Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: акадр ҿыцқәа, атурдәыӷба "Риҵа", алитературатә иубилеи

© Sputnik / Томас ТхайцукЗдание администрации президента.
Здание администрации президента. - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.09.2023
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik иазнархиеит Аԥсны аҵакыраҿы цәыббра 4-10 рзы аҭыԥ змаз ахҭысқәа рыхҳәаа.
Акадр ҿыцқәа раҭара, ареферендум аԥыхра, Гал – идырым аԥсыбаҩ. Арҭи егьырҭи ахҭысқәа Sputnik есымчыбжьатәи ахҳәааҿы.
Sputnik

Акадртә ӡбамҭақәа

Цәыббра 5 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Иусбарҭа анапхгаҩ ҿыц иаҭаразы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит. Абесалом Кәарҷиа Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ҿыцс даҭоуп, ари аҭыԥаҿы иара диԥсахит Џьансыхә Нанба.
Администрация президента Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.09.2023
Аԥсны
Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ҿыц даҭоуп
Кәарҷиа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра даветерануп, 2023 шықәса раахыс Аԥсны Ауаажәларратә палата далахәылоуп.
Иара убасгьы аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ имаҵураҟынтә ихы дақәиҭтәын Сергеи Пустовалов, иара ари аҭыԥ аҿы аус иуан 2020 шықәса раахыс.
Ииасыз амчыбжь азы асоциалтә ҳақәа рҿы Инал Арӡынба смаҵура ааныжьны Урыстәылаҟа схынҳәуеит ҳәа иколлектив ирылеиҳәазшәа аинформациа рыларҵәан. Цәыббра 5 азы ари аинформациа иашам ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит АдәАР. Аусбарҭа апресс-маҵзураҿы ирҳәеит аминистрра аус шауц иауеит ҳәа.

Идырым аԥсыбаҩ

Гал араион Гагида ақыҭан амшын аҟәараҿы зхаҭара шьақәыргылам аԥсыбаҩ ԥшаауп ашьыжь, цәыббра 10 рзы. Аԥсыбаҩ збаз аԥсыӡкыҩцәа аҩнуҵҟатәи аусқәа рзы араионтә ҟәшахьы адырра ҟарҵеит. Амилициеи апрокуратуреи русзуҩцәа аҭыԥ ахь инеит.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, аԥсыбаҩ акыр аамҭа аӡы иӡаан. Аԥсыбаҩ аҭҵаарахьы Аҟәаҟа ирыҭоуп.

Ашәахтә рбагақәа

2023 шықәса аамзы рыҩнуҵҟа Аԥсны еизгоуп 2,9 миллиард мааҭ ашәахтәқәа ҳәа аанацҳаит Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра. Иҟоу алагалақәеи иазԥхьагәаҭази реивых 560 миллион мааҭ ыҟоуп. Абас ала иарбаз ауснагӡа 24% иацны инагӡоуп.
2023 шықәса нанҳәамзазы ареспубликатә биуџьет иаланагалеит 450,3 миллион мааҭ, уснагӡала 399,6 миллион ахьарбаз. Аус анагӡара 113% артәеит.
Сессия в парламенте Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.07.2023
Аԥсны
Апарламент ахәԥсацҵаз ашәахтә азакәан ариашарақәа аланагалеит

Агәабзиараз ахарџьқәа

2023 шықәса ҳаҭалазар 102,7 миллион мааҭ инареиҳаны Аԥсны атәылауаа рыхәшәтәра иахҭынҵоуп ҳәа амедиа-клуб "Апсны-иахьа" иазеиҭеиҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
"Аиҳарак чымазарақәаны иаҳԥылоит абронхқәеи арԥҳақәеи, ашьеикәыршареи, абаҩ-жьышә система, арҳәарах, аҷаҷа чымазарақәа, акьыбачымазара, аендокринтә чымазара", - иҳәеит иара.
Уи адагьы, ареспублика ауааԥсыра атәыла анҭыҵ аклиникақәа рҿы рҽырхәшәтәуеит хымԥадатәи амедицинатә полис ала. Аминистр иҳәеит ОМС амазаара иалҵшәаны 120 миллион рҟынӡа Аԥсны абиуџьет еиҷаҳауп ҳәа.
2023 шықәса ҳҭалазар амедицинатә цхыраара аполис ала ирыҭоуп 267 -ҩык Аԥсны атәылауаа.

Ареферендума ҟалаӡом

Ареферендум ахь ицәырырганы иҟаз азҵаара "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа заанаҵ имҩаԥгатәуп ҳәа шәыԥхьаӡома?" аԥшьызгаз агәыԥ рҭаҩра аанкылоуп. Анапынҵамҭақәа реизгара аанкыланы ашәҟәҭаҩра аԥыхуп, ҩымз рыҩнуҵҟа аԥшьгаратә гәыԥ иахәаҭаз ашәҟәқәеи анапынҵамҭақәеи еидкыланы Алхратә комиссиа хадахь иахьнарымгаз азы.
ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2023
Аԥсны
Ареферендум амҩаԥгаразы аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәы аҭаҩра аԥыхуп
Аԥсны ахада игәрамгаразы ареферендум азҵаара ықәыргылан лаҵара 30 рзы имҩаԥгаз аоппозициаа рмитинг апресс-конференциаҿы. Аԥсны алхратә комиссиа хада иҭанаҩит атәыла ахада игәрамгаразы ареферендум мҩаԥызгарц згәы иҭаз, 36-ҩык злахәыз аԥшьгаратә гәыԥ ԥхынгәы 4, 2023 шықәсазы.

Адипломатиатә еизыҟазаашьақәа риубилеи

Аԥсни Урыстәылеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәдыргылеит 15 шықәса раԥхьа. Цәыббрамзазы аҩҳәынҭқаррак рыбжьара Аидгылареи астратегиатә еиҩызареи рзы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Сергеи Лавров иколлега Инал Арӡынба Аԥсни Урыстәылеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәдыргылежьҭеи 15 шықәса аҵра идиныҳәалеит.
"Москвеи Аҟәеи реиҩызара аамҭа иԥнашәахьеит, аидгылареи астратегиатә еиҩызареи рхырхарҭала" ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
"Ҳара ҳаиднакылоит иаҳзааигәоу акультура-цәаҩашәа ахырхарҭақәа, еицаҳзеиԥшу аҭоурых адаҟьақәа ҳрызгәдууп", - иҳәеит Урыстәыла АдәА рминистр.

Раԥхьатәи "аҳауатә" партниорцәа

Аԥснытәи аделегациеи Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Калуга" анапхгареи еиԥылеит цәыббра 9 азы. Аҳаирбаӷәаза Калуга азхиоуп Аҟәатәи аҳаирбаӷәазеи иареи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵара, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит аҳаирбаӷәаза анапхгаҩы Салават Кутушев Аԥсны атуризм азы аминистр Ҭеимыраз Хышбеи иареи реиԥылараан.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ареконструкциа алагаразы аиқәшаҳаҭра 2023 шықәса рашәара 16 рзы Санкт-Петербург рнапы аҵарҩит Аԥсны аекономика аминистр Кристина Озгани Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетникови. Цәыббра 4 рзы Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ареконструкциазы азыҳәақәа рыдкылара иалагеит.

Атурмаршрут "Риҵа"

Атуристтә дәыӷба "Риҵа" Аԥсныҟа иааит ҳәа аанацҳаит Аԥсны аихамҩақәа.
Атурпакет шьақәгылоуп Черповцы аҟынтәи Шәачанӡа ҳаирпланла аара, адәыӷбала аныҟәара абри амаршрут ала - Шәача - Роза Хутор - Гагра - Аҟәа - Шәача - Шәачатәи аҳаирбаӷәаза, иара убас аекскурсиатә программа.
Адәыӷба Гаграҟа иааит цәыббра 10 ауха. Иахьа апассаџьырцәа аӡиа Риҵа иаҭаауеит.
Атуристтә дәыӷба Риҵа Аԥсныҟа иааит - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2023
Аԥсны
Атуристтә дәыӷба "Риҵа" Аԥсныҟа иааит
Цәыббра 10, ашьыжь адәыӷба дәықәлоит Афон ҿыцҟа, уаҟа атуристцәа Афонҿыцтәи аҳаԥи егьырҭ аҭыԥ ԥшӡарақәа ирҭаауеит. Анаҩстәи ҩымш Аҟәа иҟазаауеит.
Атуристтә дәыӷба "Риҵа" иацны Аԥсныҟа иааит 82-а апассаџьырцәа.
Атур ахә иагәылоуп - аҳаирплан, адәыӷбала аныҟәареи аекскурсиатә программеи рыхә, уахь иаҵанакуеит атранспорти аҭыԥ ԥшӡарақәа рҭааразы абилеҭқәа рыхәи.

Ахәыҷтәы технопарк

Ахәыҷтәы технопарк "Кванториум" аҟазаратә-классқәа "Мобильный технопарк" рмарафон мҩаԥысуеит Аҟәа цәыббра 5-12 рзы.

Зынӡа иазԥхьагәаҭоуп 96 уснагӡатә ф-школк рҟны амобилтә лабораториа ахархәарала. Аҟазаратә-классқәа иртемақәаны иҟалоит: аеромодельқәеи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи раԥҵара, ароботехника, ацифратә дизаин, 3D-модельҟаҵара, акосмостә технологиақәа уҳәа егьырҭгьы.

1400–ҩык рҟынӡа ашколхәыҷқәа атехнологиа ҿыцқәа рхатә проектқәа аус рыдулараан рхы ишадырхәаша рҵоит.
Ашколхәыҷқәа рзы атехнологиатә марафон еиҿкаауп Россотрудничество адгыларала Аҟәа, Гал, Гагра ақалақьқәа рҿы 5-11 аклассқәа рҵаҩцәа рзы.

Мушьни Лашәриа ииубилеи

Аԥсуа литература аклассикцәа иреиуоу, Аԥсны Жәлар рпоет, аиҭагаҩ, алитературатә критик Мушьни Лашәриа ажьырныҳәа 16 рзы ихыҵит 85 шықәса ихыҵра.
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵреи ирҿиаратә ҟазара 70 шықәса ахыҵреи рыхьӡала цәыббрамза 5 рзы иаатит аҭҵарадырратә конференциа. Иара убасгьы уи аҽны Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵра аҳаҭыраз афотоцәыргақәҵа аартын Аҟәатәи ацәыргақәҵатә зал хадаҟны. Ицәыргаз афотоҭыхымҭақәа рҟны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа иҭаацәеи, иҩызцәеи, аҟазауааи, аҵарауааи рыгәҭа дгылоуп.
Еиуеиԥшым афотоқәа рҟны Аԥсны Жәлар рпоет дрывагылоуп аԥсуа литература аклассикцәа Баграт Шьынқәба, Иван Папасқьыр, Фазиль Искандер, Рушьбеи Смыр, аҵарауаа Гьаргь Ӡиӡариа, Шьалуа Инал-иԥа, аурыс шәҟәыҩҩцәа Евгени Евтушенко, Александр Твардовски, Андреи Вознесенски уҳәа.
Цәыббра 5 ахәылԥаз Мушьни Лашәриа ипоема-рапсодиа "Ахьтәы уасцәа" иалху амузыкатә спектакль аԥхьарбара мҩаԥысит Аԥсуа театр аҿы. Ақәыргыламҭа арежиссиор - Мадина Аргәынԥҳа.
Спектакль Золотое руно в абхазском драмтеатре  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2023
Аԥсны
"Ахьтәы уасцәа": амузыкатә спектакль аԥхьарбара
Аспектакль иалахәын Аԥсуеи Аҿартәи театрқәа рактиорцәа, ашәаҳәаҩцәа, Аҳәынҭқарратә ансамбль "Шьараҭыни" Жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рансамбли артистцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0