Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аибашьра зыԥсҭазаара аԥсахыз": Ира Мамедова илызкны

© Foto / предоставила Саида ЖибаИра Мамедова
Ира Мамедова - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, аԥсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла, ахацәа иарӷьажәҩаны ирывагылеит аҭыԥҳацәагьы. Дара ибзианы еилыркаауан уи аԥсҭбара шацыз, аха ируалԥшьоуп ҳәа ирыԥхьаӡон ихьанҭу аамҭазы рашьцәеи рҩызцәеи арывагылара. Иахьатәи санҵамҭа лызкуп "Агәымшәаразы" амедал занашьоу, аибашьраан санитарс иҟаз Ира Мамедова. Усҟан лара 20 шықәса ракәын илхыҵуаз, аха аҟазшьа џьбара аарԥшны аӷа диҿагылеит.
Нанҳәа 13 1992 шықәсазы Ира Мамедови лҩыза Инга Габлиаԥҳаи Пицунда рыԥсы шьаны, ауха Бзыԥҭаҟа Ира лахь иааит. Ашьыжь, аҭыԥҳацәа анҿыха, адәахьы ашьҭыбжь цәгьақәа раҳан, иҟалазеи ҳәа иахьындәылҵыз аибашьра ишалагаз рарҳәеит. Раԥхьа ԥыҭҩык ҳажәлар реиԥш лассы еилгоит ҳәа ихәыцуан. Аха аҭагылазаашьа хьанҭахо, Кавказ Нхыҵынтәи ахатәгәаԥхаҩцәа ацхыраара ҳарҭарц иаауа ианалага, еилкаахеит амҽхак шыҭбаахоз.
"Аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы Бзыԥҭагьы ишәарҭахеит. Уажәы-уажә аӷацәа рвертолиотқәа ҳхаԥыруан, шьхала аснариадқәа аҳабла иаларыжьуан. Ус мызки бжаки рышьҭахь, аԥсуа ар маҷк аҽанарӷәӷәа, агәыԥқәа анеиҿкааха Гагра араион ахақәиҭтәразы ажәыларатә аопеарциа иалагеит. Ингеи, лаҳәшьеиҳабы Џьулеттеи, сареи ахатәгәаԥхаҩцәа ҳрыцны аоперациа хада иашьҭарххны Гаграҟа ҳцеит. Убраҟа ҳаблала иаҳбеит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа закәытә гәнаҳароу рхы иаҭәаршьаз. Зехьынџьара рхымцақәа рышьҭақәа убон. Аӷацәа, ари аамҭа иалагӡаны ҳаҷкәынцәа маҷҩымкәа иҭадырхеит, аха даргьы ирыхәҭаз иақәшәеит. Аԥсуа ган аасҭа ақырҭцәа рахьтә иҭахаз еиҳа ирацәан", - лҳәоит аибашьра аветеран.
Валери Дауҭиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.09.2023
Аԥсны
"Аԥсра дақәшаҳаҭын": аибашьра аветеран Валери (Баҭаҟәа) Дауҭиа изкны
Ира Мамедова Гагратәи аоперациа ашьҭахь илыӡбоит уаҳа аҩны дшымтәо, дышцо еибашьра.
"Сара амедицинатә занааҭ сымамызт, аха аибашьра адәаҟны аҭагылазаашьа иснарҵоит ҳәаны Инга Габлиа слыцны Аҩада Ешыраҟа сцоит. Иара убраауп арратә ӡӡахра сахьахысуагьы, раԥхьаӡакәны сцәа иадысҵаз, Гыруаԥшь ҷкәынак ҳамҭас исиҭаз арратә маҭәагьы, аҽыҵәахыга халат (маскхалат) ахьысшәысҵазгьы", - еиҭалҳәоит Ира.
Аҩада Ешыра аблиндажқәа рааигәара "Акҿаҩра иаҵәа" ҳәа ҳаибашьцәа авагон иалхыз рыкрыфарҭа ыҟан. Ҽнак аӷацәа уи аҭыԥ аминаршәгала иеихсуа иалагеит. Ира аибашьцәа ацхыраара рысҭоит ҳәа аблиндаж ныжьны уахь лҿаныналхоз аамҭазы, лҩызцәа рахьтә аӡәы, дазусҭоу лгәалашәом, лшьапы дықәирҟьан, лызшьапык рӷәӷәаны икны димшьҭӡеит. Ахысрақәа анеиқәтәа, Ира акҿаҩрахьы дыҩны днеизар, хҩык аибашьцәа шьны ишьҭан, ҩыџьа бааԥсыла ихәын.
"Аԥсцәеи ахәцәеи анызба еилыскааит аибашьра хаҭа сшалагылоу, азнык азы ас ишәарҭахоит ҳәа сымхәыцуазтгьы, уажәы сҽысыԥсахит. Ахәцәа рыхәрақәа рыцқьаны ианҿасҳәа, аҷкәынцәа сҭагылазаашьа ргәамԥхаӡеит, "бысҭ, абри бнаҿыхәа рҳәан" ҵәыцак насдыркит, сара аӡы акәыз џьышьа, сҿы ҭабаны иҟамзи иаразнак сыԥсы азыцәгьаны изжәит. Аҵәца анҭасарцәы еилыскааит иакәым акы шыҟаз. Сҩызцәа рыла ҭырхаха исҿаԥшуеит "бызҿи" ҳәа аанарго, уи аҵәца ауаҭка акәзаарын иҭаҭәаз, сара исзымдырӡит… Ажәакала уи аҽны арратә ӡӡахра инаваргыланы ауаҭкагьы раԥхьаӡакәны агьама збеит. Изызӡари, уи аҽны инаркны астресс аласхызгарц аҭаҭын ахарагьы салагеит", - раԥхьатәи аԥсҭбара зцыз амш лгәалашәоит Ира Мамедова.
© Foto / предоставила Саида Жиба

Ира Мамедова илыцеибашьуаз лҩызцәеи лареи

Ира Мамедова илыцеибашьуаз лҩызцәеи лареи - Sputnik Аҧсны
1/4

Ира Мамедова илыцеибашьуаз лҩызцәеи лареи

© Foto / предоставила Саида ЖибаИра Мамедова
Ира Мамедова - Sputnik Аҧсны
2/4
Ира Мамедова
© Foto / предоставила Саида Жиба

Ира Мамедова лҩызцәа рыгәҭа

Ира Мамедова лҩызцәа рыгәҭа - Sputnik Аҧсны
3/4

Ира Мамедова лҩызцәа рыгәҭа

© Foto / предоставила Саида Жиба

Ира Мамедова илыцеибашьуаз лҩызцәеи лареи

Ира Мамедова илыцеибашьуаз лҩызцәеи лареи - Sputnik Аҧсны
4/4

Ира Мамедова илыцеибашьуаз лҩызцәеи лареи

1/4

Ира Мамедова илыцеибашьуаз лҩызцәеи лареи

2/4
Ира Мамедова
3/4

Ира Мамедова лҩызцәа рыгәҭа

4/4

Ира Мамедова илыцеибашьуаз лҩызцәеи лареи

Аԥҳәызба ԥсшьара ҳәа аҩныҟа даныршьҭлак, аамҭа лхы иархәаны Гагратәи ахәшәтәырҭахь даауеит наҟ-наҟ архәҭахь илгашаз аҿаҳәагатә маҭәахәқәа рзы. Убраҟа лара машәыршәа длабадыруеит иахьа Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ирдыруа Инга Барцыцԥҳа. Ира иаразнак Инга длыҳәеит лара дахьцо дылгарц азы. Аха егьи "бхәыҷцәоуп" ҳәа мап лцәылкуа даналага, "сара саԥсыуоуп, с-Дбарԥҳауп, бара сбымгаргьы ҽаӡәы сиццоит", - ҳәа лыҽлырӷәӷәеит. Ус, Иреи Ингеи еиццеит аибашьра.
"Аԥсуа жәла сымазар, хымԥада аибашьра сыргоит ҳәа саахәыцын, сыҽсыргызмалит. Ажәла Дбаргьы стәыстәит, еицырдыруаз ҳкомандаҟаҵаҩцәа ирыжәлан азы. Сара сеиԥш сыздыруазгьы ашьцылеит ари "сыжәла ҿыц". "Агәымшәаразы" амедал ансырҭозгьы, Дбар-Мамедова ҳәа ианырҵеит", - дзырлахҿыхуа ахҭыс дазааҭгылеит аибашьра аветеран.
Гәырам Сергьегьиеи Инга Лакәыиап,ҳаи - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2023
Аԥсны
"Жәамш заҵәык...": Гәырам Сергьегьиа изкны
Ира Гәымсҭатәи афронт аҟнытә ахәцәа Афонтәи агоспиталь ахь рымҩаԥгара напынҵас илыман. Ҽнак, ахәцәа ныжьны шьҭахьҟа Гәымсҭа ахырхарҭахь ишаауаз, рмашьына аӷацәа еихсит. Арныҟәцаҩи лареи ахәрақәа роуит.
"Иԥыххааз ҳмашьына збаз, ахәцәа згоз егьи ацхырааратә машьына аангылан, ҳаргьы ҳрыманы агоспиталь ахь ицеит. Уаҟа еиҳа иуашәшәыраз смашьынарныҟәцаҩ дынсыжьын, сара, ирҟьаз сқьышә ақәҵа нақәырҷабны Гәымсҭаҟа сцеит. Инга Барцыцԥҳа санылба, слыргьежьоит ҳәа далагеит, аха сызҿыз аус иацысҵеит", - ахҭыс дазааҭгылоит Ира.
Ира Мамедова аибашьра адәаҟны диабадыруеит Аахыҵ-Уаԥстәылантәи иааз ахатәгәаԥхаҩы Алан Тедеев. Арԥыси аԥҳәызбеи абзиабара рыбжьалоит. Лаҵарамзазгьы, 1993 шықәсазы Гагра, аԥсшьарҭа ҩны "Челюскинцев" ачара рзыруоит реибашьратә ҩызцәа.
© Foto / предоставила Саида ЖибаИра Мамедови Алан Тедееви
Ира Мамедова - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.09.2023
Ира Мамедови Алан Тедееви
"Аибашьра нымҵәацызт азы, Алани сареи ачара аӡбахә шаҟа ҳаламцәажәарыз. Аха ҳҩызцәа ирымуит. Сара исыздыруам излалышаз, аха Инга Барцыцԥҳа ҳчара аиҿкаара зегьы лнапы иҵылхит. Аҭаца ҵкгьы сзылԥшааит. Алан ар маҭәа ишәын, саргьы армаҭәа сшәысҵоит сҳәан, аха "сара знык ауп аԥҳәыс данаазго, исҭахуп аҭаца ҵкы бшәызарц" аниҳәа сыԥшәма, сақәшаҳаҭхеит", - рчара лгәалашәоит Ира.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, Ира Мамедова Инга Барцыцԥҳа длыцны Гал араион, атәыла аҳәаақәа рыхьчара далахәын. 1996 шықәсазы, Алани Иреи Аахыҵ Уаԥстәылаҟа ицоит. Дрыхшоит аԥа. Алан иҷкәын Владислав Арӡынба иаҳаҭыр азы ихьӡ ихьӡиҵоит.
Алан Аԥсныҟа аибашьра даанӡа, ОМОН далан. Иԥсадгьыл ахь даныхынҳә, имаҵураҟны дшьақәдырӷәӷәоит. 1998 шықәсазы, Алан Тедеев ирратә уалԥшьақәа нагӡауа ақырҭуа қыҭа машьынала дшалсуаз, ацәгьауаҩ арҭҟәацга иҵаԥжәаны дҭаирхоит. Аамҭак ашьҭахь Ира лхәыҷы длыманы Аԥсныҟа дхынҳәуеит.
© Foto / предоставила Саида ЖибаИра Мамедови лԥа Владислави
Ира Мамедова - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.09.2023
Ира Мамедови лԥа Владислави
Ира Мамедова абриаҟара арыцҳарақәа шылхылгазгьы, акыр шықәса ачымазара бааԥсгьы дамҽхакны дамоуп. Аха аԥҳәыс, "ақырҭуа ихымца сацәымшәаӡеит, акьыба аума сзыцәшәо" ҳәа лыҽлырӷәӷәоит. Насгьы лыгәҭакы хада, лԥа Владислав ичара мбакәа "ари адунеи нсыжьуам" лҳәоит!
Ажәабжьқәа зегьы
0