуратура хада 2023 шықәсазтәи аусура аихшьаала ҟанаҵеит, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аусутә еилацәажәарақәа рзы Москваҟа дцеит, аха игәамбзиара иахҟьаны ахәшәтәырҭақәа руак дҭашәеит.

Апрокуратура хада аколлегиа

Нанҳәа 7 рзы Аԥсны апрокуратура хада аусура 2023 шықәса азбжазтәи аихшьаала ҟанаҵеит.
Аԥсны апрокуратура аусбарҭақәа 2023 шықәса раԥхьатәи азбжазы иаадырԥшит 153 закәанеилагара ҳәа иҳәеит Апрокуратура хада аколлегиа аилатәараҿы апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ и.н. Даур Амҷба.

Иара иажәақәа рыла, абри аамҭазы 75 усцәыргара мҩаԥган. Урҭ рҟынтәи фҩык атәылауаа алеишәатә ҭакԥхықәра иаҵаркын, 49 ҿагылара ҟаҵан, 15-ҩык агәҽанҵара рыҭан асеиԥш азакәан аилагара шалмыршалатәу азы, ашшыԥхьыӡқәа фба аӡбарҭахь инашьҭын.

2023 шықәса азбжазы амҩан машәырқәа ирыхҟьаны иҭахахьеит 28-ҩык.
Ииасыз ашықәс азы арҭ арбагақәа ирҿырԥшны - ԥшьҩык рыла еиҵан. Амҩатә машәырқәа рхаҭақәа 2022 шықәсазы 89 ыҟан, 2023 шықәсазы - 71.
Заанаҵтәи аусҭҵаара аусбарҭақәа Аԥсны 2023 шықәса раԥхьатәи азбжазы имҩаԥгаз ацәгьоурақәа 322 ашәҟәы иҭаргалеит. Абри атәы иҳәеит апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ и.н. Даур Амҷба Апрокуратура хада аколлегиа аилатәараҿы.
Ацәгьоурақәа рҟынтәи 115 ареспублика аҳҭнықалақь аҿоуп иахьымҩаԥгаз. Ари 12 цәгьоура рыла еиҵоуп ҵыԥх аасҭа. Гәдоуҭа араион аҿгьы аа-цәгьоурак рыла еиҳа еиҵоуп (сынтәа – 42, ҵыԥх – 50).
Наручники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2023
Аԥсны
Аԥсны 320 цәгьоура инареиҳаны ашәҟәы иҭаргалеит фымз рыҩнуҵҟа

Ахара аԥырҟәҟәаара шыҟоу иныжьуп

Наҭиа Бахтаӡе дшыӡыз азы ажәабжь ҟалеит ԥхынгәы 28 рзы. Нанҳәа 3 рзы Гал араион апрокуратура ашьаус хацнаркит Наҭиа Бахтаӡе лышьразы гәҩарас иҟоу, Очамчыра ақалақь аҟны инхо Аинар Ҵәыџьба иганахь ала.
25 шықәса зхыҵуа Ҵәыџьба иҿы иқәшаҳаҭхеит иумҭаз, иҳәеит аӡхыҽҽаратә ГЕС аӡеизакырҭа лыԥсыбаҩ шалаижьыз.
Бахтаӡе лыԥсыбаҩ аԥшаарақәа шцац ицоит.
Нанҳәа 7 рзы Галтәи аӡбарҭа аӡбарала Наҭиа Бахтаӡе дызшьыз ҳәа гәҩарас иҟоу Аинар Ҵәыџьба ҩымз ҳәа даанкылоуп, жьҭаара 2 рҟынӡа. Абри атәы иҳәеит Гал араион апрокурор Апрокуратура хада аколлегиа аилатәараҿы.
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа нанҳәа 11 рзтәи аилатәараҟны Наҭиа Бахтаӡе дишьит ҳәа агәҩара ззыҟоу Аинар Ҵәыџьба дшаанкылаз дааннажьит.
Уаанӡа Ҵәыџьба идукатцәа Марина Ҭаниаԥҳаи Нонна Смырԥҳаи ахашшааратә шшыԥхьыӡ нарышьҭит Галтәи араионтә ӡбарҭа аӡбамҭаз аҳәарагь ҟарҵеит иаанкылоу аҩнтәи арбаандаҩра даҵаркызарц.
Верховный суд Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.08.2023
Аԥсны
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа Аинар Ҵәыџьба дшаанкылаз дааннажьит

"Хәымштәи аибашьра" агәаларшәара

Ашәахьа, нанҳәа 7 рзы Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа имҩаԥган агәалашәаратә акциа "Агәалашәара ацәашьы".
Акциа азкын Қырҭтәыла еибашьрала Аахыҵ Уаԥстәыла ақәлара 15 шықәса ахыҵра. Иара алагеит ақырҭуа архәҭақәа Цхьынвал алахысра ианалагаз аамҭа асааҭ 23:30 рзы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар адгылара шриҭо иҳәеит 2008 шықәсатәи ахҭысқәа 15 шықәса ахыҵра инадҳәаланы.

"Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар рфырхаҵареи ргәымшәареи, иара убасгьы Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара рыгәаӷьреи иалдыршеит аимак аанкылара. Қырҭтәыла аҭынчра ада ԥсыхәа амамкәа иҭадыргылт, аиашьаратә республикақәа рыҩба рыжәларқәа рнырҵәара алмыршахеит. Аԥсны иахьа иргәаладыршәоит аибашьра иалаӡыз, аиашьаратә уаажәларра ргәырҩа рыцеиҩыршоит", - ҳәа анын адырраҭараҿы.

Нанҳәа 8 рзы Аҟәа иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы иргәаладыршәеит 2008 шықәса нанҳәа 8 рзы ақырҭқәа ржәылараан иҭахаз.
Иҭахаз ргәаладыршәарц инеит атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба зхадараҿы дыҟаз атәыла ахада Иусбарҭеи, Апарламенти, Аминистрцәа реилазаареи рхаҭарнакцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Приднестровие ацҳаражәҳәаҩ Гарри Кәыпалба.
Цхинвал в августе 2008 года - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.08.2023
Цхинвал ахақәиҭтәраз: Аахыҵ Уаԥстәыла аибашьра аҟынтәи архивтә фотосахьақәа

Ақалақь агәҭа ауаҩшьра

Рыдван Ахан-иԥа идырны дшьын амҽыша ахәылбаҽха, нанҳәа 6 рзы Аҟәа ақалақь Инал-иԥа имҩа аҟны игылоу аҩнқәа руак ашҭаҟны асааҭ 21:30 рзеиԥш. Зхаҭара шьақәыргылам ҩыџьа ауаа, румҭаз ауаажәларра ашәарҭара ишҭанаргыло шырдыруаз Ахан-иԥа аантәы еиҵамкәан еихсит. Иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны Ахан-иԥа аҭыԥаҟны иԥсҭазаара далҵит.
Имҩаԥгаз аҭҵаарақәа раан Узбекисҭан атәылауаҩ Оибек Соломови Азербаиџьан атәылауаҩ Али Ибрагимови ацәгоура ишалахәыз шьақәыргылан. Саломови Ибрагимови рыԥшаара рылаҳәан, анаҩс дара Гал ақалақь аҟны иаанкылан. Рганахьала ауаҩшьразы ашьаус хацыркуп.

Аԥсныҟа аара

Нанҳәа 9 рзы иҟаз адыррақәа рыла, Аԥсныҟа "Иаку абилеҭ" ала х-нызқьҩык рҟынӡа ауаа ааит. Арҭ арбагақәа 2022 шықәсазы аасҭа 1,5 еиҳауп.
"Иаку абилеҭ" ала урҭаар алшоит Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Афон ҿыц, Аҟәа.
Шәачантәи Аԥсныҟа атуристтә дәыӷба "Риҵа" аныҟәара иалагоит цәыббра 10 аҽны. Абри атәы радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Аԥсны аихамҩақәа" рынџьныр хада Леонид Ҟәыруа.
"Риҵа" ныҟәалоит абри амаршрут ала: Шәача - Роза Хутор - Гагра - Аҟәа - Шәача - Аҳаирбаӷәаза, Гагреи Аҟәеи ҽнак-ҽнак игылазаауеит.

Аԥсҭбара зцыз амҩан амашәырқәа

Нанҳәа 8 рзы ареспубликатә мҩаду хадаҿы амаршруттә машьынеи акроссовери еиҿасит, уи иахҟьаны ҩыџьа ауаа ҭахеит. Амҩатә машәыр ашьҭахь гагратәи ахәшәтәырҭахь инаган 12-ҩык, ахашаҽны абаҩԥҵәара злаз ҩыџьа шәачатәи аԥшьбатәи ахәшәтәырҭахь ииаган.
Иара убас Риҵа иҟалаз амашьыр иахҟьаны дҭахеит 1959 шықәсазы ииз Санкт-Петербургынтәи аԥсшьаҩы.
Нанҳәа 10 азы ареспубликатә трассаҿы Гәымсҭа ақыҭан дҭахеит ауаҩы.
Нанҳәа 11 азы аидарамҩангага машьына зысыз ауаҩы иԥсҭазаара далҵит Приморское ақыҭан.
Аԥсны амҩақәа рыҟны жәамш рыҩнуҵҟа иҟалаз амашәырқәа жәаба рыҟны иҭахеит хәҩыуаа ҳәа иҳәеит атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут. Аминистр иажәақәа рыла, акурорт ԥсшьара аамҭазы ареспубликаҟны амашьынақәа рхыԥхьаӡара еизҳауеит. Ашәарҭара иаҵанакуеит - 60% амашәырқәа зыхьуа арӷьарахь аԥсҟы зку амашьынақәа рныҟәцаҩцәа, змашьынақәа ықәсхьоу, ашәарҭадаратә маҟақәа змам, лассы-ласс иуԥылоит "ҭакԥхықәрада амашьына ныҟәызцо".

Роберт Кьиут иазгәеиҭеит, Аҳәынҭавтогәаҭаратә усбарҭа аусзуҩцәа ессыҽны иааларҟьаны агәаҭарақәа шымҩаԥырго. Ҽнак дара ишхадырҭәаауа 200 инареиҳаны амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы ашәҟәқәа, шықәсык 70 нызқьҩык ахьырхәра ишаҵанакуа. Лассы-ласс амҩан иҟало амашәырқәа зыхҟьо - ари амашьына аццакреи, ижәны аԥсҟы акреи роуп.

Аминистр иҳәеит административтә хараԥсара дыршәарала Аԥсны амҩадуқәа рыҟны иҟоу ауадаҩрақәа ӡбашьа шырмоуа. Иара амашьына арныҟәцаҩцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ирыду аҭакԥхықәра еилкааны амҩатә ԥҟарақәа ирықәныҟәарц.
Ажәабжьқәа зегьы
0