Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҩ-мцакы рыбжьара: Светлана Хәырцлаа-Ануа лгәалашәарақәа

© Foto / Елеонора КогониаСветлана Ануа -Хәрцилава
Светлана Ануа -Хәрцилава - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.09.2023
Анапаҵаҩра
Иахьа ишәсырдыруа аԥҳәыс аибашьра ҟалаанӡагьы дыздыруан, аха аибашьра анцозтәи лнысымҩа Таиф Аџьба иԥшәмаԥҳәыс саҳәшьа Римма лҟынтәи ауп ишсаҳахьо. Абарҭқәа срызхәыцны, исыӡбеит хаҭала лара слыҿцәажәарц, аӷа инапаҿы иҟаз ҳаҳҭнықалақь Аҟәа лыбла иабаз, изалымҵыкәа ара инхаз ирыхҭысуаз атәы сзеиҭалҳәарц. Хәырцлаа-Ануа аҳақьым Константин Ануа иԥшәмаԥҳәыс лоуп. Аоккупациа зызуз Аҟәа далаханы дыҟан 1993 шықәса март мза нҵәаанӡа. Светлана аицәажәара иаразнак дақәшаҳаҭхеит "сара сзыцәшәо акгьы сымаӡам, издыруа шәасҳәоит" ҳәа саҭалкит.
© Foto / из семейного архива Ануа Константин Ануа, Светлана Хәырцлаа - Ануа
Константин Ануа, Светлана Хәрцилава - Ануа - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.09.2023
Константин Ануа, Светлана Хәырцлаа - Ануа

Аӷа инапаҵаҟа

"Аӷа инапаҵаҟа иҟаз ақалақь аҿы аҟазаара даара иуадаҩын. Сыԥшәма заа далаҳгахьан. Аҟәа сзааныжьуамызт Римма далҵаанӡа. Лара Таиф уажәымзар-уажәы дгьежьуеит ҳәа дыԥшын. Данырга ашьҭахь ҳара ҳишьҭамзи, аха даҳзымԥшааит. Нас, сара слыҳәо салагеит балҵ, ҳҩыџьагьы ҳақәырхуеит мамзар ҳәа. Нас, ауаҩы длышьҭаҵаны даарышьҭит аԥсуаа, уи данца ахымш рыҽны саргьы салҵит", - абас лажәа ахы лкит Светлана Ануа-Хәырцлаа.
Римма шәлыцны шәзымцеи ҳәа азҵаара илысҭаз азы, абас аҭак соуит:
"Цашьас исымааз, сара апаспорт аҿы Ануа ҳәа санын, аха милаҭла – ақырҭуа ҳәа арбан. Урҭ аналыргоз Гәдоуҭантәи иааргоз ақырҭқәеи дареи еиҭнырыԥсахлон. Спаспорт иахәаԥшыр агвардиауаа сықәырхуан ақырҭуа аԥсуаа рахь бабацо ҳәа. Сара Аҟәа сшалҵуаз аиҭаҳәара гәаӷьуацәоуп. Абра аус сыцзуқәоз аҷкәынцәа иҟаз зегь рымбоз, исыцхраарц рҭахын. Қарҭҟа командировка срышьҭуашәа ақьаадқәа сзыҟарҵеит. Сдәықәлеит машьынала Очамчыра араион аганахь. Ақырҭуа ҳәа сануп, аха сыжәла Ануа рбар сҭыганы сыршьыргьы ауан. Тамшь Ануаа рхәы ҳанаҩсуаз ацҳа аҵаҟа агвардиауаа тәан. Автобус ааныркылеит. Ҩыџьа ҭалеит. Анцәа сиҳәон усыцхраа ҳәа. Сара сҿы ианааи аамҭазы аӡә ҿиҭит ахыхәшә шәымазар ҳәа. Абри аилаҩеиласра сара исыхәеит, ауаа рсумкақәа ирҭыԥшаауа ианалга спаспорт ианыз ажәла хырҩа азырун иаасывсит. Нас ҳааныркылеит Охәуреи апост аҿы. Уа ҳгәарымҭаӡеит. Анаҩс Жәыргьыҭ ҳааныркылеит. Автоинспекторцәақәак ааит агәаӷ рҿыҳәҳәы. Ара еибашьуаз аамҭала мчыбжьык ԥсшьара иоурыжьыз ҭатәан автобус. Урҭ ҭырган ишакәым ирацәажәо иалагеит. Ргәаӷ рыман уаанӡа дара жәыргьыҭаа ирыламгьежьхьази азын. Иаҳаулакгьы уантәи ҳәдықәлеит. Абас, исулакгьы сеибганы Қарҭынӡа снеит. Уа уацәақәак сыман, дара ранду даԥсуан. Уахык уа сыԥхьеит, нас аҳаирбаӷәазахьы сымҩа хан. Аҳаирплан снақәдыртәан Аминералтә ӡқәа рбаӷәазахь сыԥрит".
Светлана ишеиҭалҳәо ала, лара Нальчик днеир акәын, лыԥшәма дԥырҟеит ахәшәтәырҭаҿы, уи дбаны нас, Гәдоуҭаҟа лхы хан.
"Хымш Нальчик сыҟан. Убысҟан убра митингк ыҟан, Костиа сишьҭит иҟоу иану еилыскаарц. Исгәалшәоит, Баграт Шьынқәба дықәгылон уаҟа. Гәдоуҭаҟа ҳазлаашаз аԥара ҳамамызт. Сашьа Зурик днықәгыланы аквас аҭира далагеит. Убас еизаҳгеит амҩақьыра", - лҳәоит Светлана лымҩа зеиԥшраз ҳлырдырырц.
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2023
Аԥсны
Инапылаҟаҵарам абаҟа

Аԥсуаа ирҿагылоу ашәҟәеиқәаҵәа

Ҳаицәажәараҿы аибашьра ҟалаанӡатәи аҭагылазаашьа ҳгәаламшәар ауазма. Аибашьра ҟалоит ҳәа шәгәы иаанагозма ҳәа санлазҵаа абас саҭалкит:
"Сара сзы еилкаан ҽеик ахь ишкылымсуаз ақырҭқәа ара имҩаԥыргоз аполитика, аха ас иаалырҟьаны иҳажәлоит ҳәа сыҟамызт. Есқьынагьы аимакқәа ыҟамзи, иубон аус ахы ахьцоз. Аус ахьызуаз ақыҭанхамҩатә еилазаараҿы ирацәаҩын амилаҭеилыхыҩцәа, есқьынагьы дареи ҳареи ҳааиҿаххуан".
Аибашьра иалагаанӡатәи аҭагылазаашьа аарԥшуа, Светлана Хәырцлаа-Ануа илгәалалыршәеит илхамышҭуа хҭыск:
"Сара анџьныр-амеханик лаҳасабала аҟәша сахагылан. Усҟан хантәаҩыс аиҳабыра рҿы Смбат Саакиан иакәын иҟаз, иара ҷыдала агропром дахылаԥшуан. Ари анымҩаԥысуаз 1989-тәи ашықәс ашьҭахьоуп. Очамчыра аилаҩеиласра аныҟала анаҩс Сергеи Багаԥшь уа аус идмыруа ианалага аминистр ихҭыԥуаҩс ҳа ҳахь диаргеит. Абри Аахыҵ-Уаԥстәыла аидысларақәа аныҟаз аԥсуаа урҭ ирыдгыланы иқәгылеит. Аҭыԥантәи ақырҭуа активистцәа ари анырба ателеграмма дырхиеит Михаил Горбачиов изырышьҭырц ауаԥсқәа ирыдгыланы аԥсуаа рыбжьы ахьдыргоз иақәыӡбаны. Сусуратә уадаҿы сахьтәаз дааҩналт аус ҳацызуаз Гоги захьӡыз аӡәы. Света, абри бнапы аҵаҩ – ҳәа қьаадк аацәыригеит. Саԥхьазар, аԥсуаа ирҿагыло ашәҟәеиқәаҵәа. Мап, ари сара снапы аҵазыҩӡом - сҳәеит. Абри ашьҭахь аппарат аизара ҟалеит. Сергеи Уасил-иԥа уи далахәуп. Иара убас Сергеи Семион-иԥа Зарданиа – уигьы аминистр ихаҭыԥуаҩ. Ус, аизара ианалага абри Гоги захьӡыз ажәа даҳәеит. Гоги, дҩагылан – шәхаҿы ишәзаагома ҳара ҳтелеграмма 99 процент ақырҭқәа зегьы рнапы аҵарҩит Светлана Ануа мап лкит ҳәа ҿааиҭит. Саакиан иҽиргаӡан, заа иҳауҳәазҭгьы дазыҟаҳымҵоз иҳәахт, сара азыҟаҵара сҭаху џьушьап. Итәаз ақырҭуа ҳәсақәа сыжәлеит, бнапы шԥаныбымҵеи ҳәа. Сара аҭак рысҭеит аҵаҩра шысҭахым, уи сара ишысусу. Сахьыԥшуа избоит Сергеи Зарданиа ари шизымычҳауа. Дҩаҵҟьан Гоги днаизыҭрысит. Нас, ауаа рыбжьалеит аисра ҟамларц азы. Ус Багаԥшь дҩагылан, иара ишиҟазшьаз еиԥш ҭынч иҳәеит: "Аҩызцәа, ауаҩы мчыла лнапы лаҵашәырҩырц шәызҿу иашаӡам, лара даҽа гәаанагарак лымоуп", - иҳәан, иааиқәиртәеит".
Джамила Ануа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2023
Аԥсны
Џьамила Ануаԥҳа: ақырҭқәа рҷан сҭахым ҳәа дыгәрымуан саб

Ассесиа ҳазыԥшын

"Август 14 рзы аусураҿы сыҟан, асессиа иалагараны иҟамзи, АПК (агромпромкомплекс) аԥырхын Ақыҭанхамҩа министрра алырхит убри аԥхьа. Лев Шамба дарҭеит министрс. Телевизорк ҳаман аефир ҳазыԥшын. Убри аҽны аус ҳацызуаз Муџьа Ашәба Очамчыраҟа командировка дцон аԥсаатә фабрика агәаҭразы. Тамшь даангыланы иццоз аӡәы дизыԥшын. Дыԥшызар атанкқәа аауеит. Гвардиауаҩык диххысааит. Муџьа иҟалаз ааиликаан атанкқәа днарыбжьҟан аусурахь дааит. Иара иоуп абри исҳәазгьы, аибашьра ишалагазгьы ҳазҳәаз. Асааҭ 12 30 минуҭи рзеиԥш Владислав Арӡынба телевизорла даақәгылан амобилизациа рылеиҳәеит. Аилаҩеиласра иалагеит аусураҿы. Ауаа рхәыҷқәа ахәыҷбаҳчақәа, ашколқәа рахь иҟан, урҭ ирышьҭалеит. Муџьа аҩныҟақәа рахь шәца иҳәеит. Аус ҳацызуаз аӡәы запорожецк иман, быжьҩык ҳҽаҳаркын ҳдәықәлеит. Ажәытә ҳабла аҟынӡа снеигеит сара, нас Аҳабла ҿыц ахь шьапыла сцеит".

Ҩ-мцакы рыбжьара

Хыхь ишысҳәахьо еиԥш, Светлана Ануа ҳәа апаспорт данызаргьы, зегь акоуп ақырҭуа милаҭ иатәу ҳәа дшьан. Лыԥшәма даԥсыуан, лыхшарагьы, убри аҟынтә агвардиауаа Аҟәа рнапаҿы ианаарга лҭагылазаашьа зынӡагьы имариамызт.
"Сара Ҵабал сиит, сан Марго Ҵоҵонава дақырҭуан, дырҵаҩын, уа амилаҭеилыхыҩцәа аԥсуаа рзы аиакәым анырҳәоз ирымалкуан. Ҳара ҳҭаацәараҿы аԥсуаа рганахь ацәымӷра аӡәгьы иааирԥшуамызт, сан лмаҭацәа аԥсацәан, аԥсуаа бааԥсы лзырымуцызт ахаан. Сан лҭаацәа ракәзар Аҟәа Геловани имҩаду аҿы инхон, сыԥшәма иашьа уа дынхон азы убра ҳаибабеит иареи сареи. Костиа дҳақьымымзи санду лшьақәыӷәӷәара ишәарц днеиуан сыуацәа рахь. Уа аԥсуаа нхон, ҳаизыҟазаашьақәа бзиан. Сара аиашара иадгылоу соуп ҳәа схы сыԥхьаӡон аҟынтә, ақырҭқәа имҩаԥыргоз аполитика маанас иаҵаз сзеилымкаауа сыҟазма?" - абас иаалырԥшуеит лара лпозициа.
Надежда Исаева  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.09.2023
Аԥсны
Аԥсны ахьчаразы игылаз уралтәи аҭыԥҳа: аибашьра аветеран Надежда Исаева лгәалашәарақәа

Агвардиауаа ҳаҩны иакәшеит

Сзыҿцәажәахьо аӡәырҩы реиԥш Светланагьы аибашьра ирлас еилгарашәа дгәыӷуан, убри азоуп ианаамҭаз Аҟәа дыззалымҵыз.
"Зны-зынла ҳгәылацәа Таиф Аџьба, Џьото Амыҷба рыҳәсақәеи дареи ҳҽеидкыланы ҳдәылҵлон сентиабр мзазы. Исгәалашәоит алаҳа ҟаланы иҿан ҳааигәара џьара, убри ҿыхны иаҳфон. Гагра аԥсуаа ианҭадырцәы аҭыԥантәи ақырҭкәа еиланагеит, ргәаӷ хыжжуа иалагеит. Аҳабла ҿыц танкла иалалеит, аҩнқәа дырҳәуан. Убри ашьҭхь ами октиабр 9 1992 шықәсазы Таифи Џьотеи аныргаз. Дара асиа рыман, Костиагьы данын. Уи абӷьыц дара анца ҳгәылацәа икажьны ирбеит ачықьқәа рыҵаҟа. Римма сышә дасит лшьара дықәҟьаны Таифи Џьотеи лбааргеит ҳәа. Костиа дахьыҟаз сыздыруамызт, лара исалҳәеит ҳгәылак ишьақәыӷәӷәара ашәара дшыҟаз. Убарҭ дырҵәахеит уи аамҭазы. Аҩны дыҟазар дыргон. Сара сдәылҵит иаразнак адәахьы. Автоматқәа кны ҳаҩны иакәшаны игылан агвардиауаа. Автобус излааз уа игылан. Сара иҟашәҵозеи, шәызҿу закәзеи сҳәеит қырҭшәала. Шәымшәан, аиҭныԥсахларазы иаҳгоит -иҳәеит аӡәы. Даҽаӡәы - аԥсуаа Гагра иҟарҵаз шәымбаӡои - иҳәеит. Ус Риммагьы дылбааит. Сгәылацәа наҟ бхал ҳәа адырра сырҭеит. Сара адәаҿы саныҟаз ҳуада ашә иасуан, нас акыраамҭа реимаашьҭрақәа анпыҟҟала ианын. Хыхь Дауҭиаа руадақәа ирыҩнахысит. Ҳаԥшын иргаз Таифраа аурыжьуеит ҳәа, аха башан…".
Римма Когония - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2023
Аԥсны
"Аԥсуаа Арӡынба изыҳәан аԥсра иаԥылон": Римма Коӷониаԥҳа лгәалашәарақәа

Афатә -ажәтә

Аибашьра аамҭазы Аҟәа иалахаз аԥсуаа рзы афатә ааԥшаара имариаз усмызт. Абраҟа Светлана лроль акыр иҳаракын агәылацәа рзын.
"Сан рыцҳа Ҵабал дахьыҟаз илаҳауан ара иҟаз аҭагылазаашьа. Дыҟан аԥсуаа иаҳзыбзиаз хаҵак, убри ила иаалҭиуан ҳхәы. Уигьы иара изы игәаӷьуацәан, дақәыркыр илԥеиԥшхоз сеидроу. Акәтыжь, ашә, ахш, акәац зҳәаз еиԥш алшара анлымаз сан рыцҳа иҳауртә дныҟәон. Нас, сара Џьотарааи Таифрааи ҳареи ҳабжьара исшон. Ҳа ҳҿы ҳанеизоз ыҟан. Таиф имшынҵақәа рҿы ианиҵеит урҭ ажәабжьқәа. Таифи сареи ҳакәын акаҳуа ажәра бзиа избоз, егьырҭ иржәӡомызт. Нас, иара данырга икаҳуақәа Римма сара исылҭеит. Ажәакала, амла ҳакуан сызҳәом аибашьра шцозгьы", - лҳәоит Светлана.
Аида Чачхалиа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.07.2023
Аԥсны
"Аиааира шаҳгоз азы агәыӷра ҳаман": Аида Чачхалиаԥҳа лгәалашәарақәа

Васили Буиниак ирҿиаз арадио

Светлана илгәалалыршәеит аинформациа аиуразы, милаҭла иаурысыз ргәыла, Аџьынџьтәылатәи Аибашьра ду аветеран Васили Буиниак ацхыраара ду шырзыҟаиҵаз.
"Диадиа Васиа ҳәа иаҳҳәон иара. Хыхь аԥшьбатәи аихагылаҿы дынхон. Иара драдистын. Убри аҟынтә, аҩны аҭел иҳамаз арадио алихит. Убас Гәдоуҭатәи ажәабжьқәа зегь ҳарзыӡырҩуан аҭел ҳлымҳа иадкыланы. Абри Нелли Ԥацациа Аҟәа даналҵ ашьҭахь лхабар сыздырӡомызт, арадио ала исаҳаит Гәдоуҭа дышнанагаз. Лара ара даныҟаз лыҷкәын Алмасхан дҭахахьан, аха илыздырӡомызт. Сара издыруан, аха иласҳәаӡомызт. Дцаргьы сҭахӡамызт убри азы, аха лара илымуит. Ҽнак дытҟәаны дыргеит ақырҭқәа Аҟәа авоенкомат ахьыҟоу дҭакны дрыман. Аума лзаарцеит, аха лыԥсы еиқәхеит. Лареи сареи аус еицаҳуан, бзиа ҳаибабон. "Сара схысҩуп, сцароуп еибашьра ашьоуразы" лҳәон Аҟәа анаанлыжьуаз. Сара лара днаскьазгеит данцоз. Изхысҳәаауа, диадиа Васиа иаҳзыҟаиҵаз арадио абзоурала Нелли лхабар саҳаит… Нелли данцоз арсынтәи илгеит Олег Шамба аӷәраҵаҿы иҽыҵәахны дахьыҟаз иҩыз ашәҟәы. Ашьҭахь арадио ала исаҳаит иара ихаҭа даналҵ Нелли еиқәлырхаз ишәҟәы дшаԥхьоз. Диадиа Васиа арадио адагьы, ианшәарҭаз араион аҵыхәаҿы аурысқәа рырхәҭақәа ахьыҟаз ҳганы ҳаиҵәахуан. Иџьашәшьаргьы, уа ҳахьнеиз аԥшәма иԥҳәыс лыԥсихика уашәшәыран. Костиа алаф илысхуан, уара уахьнеилакгьы ачымазцәа узыԥшуп ҳәа. Ус илахь ианын иара, зехьынџьара ипациентцәа иԥылон. Сара маӡала сааны аҩны афатәқәа иҳамаз згон. Нас, аҩныҟа ҳаиҭагьежьуан ианеихсыӷьлакгьы", – абри аҩыза аҭоурыхқәа ҳлырдыруеит Светлана.
 Сулико Шакая - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.09.2023
Аԥсны
Сулико Шьакаиа: Аиааира амш зегьы иреиҳау ныҳәоуп

Уаҵәыҵәҟьа аусура бнеи!

"Нас, ааԥын анааи Римма лалгара сазхәыцуа салагеит, избанзар руадақәа агвардиауаа ааны иҩнало, идырҳәуа иалагеит, ишәарҭарахеит. Март мза анҵәамҭазы сышә аӡә дасит. Иаасыртызар аԥсуак дылагылоуп. Сымҩашьозар Резо Занҭариа иоуп. Ауаҩы ихаҿра змо дсымбеижьҭеи акыр ҵуан, иџьасшьеит уи данызба. Иара иҳәеит Таиф Аџьба иԥшәмаԥҳәыс далигарц дҵас ишимо. Дсыманы схалеит Римма лахь. Абасала, адырҩаҽны Алашарбага аҳаблаҿы аӷба днақәыртәаны Гәдоуҭаҟа амҩа дықәысҵеит…. Ахымш рыҽны саргьы Аҟәа салҵит. Гәдоуҭа аԥсшьарҭаҩны "Черноморец" аҿы инхон Ануаа рҭаацәа Нальчикынтәи ианнеи. Аиааира ҳгеит ҳәа аҿыҭбыжьқәа иара убра ираҳаит. Аҟәа ҳанаа Ақыҭанхамҩа аминистррахьы снеит. Лев Шамба дминистрын. Сара схы ҟәнысшьон, иԥхасшьон аԥсуаа сахьырҿаԥшуаз, избанзар ирхыргаз сымдыруаз. Нас, аусура аныҟәара саҟәыҵит. Ус, ақалақь аҿы амҩа шеихысҵәоз, машьынак аангылеит. Света, аусура бзымныҟәозеи ҳәа ахаҵа бжьы аасаҳаит. Уи Лев Шамба иакәын. Уаҵәыҵәҟьа аусура бнеи - ҳәа адҵа сиҭеит. Абас, уи ибзоурала сгьежьит аусурахь, иахьагьы абра сыҟоуп", - абас лажәа хлыркәшеит Светлана.
Светланеи Константини Ануаа рҭаацәа аҳақьымцәа рдинастиа ҳәа рзуҳәар ауеит. Машәырла дҭахеит рыҷкәын аҳақьым Џьон. Рыԥҳа Ирма лакәзар анаркологиатә диспансер дахагылоуп, рмаҭацәа Гванцеи Миленеи дара рышьҭра ихылеит, иҳақьымцәоуп…
© Foto / из семейного архива Ануа

Константин Ануеи Светлана Хәырцлааи рҭаацәеи дареи

Константин Ануеи Светлана Хәырцлааи рҭаацәеи дареи - Sputnik Аҧсны
1/4

Константин Ануеи Светлана Хәырцлааи рҭаацәеи дареи

© Foto / из семейного архива Ануа

Константин Ануеи Светлана Хәырцлааи рҭаацәеи дареи

Константин Ануеи Светлана Хәырцлааи рҭаацәеи дареи - Sputnik Аҧсны
2/4

Константин Ануеи Светлана Хәырцлааи рҭаацәеи дареи

© Foto / из семейного архива Ануа

Константин Ануеи Светлана Хәырцлааи рҭаацәеи дареи

Константин Ануеи Светлана Хәырцлааи рҭаацәеи дареи - Sputnik Аҧсны
3/4

Константин Ануеи Светлана Хәырцлааи рҭаацәеи дареи

© Foto / из семейного архива Ануа

Константин Ануеи Светлана Хәырцлааи рҭаацәеи дареи

Константин Ануеи Светлана Хәырцлааи рҭаацәеи дареи - Sputnik Аҧсны
4/4

Константин Ануеи Светлана Хәырцлааи рҭаацәеи дареи

1/4

Константин Ануеи Светлана Хәырцлааи рҭаацәеи дареи

2/4

Константин Ануеи Светлана Хәырцлааи рҭаацәеи дареи

3/4

Константин Ануеи Светлана Хәырцлааи рҭаацәеи дареи

4/4

Константин Ануеи Светлана Хәырцлааи рҭаацәеи дареи

Ажәабжьқәа зегьы
0