https://sputnik-abkhazia.info/20230816/40-mln-maa-ineiany-iryzshakhoit-gagra-araion-amshtsgaa-akhasa-zyraz-auaasyra--1047522738.html
40 млн мааҭ инеиҳаны ирызшәахоит Гагра араион амшцәгьақәа аԥхасҭа зырҭаз ауааԥсыра
40 млн мааҭ инеиҳаны ирызшәахоит Гагра араион амшцәгьақәа аԥхасҭа зырҭаз ауааԥсыра
1200-ҩны инареиҳаны аӡы рыҵалеит Гагра араион аҿы ԥхынгәы 8-9 руыха. 16.08.2023, Sputnik Аҧсны
2023-08-16T10:48+0300
2023-08-16T10:48+0300
2023-08-16T10:48+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
гагра араион
ауаажәларра
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/07/0a/1046817477_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_0ba3e3bd9658359afccdfdbf3abf4618.jpg
АҞӘА, нанҳәа 16 – Sputnik, Бадри Есиава. 40 млн мааҭ инареиҳаны ирызшәахоит ԥхынгәымзаз Гагра араион аҿы иҟаз амшцәгьақәа аԥхасҭа зырҭаз ауааԥсыра ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынԥҳа. Гәынԥҳа лажәақәа рыла ашәарақәа мҩаԥгахараны иҟоуп 2023 шықәса нанҳәамза анҵәамҭанӡа. Иахьазы аматериалтә цхыраара рырҭахьеит 135 ҭаацәара. Ԥхынгәы 8-9 руха иҟалаз аӡхыҵрақәа ирыхҟьаны Гагра араион аҟны 1200-ҩны инареиҳаны ааха роуит. Амшцәгьақәа зегь реиҳа аԥхасҭа рнаҭеит ақыҭақәа Лӡаа, Алаҳаӡы, Ԥсахара, Бзыԥ аҳабла, Гагра ақалақь ахәҭак. Ақыҭақәа Ԥсахареи Алаҳаӡыи, Гагратәи авокзали, Комаров имҩеи иахьрыҵанакуа азааигәареи ахатәыҩнқәеи аӷәраҵақәеи аӡқәа рыҵалеит нанҳәа 13 руха, аха уаанӡеиԥш иӷьымкәа. Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Цәышба иажәақәа рыла амҩақәа аҳәынҵәеи ахаҳәқәеи рҟынтәи идрыцқьоит. Аҭыԥаҟны атехника ҷыда аус ауеит. Иҭырҵаауеит ауадаҩрақәа ахьыҟоу аҭыԥқәеи аусура амҽхаки.
гагра араион
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/07/0a/1046817477_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_8af4bb2cd430bcb1e774c6c27afdd50d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, гагра араион, ауаажәларра
ажәабжьқәа, аԥсны, гагра араион, ауаажәларра
40 млн мааҭ инеиҳаны ирызшәахоит Гагра араион амшцәгьақәа аԥхасҭа зырҭаз ауааԥсыра
1200-ҩны инареиҳаны аӡы рыҵалеит Гагра араион аҿы ԥхынгәы 8-9 руыха.
АҞӘА, нанҳәа 16 – Sputnik, Бадри Есиава. 40 млн мааҭ инареиҳаны ирызшәахоит ԥхынгәымзаз Гагра араион аҿы иҟаз амшцәгьақәа аԥхасҭа зырҭаз ауааԥсыра ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынԥҳа.
"40 миллион мааҭ рзеихшахоит аԥхасҭа зауыз 464 ҭаацәара – зыҩнқәа аӡы рыҩналаз мамзаргьы иҵнашәааз", - ҳәа лҳәеит лара.
Гәынԥҳа лажәақәа рыла ашәарақәа мҩаԥгахараны иҟоуп 2023 шықәса нанҳәамза анҵәамҭанӡа. Иахьазы аматериалтә цхыраара рырҭахьеит 135 ҭаацәара.
Ԥхынгәы 8-9 руха иҟалаз аӡхыҵрақәа ирыхҟьаны Гагра араион аҟны 1200-ҩны инареиҳаны ааха роуит. Амшцәгьақәа зегь реиҳа аԥхасҭа рнаҭеит ақыҭақәа Лӡаа, Алаҳаӡы, Ԥсахара, Бзыԥ аҳабла, Гагра ақалақь ахәҭак.
Ақыҭақәа Ԥсахареи Алаҳаӡыи, Гагратәи авокзали, Комаров имҩеи иахьрыҵанакуа азааигәареи ахатәыҩнқәеи аӷәраҵақәеи аӡқәа рыҵалеит нанҳәа 13 руха, аха уаанӡеиԥш иӷьымкәа.
Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Цәышба иажәақәа рыла амҩақәа аҳәынҵәеи ахаҳәқәеи рҟынтәи идрыцқьоит. Аҭыԥаҟны атехника ҷыда аус ауеит. Иҭырҵаауеит ауадаҩрақәа ахьыҟоу аҭыԥқәеи аусура амҽхаки.