Урыстәыла

Карасин: егьырҭ атәылақәа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи азхарҵарц азы Урыстәыла иалшо ҟанаҵоит

© Sputnik Виктор Толочко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСовместная коллегия МИД России и Белоруссии в Минске
Совместная коллегия МИД России и Белоруссии в Минске - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.08.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра Урыстәыла иазханаҵеит нанҳәа 26 2008 шықәсазы.
АҞӘА, нанҳәа 29 - Sputnik. Урыстәыла еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны иалшо зегьы ҟанаҵоит егьырҭ аҳәынҭқаррақәа, хықәкыла Китаии Индиеи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа азхарҵарц, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Sputnik Южная Осетия аинтервиу азҭаз Афедхеилак жәларбжьаратәи аусқәа рзы акомитет ахада Григори Карасин.
Мраҭашәаратәи атәылақәеи, Еиду Америкатәи аштатқәеи уи анагӡара иаҿагылоит ҳәа азгәеиҭеит адепутат.
"Агәра згоит, мышкызны азхаҵара шыҟало. Аԥсҭазаара- фактуп, уи мап ацәкышьа амам", - иҳәеит Карасин.
Карасин иара убас аҳәамҭа ҟаиҵеит, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа егьырҭ атәылақәа иазхарҵарц азы аусура ишацҵахо.
"Иаразнак иҟало усым ари. Зынагӡара мариам, аха ахықәкы нагӡахароуп", - иҳәеит Григори Карасин.
Нанҳәа 26 рзы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәыла иазханаҵеижьҭеи 15 шықәса аҵра азгәарҭеит.
Заседание программной комиссии Единой России - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2023
Аԥсны
Медведев: хықәкы хадас иҳамаз ареспублика қәыԥшқәа ашәарҭадара рзаԥҵара акәын
Ажәабжьқәа зегьы
0