Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа ацхыраара лас амашьына ҿыц арҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.08.2023
Анапаҵаҩра
Уаанӡа арҭ рҩызцәа амашьынақәа Очамчыратәи араионтә хәшәтәырҭеи Риҵатәи амилаҭ парки иарҭахьан.
АҞӘА, нанҳәа 23 - Sputnik. Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа ацхыраара лас амашьына ҿыц "Тойота-Хайс" анаҭеит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Амедусзуҩцәа иаарласны аҭыԥаҟны ацхыраара аҟаҵараз иаарҭаху зегьы автомашьына аҩнуҵаҟа иамоуп. Едуард Быҭәба иажәақәа рыла, араион аҟны лассы-ласс амҩан амашәырқәа злаҟало ала ари амашьына лас ихымԥадатәин.
"Ашықәс ҿыц ҳаҭалазар Гәдоуҭа араион аҟны амҩан 20 машәыр ҟалахьеит, уи иахҟьаны 29-ҩык еиуеиԥшым аахақәа роуит. Астатистикаҿ ишарбоу ала, амҩатә машәырқәа лассы-ласс иахьыҟало ари араион аҟны ауп. Убри аҟнытә иҳаӡбеит Гәдоуҭатәи амедусҳәарҭа хада амедицинатә мацзура рӷәӷәазарц", - ҳәа иҳәеит иара.
Быҭәба иазгәеиҭеит, амашьына макьана араионтә хәшәтәырҭа ишамазаауа, анаҩс ацхыраара лас апункт анаадыртлак иара Мысратәи агәаҭарҭатә ҭыԥ ахь ишиагахо. Убри аан ианаҭаххо араионтә хәшәтәырҭаз аус шауа.
Ахәшәтәырҭа аҳақьым хада Ҳаџьараҭ Шамба иажәақәа рыла, аԥхынтәи аамҭазы амедусзуҩцәа рус ӷәӷәала иацлоит.
"Ҳмашьынақәа аковид аамҭази уажәи русутә рацәан, амашьынақәа ықәсит, жәаҳәарада уажәы амашьына ҿыц ҳҭахыцәҟан. Ирацәаҩуп ачымазҩцәа, аԥхынтәи аамҭазы амҩан амашәырқәагь рацәахоит", - иҳәеит иара.
Уаанӡа ацхыраара лас амашьына ҿыцқәа "Тойота-Хайс" иахәҭоу амаругақәа рыла еиқәыршәаны Очамчыратәи араионтә хәшәтәырҭеи Риҵатәи амилаҭ парки ирырҭахьан.
Минздрав передал Очамчырской  ЦРБ новую машину скорой помощи  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.08.2023
Аԥсны
Очамчыратәи ахәшәтәырҭа ацхыраара лас амашьына арҭеит
Ажәабжьқәа зегьы
0