Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аҩӡԥҳа: аибашьра аҟара аԥҳәыс дахьаҭаху ус ыҟаӡам

Дцон аԥҳәызба еибашьра: Фениа Аҩӡыԥҳа леибашьра иазкны
Анапаҵаҩра
Леон иорден занашьоу Фениа Аҩӡԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аибашьра ианалага Аҟәа алҵра зылҭахымыз, мызкы аҳҭнықалақь аҿы лыҟазаара аамҭазы иҟаз аҭагылазаашьа атәы, абџьар дшаҵагылаз, насгьы Аиааира амш зегьы иреиҳау ныҳәаны изылԥхьаӡо.
Аиҿцәажәара хацыркуа Фениа Аҩӡԥҳа илгәалалыршәеит раԥхьаӡа акәны август 14 рзы атанк иааигәаны илбартә еиԥш иҟалаз ахҭыс атәы, анаҩс Аҟәа алҵра зылҭахымыз.
"Сара сырбар ҟалаӡомызт ақырҭцәа. Аибашьра аԥхьагьы ҳаидыслон. Агәылацәа агвардеиццәа ҳақәырҵон, аҩны еилдырхуан, ахацәа ирышьҭан, арахь саҳәшьеи сареи ҳауп иҟаз. Сгәылацәа ргәаӷ азы ацара сҭахӡамызт Аҟәантә", - ҳәа еиҭалҳәеит Аҩӡԥҳа.
Лара илгәалалыршәеит Аҟәа аԥсцәа рышьҭаҵарҭаҿ ақырҭцәа аԥсуа еибашьцәа шьны ишеиларыжьуаз. Усҟан дара аԥсы ламала дрырҭаӡомыз, рыҭира иалагахьан ҳәа еиҭалҳәеит Аҩӡԥҳа. Уа дыҟан издыруаз ҳақьымк, аҷкәынцәа рыцқьаны рҭаацәа ирыиҭон ҳәа азгәалҭеит лара.
Мызкаҟара Аҟәа иҟаз Фениа лаҳәшьеи лареи ианалҵ ашьҭахь ақыҭаҿы иҟан. Сара схы амедицианаҿы избаӡомызт ҳәа лҳәеит лара.
"Мирод Гәажәбеи Гиви Смыри аҩны инеит ҽнак, бҳацаала еибашьра, ус бҳацыз рҳәеит. Аибашьра аҟара аԥҳәыс дахьаҭаху ус ыҟам. Уи аибашьцәа ргәы арӷәӷәара адагьы, иуцәыԥхашьоит. Аӡәы дцар иҭахымзаргьы, шәеиха ануҳәалак ргәы ҟанаҵоит", - ҳәа азгәалҭеит лара.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0