Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Суцуп наӡаӡа аԥсуа жәеинраала!": Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵразы

© Foto / из архива семьи Ласуриа Мушни Ласуриа
Мушни Ласуриа - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2023
Анапаҵаҩра
85 шықәса ихыҵуеит аԥсуа литература аклассик, апоет, аиҭагаҩ, алитератураҭҵааҩ, акритик Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа. Аиубилиар изку анҵамҭа ҳадигалоит апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
Иахьакәым, иацакәым уашҭа санҭала,
Усҟан шьыжьын: хәылԥазынӡа сҵаҳәа!
Суцуп наӡаӡа, аԥсуа жәеинраала,
Саныҟамгьы суцуп, Дырмит ицәаҳәа!
Мушьни Лашәриа
Ҳаԥсуа литератураҿы даараӡа зҩымҭа ссирқәа рыла ҳаԥхьаҩцәа зыргәырӷьахьоу апоетцәа дуқәа дреиуоуп апоет-академик Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа. Уи ҳлитература иалеигалеит зеиӷь ҭам ажәеинраалақәа, апоемақәа, жәеинраалатә формала иҩу ароман, хәы-змаӡам аиҭагақәа, алитература иазку акритикатә статиақәа.
Мушьни Лашәриа ипоезиа ҳанхәыҷқәаз аахыс иҳацуп, иҳациит, иҳамбаӡакәа ҳцәа-ҳжьы иалалеит, ҳабыз ихааӡа иқәлеит, ҳрыԥхьоит апоезиатә еиԥылара дуқәа рҿы, аиубилеиқәа рҿы, уимоу, аҿар ирацәаҩӡаны рыбзиабараҿы, рцәанырраҿы, рыгәҭыха аарыԥшразы хьтәы цаԥханы ирымоуп, аҷараҳәа аҭыԥҳацәа ссирқәа рыгәқәа алаадыртуеит.
Ҳазну амза цәыббра 5-6 рзы имҩаԥысит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵреи иррҿиаратә мҩа 70 шықәса ахыҵреи ирызку Жәларбжьарартәи аҭҵаарадырратә конференциа.
Мушьни Лашәриа ипоезиа азы: ԥсҭазаарас исыман  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.09.2023
Арадио
Мушьни Лашәриа ипоезиа азы: ԥсҭазаарас исыман
Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет ду ҳазлаеигәырӷьаша иреиуоуп, уи иџьабаа ду ҳтәылаҿы мацара акәымкәа Урыстәылагьы инарҭбаан иахьазгәарҭахьоу азы: Аԥсны Жәлар рпоет, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, ААР иатәу Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт алитература аҟәша аиҳабы, аҵарауаҩ-алитератураҭҵааҩ, алитературатә критик, аиҭагаҩ, Урыстәылеи Апсни Ашәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы, ажурнал "Аҟәа-Сухум" аредактор хада, агазеҭ "Еҵәаџьаа" аредактор хада, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, "Ахьӡ- Аԥша" аорден аҩаӡарақәа зегьы ркавальер, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, аурыс-аԥсуа литературатәи акультуратәи еимадарақәа ррыӷәӷәаразы А. С. Пушкин имедаль занашьоу, А. Дельвиг ихьӡ зху Урыстәылазегьтәи апремиа алауреат, Ацқьацәа Кирилли Мефодии рыхьӡ зху Апатриарх илитературатә премиа алауреат, В. Кожинов ихьӡ зху алитературатә премиа алауреат.
Жәларбжьаратәи аконференциа ааиртит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ААУ адоцент,Адыгатәи Жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа (АЖӘАР) алахә-корр., ААР Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
Уи инарҭбааны дахцәажәеит апоет-аҵарауаҩ алитератураҿгьы аҭҵаарадырраҿгьы илшамҭа дуқәа, дырзааҭгылеит ипоемақәа, ироман, иеиҭагамҭақәа. Иҳәеит ҳаԥсуа литературазы даараӡа акыр шаҵанакуа уи ицәырҵра, шәышықәсала аԥсуа бызшәа Аԥсны иқәыҩуанаҵы ишаанхо уи иаҳзынижьыз амал, макьанагьы иара иҟынтәи арҿиамҭа дуқәа ҳшырзыԥшу.
Конференция, посвященная 85-летию Мушни Ласурия - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.09.2023
Аԥсны
Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵра ахьӡала аҭҵарадырратә конференциа аатит
Аконференциаҿы инеиҵыху ажәахә ду ҟаиҵеит урысшәала афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ААУ адоцент, АМАН акорр. лахәыла, Аԥсуа институт алитературатә ҟәша аусзуҩы Уасил Аҩӡба. Иусумҭа иахьӡын " Алитературатә дәы алаҵаҩ. М. Т. Лашәриа ирҿиамҭақәа ирызкны."
Уи ашьҭахь ииасит адныҳәаларатә қәгыларақәа рахь. Аиубилиар иирамш идныҳәало ажәаԥхақәа рацәаны изыркит: Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала адныҳәалара даԥхьеит Аԥсны акультура аминистр Адгәыр Ақаҩба, Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәбеи адепутатцәеи рыхьӡала - апарламент аҟәша аиҳабы Бжьаниа. Ансамбль "Ерцахә" инанагӡеит апоет иажәеинраалақәа ирылху ашәақәа, иара убасгьы адныҳәаларақәа ирыԥхьеит- Џьульетта Адлеиба, Владимир Делба, Зураб Џьапуа, Наталиа Каиун, Сергеи Куниаев, Ада Кәарҷелиа, Беслан Кобахиа, Лариса Шебзухова, Анатоли Марколиа, Вахтанг Аԥҳазоу, Светлана Киртаӡе, Гена Ҵлаииа уҳәа ирацәаҩны.
Аконференциа анхыркәшаха, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны цәыббрамза хәба, асааҭ 17:00 рзы Аԥсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаатит " Апоет имҩа" захьӡу афотоцәыргақәҵа.
Фотовыставка “Путь поэта” в ЦВЗ к 85-летию Мушни Ласурия - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.09.2023
Аԥсны
Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵра аҳаҭыраз афотоцәыргақәҵа аартын Аҟәа
Цәыббрамза 5 асааҭ 19:00 рзы С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы иддырбеит М.Лашәриа ипоема "Ахьтәы уасцәа" иалхны иқәыргылоу аспектакль.
Адырҩаҽны, цәыббрамза 6 рзы, Аԥсуаҭҵааратә институт аконференц-зал аҿы иацҵахеит аконференциа. Арҟа ражәахәқәа рыла иқәгылеит аҵарауаа - Владимир Занҭариа, Валентин Кәаӷәаниа, Лили Хагԥҳа, Валери Бигәаа, Леонид Саманба, Октаи Чкотуа, Инал Гыцба, Дифа Габниа.
Аҵыхәтәан, аиубилиар Мушьни Лашәриа иҩыза гәакьа, аурыс ҵарауаҩ ду, акритик, Вадим Кожинов ишәҟәқәа "Аурыс идунеи ахаҿсахьақәа рҿы" аӡыргара ҟарҵеит.
Абраҟа иазгәаҭатәуп апоет, аҵарауаҩ ирҿиамҭақәа ҳаԥхьаҩцәа иахьынӡахәҭоу ирдырларц азы, урҭ ахьҭыҵзи, ианҭыҵзи, ирыхьӡқәоуи ирласы-рласны ишрызнагалатәу. Сгәы иаанагоит иахәҭоуп ҳәа абраҟагьы урҭ рыӡбахә аҳәара:
Апоет ажәеинраалақәа рыҩра далагеит 12-13 шықәса анихыҵуаз.
Апоет ишьақәгылараҿы акырӡа абзоуроуп Д. И. Гәлиа, И. А. Коӷониа, Б. У. Шьынқәба уҳәа рпоезиа. 1955 ш. иҭыҵыз ажурнал "Алашара" аҩбатәи аномер ианылеит раԥхьатәи иажәеинраалақәа ируаку "Ҽынлеиҧш илашан".
Иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа "Амцабз", "Аҟәа-Сухум", "Юность", "Абаза", агазеҭқәа "Аԥсны ҟаԥшь", "Аԥсны", "Советская Абхазия", "Литературная газета", "Еҵәаџьаа" уҳәа егьырҭгьы. М. Лашәриа ипоетикатә ҩымҭақәеи иеиҭагамҭақәеи жәпакы агәылалеит "Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә." аҩбатәи атом (Аҟәа-Москва, 2001; ихарҭәааны шәҟәыкны аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009), ихаҭа уи аиқәыршәаҩыс дамоуп.
М. Лашәриа апоетикатә ҩымҭақәа реизгақәеи ажәеинраалала иҩу ароман "Аџьынџьи" еидызкыло ашәҟәқәа 15 инареиҳаны иҭижьхьеит.
Деицырдыруеит иара убас еиҭагаҩны. Аԥсшәахь еиҭеигеит А.С.Пушкин ироман "Евгени Онегин", М.И.Лермонтов ипоемақәа "Мцыри", "Демон", Ш. Русҭавели – "Абжьас-цәа зшәу", Џь. Баирон ("Шилонтәт атҟәа"), Г. Лонгфелло ("Гаиавата изку ашәа"), Ш. Петефи ("Ԥхьаҟа, Мадиараа", "Жәлар рашәа"), абашкирцәа репос "Урал-Баҭыр" уҳәа егьырҭгьы.
М. Лашәриа аԥсуа литература аҭҵаареи акритикеи рҟны илагала шьахә ыҟоуп. Авторс дрымоуп аԥсуа литература аҭоурых апроблемақәа ирызку астатиақәеи ашәҟәқәеи жәпакы, иара убас Д. Гәлиа, И. Коӷониа, Б. Шьынқәба, Ш.Ҵәыџьба, Қь. Агәмаа, М. Лакрба, Кь. Чачхалиа, А. Гогәуа, Ш. Ҷкадуа, А. Џьонуа, И. Ҭарба, М. Миқаа, Ф. Искандер уҳәа егьырҭгьы рырҿиара.
Абасала, Аԥсны Жәлар рпоет, академик Мушьни Лашәриа аԥсуа ҵарауааи, ашәҟәыҩҩцәеи, Аԥсны аинтеллигенциеи, Урыстәылеи Нхыҵ Кавкази асасцәа дуқәа алархәны ииубилеи аҳракыра дуӡӡеи агәыбылра бзиеи ацны имҩаԥыргеит.
"Ахьтәы уасцәа": амузыкатә спектакль аԥхьарбара
© Sputnik / Томас Тхайцук

Амузыкатә спектакль аԥхьарбара мҩаԥысит Аԥсуа театр аҿы.

Амузыкатә спектакль аԥхьарбара мҩаԥысит Аԥсуа театр аҿы. - Sputnik Аҧсны
1/12

Амузыкатә спектакль аԥхьарбара мҩаԥысит Аԥсуа театр аҿы.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Мушьни Лашәриа ипоема-рапсодиа "Ахьтәы уасцәа" ала иқәыргылоуп аспектакль.

Мушьни Лашәриа ипоема-рапсодиа "Ахьтәы уасцәа" ала иқәыргылоуп аспектакль. - Sputnik Аҧсны
2/12

Мушьни Лашәриа ипоема-рапсодиа "Ахьтәы уасцәа" ала иқәыргылоуп аспектакль.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Мушьни Лашәриа ирҿиараҿы ари раԥхьатәи ҩымҭоуп ари ажанр.

Мушьни Лашәриа ирҿиараҿы ари раԥхьатәи ҩымҭоуп ари ажанр. - Sputnik Аҧсны
3/12

Мушьни Лашәриа ирҿиараҿы ари раԥхьатәи ҩымҭоуп ари ажанр.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аспектакль аԥхьарбара Мушьни лашәриа 85 шықәса ихыҵра иазкын.

Аспектакль аԥхьарбара Мушьни лашәриа 85 шықәса ихыҵра иазкын. - Sputnik Аҧсны
4/12

Аспектакль аԥхьарбара Мушьни лашәриа 85 шықәса ихыҵра иазкын.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ипоема "Ахьтәы уасцәаҿ" ари ажәытә миф шьаҭанкыла иԥсахуп: ҳаԥхьа дцәырҵуеит хара змам, имҵарсу, злахьынҵа мариам Медеиа.

Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ипоема "Ахьтәы уасцәаҿ" ари ажәытә миф шьаҭанкыла иԥсахуп: ҳаԥхьа дцәырҵуеит хара змам, имҵарсу, злахьынҵа мариам Медеиа.  - Sputnik Аҧсны
5/12

Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ипоема "Ахьтәы уасцәаҿ" ари ажәытә миф шьаҭанкыла иԥсахуп: ҳаԥхьа дцәырҵуеит хара змам, имҵарсу, злахьынҵа мариам Медеиа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Апоемаҿ инарҭбаау аҭыԥ рымоуп аԥсуа жәлар аханатә аахыстәи рҳәамҭақәа — репос, рмифологиатә дунеи.

Апоемаҿ инарҭбаау аҭыԥ рымоуп аԥсуа жәлар аханатә аахыстәи рҳәамҭақәа — репос, рмифологиатә дунеи. - Sputnik Аҧсны
6/12

Апоемаҿ инарҭбаау аҭыԥ рымоуп аԥсуа жәлар аханатә аахыстәи рҳәамҭақәа — репос, рмифологиатә дунеи.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ақәыргыламҭа арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа.

Ақәыргыламҭа арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа. - Sputnik Аҧсны
7/12

Ақәыргыламҭа арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Арежиссиор лажәақәа рыла, аҭоурых рызнагара лыгәҭакын.

Арежиссиор лажәақәа рыла, аҭоурых рызнагара лыгәҭакын. - Sputnik Аҧсны
8/12

Арежиссиор лажәақәа рыла, аҭоурых рызнагара лыгәҭакын.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Лхықәкы- акультуратә код аарԥшреи уи ахәаԥшцәа рҟынӡа анагареи ауп.

Лхықәкы- акультуратә код аарԥшреи уи ахәаԥшцәа рҟынӡа анагареи ауп. - Sputnik Аҧсны
9/12

Лхықәкы- акультуратә код аарԥшреи уи ахәаԥшцәа рҟынӡа анагареи ауп.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аспектакль иалахәын Аԥсуеи Аҿартә театрқәа рактиорцәа, ашәаҳәаҩцәа, Аҳәынҭқарратә ансамбль "Шьараҭыни" Жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рзы ансамбль артистцәа.

Аспектакль иалахәын Аԥсуеи Аҿартә театрқәа рактиорцәа, ашәаҳәаҩцәа, Аҳәынҭқарратә ансамбль "Шьараҭыни" Жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рзы ансамбль артистцәа. - Sputnik Аҧсны
10/12

Аспектакль иалахәын Аԥсуеи Аҿартә театрқәа рактиорцәа, ашәаҳәаҩцәа, Аҳәынҭқарратә ансамбль "Шьараҭыни" Жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рзы ансамбль артистцәа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Зынӡа аспектакль иалахәын 50-ҩык.

Зынӡа аспектакль иалахәын 50-ҩык. - Sputnik Аҧсны
11/12

Зынӡа аспектакль иалахәын 50-ҩык.

© Sputnik / Томас Тхайцук

"Ахьтәы уасцәа" дырбахоит цәыббра 6, 7 рзы.

"Ахьтәы уасцәа" дырбахоит цәыббра 6, 7 рзы. - Sputnik Аҧсны
12/12

"Ахьтәы уасцәа" дырбахоит цәыббра 6, 7 рзы.

1/12

Амузыкатә спектакль аԥхьарбара мҩаԥысит Аԥсуа театр аҿы.

2/12

Мушьни Лашәриа ипоема-рапсодиа "Ахьтәы уасцәа" ала иқәыргылоуп аспектакль.

3/12

Мушьни Лашәриа ирҿиараҿы ари раԥхьатәи ҩымҭоуп ари ажанр.

4/12

Аспектакль аԥхьарбара Мушьни лашәриа 85 шықәса ихыҵра иазкын.

5/12

Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ипоема "Ахьтәы уасцәаҿ" ари ажәытә миф шьаҭанкыла иԥсахуп: ҳаԥхьа дцәырҵуеит хара змам, имҵарсу, злахьынҵа мариам Медеиа.

6/12

Апоемаҿ инарҭбаау аҭыԥ рымоуп аԥсуа жәлар аханатә аахыстәи рҳәамҭақәа — репос, рмифологиатә дунеи.

7/12

Ақәыргыламҭа арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа.

8/12

Арежиссиор лажәақәа рыла, аҭоурых рызнагара лыгәҭакын.

9/12

Лхықәкы- акультуратә код аарԥшреи уи ахәаԥшцәа рҟынӡа анагареи ауп.

10/12

Аспектакль иалахәын Аԥсуеи Аҿартә театрқәа рактиорцәа, ашәаҳәаҩцәа, Аҳәынҭқарратә ансамбль "Шьараҭыни" Жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рзы ансамбль артистцәа.

11/12

Зынӡа аспектакль иалахәын 50-ҩык.

12/12

"Ахьтәы уасцәа" дырбахоит цәыббра 6, 7 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0