Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аҭаацәа зықәгәыӷуаз иакәын": аибашьраҿы иҭахаз Даур Ҳаразиа изкны

© Foto / из архива семьи ХаразияДаур Харазиа
Даур Харазиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра цонаҵы, имаҷҩым афырхацәа зыхәрақәа ӷьаанӡа агоспиталь аҟнытә ибналаны зҩызцәа ирыхьӡоз. Убарҭ дреиуан иахьатәи санҵамҭа афырхаҵа, 26 шықәса ирҭагылаз, аҭаацәара аԥҵара иахьымӡацыз лхаа рҵеи Даур Ҭышькәа-иԥа Ҳаразиа. Арԥыс раԥхьатәи ихәра дацәынханы иеибашьратә мҩа иациҵоит, аха ԥхынгәытәи ажәылараан аӷа ихымца иԥсҭазаара ҿахнаҵәоит. Даур инысымҩа анҵоуп иаҳәшьа Дона Ҳаразиаԥҳа лажәақәа рыла.
Зықәра иаҵанамккәа изызҳауаз Ҭышькәа Ҳаразиеи Нелли Цыгәԥҳаи рԥеиҳабы Даур, рыкәша-мыкәша еиҵагылаз абиԥара дрылукааратәы дыҟан. Аҷкәын иқәлацәа раасҭа аиҳабацәа рааигәа аҟазараа еиӷьеишьон. Зынӡа дузрыдгомызт аинтерес зҵаз ҭоурыхтә жәабжьк ианалацәажәоз. Иеиҵбацәагьы, дара зынӡа ԥшьҩык ыҟан ҩыџьа аҷкәынцәеи ҩыџьа аӡӷабцәеи, рашьеиҳабы ҿырԥшыз дрыман, ииҳәоз иацныҟәон. Даур ашкол даналга, ахаҵа нага иидырша идырхьан, ихшыҩ шәхьан. Убри акәзаргьы ҟалап, Владивосток арра маҵура данахысуаз, џьара вбак шидрымбалоз акомандаҟаҵаҩцәа. Даур ирратә уалԥшьақәа нагӡаны данаа, Гәдоуҭа автосервис аҟны аусура далагеит. Арԥыс ақалақьтә ԥсҭазаареи ақыҭанхамҩеи еилаигӡон. Иани иаби дарӷьажәҩаны дрывагылан.
Рома Габлиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.09.2023
Аԥсны
"Раԥхьатәи аԥсҭбара": Рома Габлиа игәалашәаразы
"Даури ҳани реизыҟазаашьақәа акалашәа иҟан. Сара исгәалашәаӡом иара џьарантәи дааны, аҵх акыр инеихьазаргьы ҳан дахьышьҭоу днеины лхы дамгәӡыкәа. Ларгьы "аира сзырбаз" ҳәа дишьҭан", - лҳәоит аиаҳәшьа Дона.
Аԥсны аӷа хәымга данақәла, Даур Ҳаразиа иҩызцәа аҷкәынцәа дрыцны еибашьра дцоит. Иара дахәҭакхоит Беслан Гәынба командаҟаҵаҩс дызмаз агәыԥ. Аԥсадгьыл ахьчара дазгылоит Даур иашьеиҵбы Дорагьы. Раԥхьа аҟәатәи аҷкәынцәа еиҿыркааз агәыԥ "Акула" дацны деибашьуан, анаҩс диасуеит Сергеи Матосиан ихысратә баталион ахь. Абас аишьцәа рҩыџьегьы рыԥсадгьыл аҿаԥхьа руалԥшьақәа рынагӡара иалагоит.
"Даури Дореи аибашьра ианца, хымԥада ҳазегьы агәҭынчымра хазцәырҵит. Ҳани ҳаби ҿымҭӡакәа игәырҩон. Исгәалашәоит, ҳаб адабла (паралич) исны дшыҟазгьы, ихьаақәа дыриааины, "сыҷкәынцәа еибганы исзаашьҭ" ҳәа есышьыжь анцәа диашьаԥкны адгьыл дшагәӡуаз", - лажәа иацылҵоит Дона.
Даур игәыԥ Гәымсҭа ахықәан итәан. Уи ахырхарҭаҟны имҩаԥысуаз аиҿахысрақәа раан, хьаҵра ҟамҵакәа иҟазшьа џьбара ааирԥшуан. Хәажәкыратәи ажәылараан, Гәымсҭа аӡиас ирны аӷацәеи дареи анеиҿанагала, Даур ишьапы ахы ақәшәоит. Агәыԥ шьҭахьҟа ианхьаҵуаз, Даур ашаха иҽанҵаны аӡы арра шицәыцәгьазгьы, мчыла илиршоит, изнапык аҿы дыҭҟәаны дыргар иҽԥижәарц, аграната икын.
"Даур агоспиталь ахь данырга, хымш рышьҭахь аҳақьымцәа дырцәыбналаны иҩызцәа рахь дцоит. Анаҩс иара далахәхоит ԥхынгәытәи ажәылара. Ӷәӷәала аиҿахысрақәа ианрықәшәа, "акәылӡхылԥа (каска) ухаҵы" ҳәа иҩызцәа шҿырҭуазгьы рҳәатәы дацымныҟәазт, аӷа ихымца ихы иалалоит. Азнык азы ахәра ӷәӷәа иоуит ҳәа иҩызцәа гәҩарас иҟарҵеит, агоспиталь ахьгьы дыргеит, аха иҟалашаз ҟалахьан", - лашьа иҭахашьа лгәалалыршәоит аиаҳәшьа.
Иури Капш - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.09.2023
Аԥсны
"Ҽнак дахьӡеит аибашьра": Иури Қаԥшь игәалашәара иазкны
Дона Даур дырхәит ҳәа ауп ишларҳәаз, аҩнра дахьыҟаз инеины лабраа рахь данааргоз, аха аиаҳәшьа ацәалашәара хьанҭа шлоузгьы, аҵыхәтәанынӡа дгәыӷуан иԥсы ҭоуп ҳәа.
"Даур дыҟам ҳәа схахьы иаазгар сҭахӡамызт, ҳгәашә ҟьаҟьаӡа ишаартыз сымбакәа. Ашьҭахь ҭаацәала иаҳхаҳгаз атәы алацәажәара сҭахӡам", - лҳәоит длаӷырӡашуа Дона.
Нелли Цыгәԥҳа лԥа иҭахара дшацәынхаз еиҭаҳәашьа амам. Ан рыцҳа акраамҭа иҳаҭгәын аҟны дтәаны илыршон. Илымкаа дзыцәомызт, акрылзыфомызт, аӡыцәҟьа лзыжәуамызт…
Ҭышькәеи Неллии иаанхаз рыхшареи рмаҭацәеи раҳаҭыр баны, аԥсҭазаара инагӡаны иазымхынҳәызаргьы, ргәы ҿарҳәеит…
2013 шықәсазы, Аиааира 20 шықәса ахыҵра аламҭалазы, Аԥсны ахадас иҟаз Алеқсандр Анқәаб иусԥҟала, Даур Ҳаразиа ианашьан Леон иорден.
Ламара Лакәаԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2023
Аԥсны
"Ҳҽыҵәахны ҳадгьыл ҳазкылԥшуан": Гагра иалаханы иҟаз Ламара Лакәаԥҳа лгәалашәарақәа
Ажәабжьқәа зегьы
0