Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Иаби иашьцәеи дрыцын": аибашьра аветеран Арзаабеи Цкәуа изкны

© Foto / из архива семьи ЦкуаАрзаабеи Цкуа
Арзаабеи Цкуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аԥсадгьыл ахьчара иазгылаз Жәандәрыԥшьаа фырхаҵарала рхы аадырԥшит. Урҭ рыгәҭа иҟан Дикран Цкәуа иҭаацәагьы. Аби ԥшьҩык иԥацәеи аибашьра зегьы рхыргеит. Иахьатәи санҵамҭа изыскуеит Дикран иԥеиҳабы Арзаабеи Цкәуа. Иара инысымҩа анҵоуп иԥа Адамыр иажәақәа рыла.
Жәандәрыԥшь ақыҭан ҳаҭыр змаз, еицырдыруаз ракәын Дикран Мақьҭаҭ-иԥа Цкәуа иҭаацәа. Дикран иԥшәмаԥҳәыс Мери Смырԥҳа изаамҭанымкәа лыдунеи лыԥсахын, ахаҵа ихала ԥшьҩык иԥацәа ршьапы иқәиргылеит. Аҷкәынцәа Арзаабеи, Занбеи, Хьинбеи, Хьирбеи рықәра иаҵанамккәа аҟазшьа џьбара рылаҵаны иааӡеит Дикран. Аб иааӡара иалҵшәахеит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан хьаҵра ҟамҵакәа ихшара аӷа иахьиҿагылаз.
Арзаабеи аишьцәа дреиҳабын. Иара 33 шықәса ихыҵуан аибашьра ианалагоз. Дынхон Гәдоуҭа, акрыфарҭаҟны хәыҟаҵаҩс аус иуан. Дҭаацәаран. Ҩыџьа аԥацәа иааӡон.
Адгур Жиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.09.2023
Аԥсны
"Ахәра шимазгьы Аиааира даԥылеит": аибашьра аветеран Адгәыр Жьиба изкны
"Аибашьра ианалагоз сара шықәсык схыҵуан, сашьеиҳабы Уаздамыр - ԥшьышықәса. Ианҳазҳа, ҳара иаҳдырыр ҳҭаххеит ҳабдуи, ҳаби, ҳаб иашьцәеи реибашьратә ҭоурых. Аха дара знызаҵәыкгьы иҳадтәаланы уи иаламцәажәеит, уимоу, бзиа ирбаӡомызт азҵаарақәа анраҳҭоз. Знык-ҩынтә машәыршәа рҩызцәа рҟнытә акы ҳмаҳазар, шәҟәык, газеҭк аҟны акы ҳмаԥхьазар, инҭкааны иаҳдыруа маҷӡоуп. Аха Аџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәалоу агәалашәаратә мшқәа раан сара исҭахуп саб иӡбахә сҳәарц. Уажәы еиҳагьы сгәы азыҳәоит, избанзар дҳаԥхеижьҭеи акыр шықәса ҵуеит", - ҳәа азгәеиҭоит Адамыр.
Аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы Арзаабеи иҭаацәа Жәандәрыԥшь иныжьны, иаби иқыҭауааи дрыцны Алада Ешыраҟа дцеит. Ҩымз рышьҭахь Валикәа Багаҭелиа абаталион шьақәиргыло даналага, уи иалалоит. Абаталион аротақәа руак дахагылоит 59 шықәса зхыҵуаз Дикран Цкәуа.

"Ҳабду ирота иадиԥхьалеит иҷкәынцәа, иашьа иԥацәа, имаҳәцәа. Ажәакала, иуа-иҭахы иганаҿы еизигеит. Иара зегьы илаԥш рхын, деиҳабымзи, идҵақәа зегьы нарыгӡон", - иҳәоит амаҭа.

Арзаабеи Цкәуа дрылахәын ажәыларақәа жәпакы, Ианвартәи, Марттәи, Ииультәи, аҵыхәтәантәи - Аҟәа аҭарцәра. Иара дреиуан зҩызцәа ԥхьаҟа жәылара ицарц азы хатәгәаԥхарала аԥсра иаԥылоз, аӷацәа зганахь ихьазырԥшуаз. Иаби иареи рааԥсара рацәоуп аԥсцәеи ахәцәеи аминатә дәқәа рҟынтәи ралгараҿы. Арзаабеи ажәыларақәа руак аан аконтузиа иоуит, аха аҩныҟа дмааӡеит. Аибашьра цонаҵы, ҩынтә заҵәык роуп Жәандәрыԥшь длеины иҭаацәа аниба.
"Саб Аҟәа аҭарцәраан, Иашҭхәа ақыҭан ааҩык ақырҭуа еибашьцәа ҭҟәаны изгаз дреиуоуп. Урҭ акомандаҟаҵаҩцәа рнапы ианҵаны, анаҩстәи ирратә уалԥшьақәа ирыциҵеит", - еиҭеиҳәоит иԥа Адамыр.
Ира Мамедова - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2023
Аԥсны
"Аибашьра зыԥсҭазаара аԥсахыз": Ира Мамедова илызкны
Арзаабеи Цкәуа иаби иашьцәеи дышрыцыз Аиааира даԥылеит Егры аҳәааҟны.
Дикран Цкәуа иԥацәа рааӡараан идыз аҭакԥхықәра аибашьра адәаҟны еиҳагьы еиҳахеит, аха ҩаԥхьа имчи илшеи аиааит. Зегьы рыԥсы ҭаны, хьӡи-ԥшеи рҳаны амцашыра иалҵит.
Ажәабжьқәа зегьы
0