Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа-адыга литературатә фестиваль "Арифмақәа Риҵа" хыркәшоуп

© Foto / предоставила Зарина КануковаЗавершился Абхазо-адыгский литературный фестиваль "Рифмы на Рице"
Завершился Абхазо-адыгский литературный фестиваль Рифмы на Рице - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.09.2023
Анапаҵаҩра
Есышықәсатәи аԥсуа-адыга литературатә фестиваль "Арифмақәа Риҵа" аатит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны, цәыббра 16 рзы.
АҞӘА, цәыббра 17 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсуа-адыга литературатә фестиваль "Арифмақәа Риҵа" хыркәшан аӡиа Риҵа аҿы амҽыша, цәыббра 17 рзы, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит апроект автор, апоетесса Зарина Ҟаныҟәа.

"Даара угәы хызхша хҭысхеит, ажәытә аԥсуа еибашьыга шхәа ҳақәтәаны аӡиа ҳхыланы аԥсышәала, аҟабарада бызшәала, аедыгь бызшәала, урысшәала ажәеинраалақәа ҳрыԥхьон. Аимпровизациа ыҟан, ҳаиҿцаауан. Сара еилыскааит аформатқәа абас еиуеиԥшымкәа ианыҟоу, алахәылацәагьы ахәаԥшцәагьы иаҳа иргәаԥхоит, ргәы иақәшәоит. Урҭ рыбзоурала аиҩызара ҿыцқәа ҟалоит, аусеицура, аимадарақәа рыҽдырӷәӷәоит", - лҳәеит лара.

Ҟаныҟәа илҳәеит аҵәҭаԥсара алҵшәақәа рыла, ишалкааз иааиуа ашықәс азы Аҟәа, Маиҟәаԥ, Нальчик зырҿиаратә хәылԥазқәа мҩаԥысраны иҟоу апоетцәа. Урҭ аԥсуа поетцәа Абзагә Аҟалӷьбеи Дмитри Габалиеи, аедыгь поетесса Сусанна Баговеи роуп.
Абхазо-адыгский литературный фестиваль Рифмы на Рице открылся в Сухуме    - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.09.2023
Аԥсны
Аԥсуа-адыга литературатә фестиваль "Арифмақәа Риҵа" аатит Аҟәа
Уи адагьы, апроект автор ишылҳәаз ала, аԥсшәахьынтә адыга бызшәақәа рахь, адыга бызшәақәа рҟынтәи аԥсшәахь ажәеинраалақәа реиҭагара мҩаԥысуеит, алитературатә журналқәеи агазеҭқәеи рҟны есымшатәи арубрикақәа ыҟоуп.
Ҟаныҟәа иазгәалҭеит сынтәатәи афестиваль аҽшарҭбааз, Аԥсни Ҟабарада-Балкариеи рпоетцәа ишрывагылаз Адыгеиеи Ҟарачы-Черқьесиеи рпоетцәа.
"Ари аус даара деигәырӷьеит афестиваль адиректор хада, Сулҭан Сосналиев иԥшәма Лиубовь Сосналиева. Иара убас еснагь дҳавагылоуп еицырдыруа апоет, афилолог Владимир Занҭариа. Адгылара ҳаиҭеит Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа, уи ажәалагала ҟаиҵеит иааиуа ашықәс азы имҩаԥгахо афестиваль аан асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа еиҿкаазарц", - ҳәа азгәалҭеит лара.
Афестиваль "Арифмақәа Риҵа-2023" еиҿкаауп Аԥсны акультура аминистрра адгыларала, адыга поет, ашәҟәыҩҩы, аҵарауаҩ Заур Налоев диижьҭеи 95 шықәса аҵра ахьӡала.
Заур Налоев - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2023
Аԥсны
Адунеи иақәлаз ашәҟәыҩҩы: Заурби Налоев диижьҭеи 95 шықәса ҵит
Ажәабжьқәа зегьы
0