Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ишәарҭан, аха ҳус наҳагӡон": аҳақьым Лиана Багаҭелиаԥҳа лгәалашәарақәа

© Foto / предоставила Саида ЖибаЛиана Багателиа
Лиана Багателиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2023
Анапаҵаҩра
Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапахьы ианааргагьы, ахәшәтәырҭа хада аус шауц иауан. Зуалԥшьақәа назыгӡоз аԥсуа ҳақьымцәеи амедиеҳәшьцәем маҷҩымызт. Иахьатәи санҵамҭа лызкуп мызкы иназынаԥшуа ачымазцәа зхәышәтәуаз атерапевт, анаҩс зыԥсҭазаара аӷацәа азышәарацо иалагаз Лиана Багаҭелиаԥҳа.
Лиана Григори-иԥҳа Багаҭелиа сынтәи 35 шықәса ҵуеит Гагратәи ахәшәтәырҭа хадаҟны терапевтс аус луеижьҭеи. Ари аамҭа иалагӡаны аҳақьым лгәалашәараҿы инхаз ахҭысқәа рацәоуп, аха аҭыԥ ҷыда аанызкыло Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапахьы ианаарга русура ишацырҵози уи иацыз ашәарҭареи роуп.
"Аибашьра ҽнак шагыз, нанҳәа 13 рзы, ҳгәылара арыцҳара ҟалеит. Хышықәса зхыҵуаз аӡӷаб хәыҷы ахԥатәи аихагылаҟнытә дкаҳаит. Зегьы ҳаиманы ахәшәырҭахь ҳаибарыҩуа ҳдәықәлеит. Сара усгьы уа аус зуан, аха ҳгәылацәагьы ахәшәтәырҭа ишаҵагылаз идыршеит. Ахәшәтәырҭаҿы есқьангьы еилауаҭырроуп. Адырҩаҽны аибашьра ишалагаз цәажәарақәак ҳаҳаит, аха хырҩаа аҳамҭеит, избанзар алеиҩласрақәа ҳрышьцылахьан. Нанҳәа 15 аҽны, Цандрыԥшь адесант анӡхыҵ ахәшәтәырҭахь иаарго иалагеит раԥхьатәи аԥсцәеи ахәцәеи, убасҟан ауп хаҭала иансылс аҭагылазаашьа шшәарҭахаз. Аха ус ишыҟазгьы аҳақьымцәа ҳабжьара џьара еилибамкаарак ҟамлеит, избанзар ҳақьым хадас иҳамаз, ауаҩ ду ҳәа ззысҳәо Валентина Николаи-иԥҳа Чачба амедицина аусзуҩцәа рыгәҭа амилаҭеилыхра аҭыԥ амамзароуп лҳәалон еснагь. Лара лажәақәа ԥҟарак аҳасаб ала милаҭла иақырҭцәаз ҳколлегацәа рыхшыҩ аҿы макьана инханы иҟан азы, рҟазшьа ҳганахь аҽамԥсахӡацызт", - лҳәоит атерапевт Лиана Багаҭелиаԥҳа.
Ира Мамедова - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2023
Аԥсны
"Аибашьра зыԥсҭазаара аԥсахыз": Ира Мамедова илызкны
Гагра ақырҭцәа аналала аамҭазы, Лианараа рҿы дыҟан Урыстәыла инхоз лаб иаҳәшьа лмаҭа хәыҷы длыманы. Убри аҟнытә иӡбан дара аҳәаа иахыганы рышьҭра, аха аԥҳәыс бырг аибашьра шалагаз гәнылган, адабла лысит. Ажәакала Мокваҟа ахәыҷы дрышьҭит, лара ахәшәырҭахь дааргеит. Лиана лакәхеит аԥҳәыс бырг лыхәшәтәреи лбареи знапы инхалаз.
"Ҳара ахәшәтәырҭа азааигәара ҳанхон азы, лассы-ласс саб иаҳәшьа лыԥсахга маҭәа аазгон шьапыла. Ҽнак ахалаҭ шкәакәа сшәҵаны амҩа саныланы сышнеиуаз, автоматқәа рыла еиқәных иҟаз аҷкәынцәа зҭатәаз машьынак нсывалеит. Сыԥшызар, руаӡәы ааигәа исхәшәтәыз ашәаныуак дрылан. Саниба дшаҟь-шаҟьо даанхеит, амала иҩызцәа сшаԥсыуаз раимҳәаӡеит, ус исывсны ҳгәылацәа рыҩны иҩналеит. Дара иахьнеиз иаԥсыуааз џьышьа идырҳәит, нас уи ақырҭуа аԥшәма ԥҳәыс дҵәыуо аԥсуаа сықәлеит ҳәа салҳәеит, аха сара агәра лсыргеит урҭ ашәаныуаа шракәыз", - ахҭыс лгәалашәоит аҳақьым.
Лиана Багаҭелиаԥҳа ахәшәтәырҭаҟны уахи-ҽни дыҟан. Арахь иааргон ахәрақәа змаз ақырҭцәагьы. Уахык, дааргеит зылахь рҟьаны иҟаз аӡәы. Лиана ихәра аус адуланы ианҿалҳәа ашьҭахь, иара иавтомат аашьҭхны аҩада ахысра далагеит. Анцәа иџьшьаны лара дшаԥсыуаз амедиеҳәшьцәа ирымҳәаӡеит, акәымзар ихы шымҩаԥигоз здыруада. Аҳақьым илҳәоит аиҳарак ақырҭцәа рҟнытә ахәшәтәырҭахь инаргоз анаркоманцәа шракәыз. Урҭ дара-дара анеиҿанагалоз иҟалон ианеиҿахысуаз мамзар аҳәызбақәа анырҟьоз.
 Сулико Шакая - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.09.2023
Аԥсны
Сулико Шьакаиа: Аиааира амш зегьы иреиҳау ныҳәоуп
"Нанҳәамза анҵәамҭазы, саныҷаԥшьоз иақәыршәаны, аҳақьым хада Валентина Чачԥҳаи, ахирургиа аҟәша аҳақьым хада Николаи Двалаӡеи саарыԥхьан ирҳәеит, ахәрақәа змоу фҩык аԥсуа еибашьцәа Шәачаҟа ацхыраара лас амашьынақәа ҩба рыла ишгатәу, насгьы сара срыццар шаку. Аҷкәынцәа ахирургцәа ианԥырҟа ашьҭахь, араҟа рааныжьра шәарҭан. Исгәалашәоит дшыҟаз Лиоха Инал-иԥа, убас Гәынаа аҷкәынцәа ҩыџьа, егьырҭ рыжәлақәа схаҿы инымхеит. Саргьы саахәыцын, аҳәара ҟасҵеит саб иаҳәшьагьы сахьцо дсырҭарц, нас устәи Москваҟа лышьҭра сзыманшәалахоит ҳәа. Азин сырҭеит. Ус, ҩ-машьынак рыла амҩа ҳақәлоны еиԥш, ахәшәтәырҭа аԥхьа ақырҭуа аруаа ааҳакәшан, Лиоха Инал-иԥа дааҭырган иԥҟара иалагеит. Иара усгьы имчқәа илышәшәа дыҟан, даргьы илгоит ҳәа иаҿын. Анцәа иџьшьаны хыхь, аполиклиникантәи аԥенџьыр икылԥшуаз аҳақьым Игор Дарсалиа дҩалбаан, драӷьит. Иара дақырҭуамзи, ажәак иамҳәакәа ицеит. Аха сара игәасҭеит дара амҩа хадахьы албаара ишалагаз, устәи ҳаниасуа ҳамҩа ркоит ҳәа. Сгәы самжьаӡеит, ҩаԥхьа иҳакәшеит. Игор Дарсалиа ауаҩра злаз аӡә иакәын, иаргьы ибазаап урҭ аруаа ҵаҟа илбаауа ишалагаз, имашьына аус ааируын дҳашьҭалеит. Уаҟагьы ҳарцәигеит. Еиҭах иҳашьҭамларц Ԥсоунӡа дҳаццеит", - ахҭыс дазааҭгылоит Лиана Багаҭелиаԥҳа.
Лиана Багаҭелиаԥҳа аԥсуа ҷкәынцәа лыманы Шәача дахьлеиз, ирыдыркылаз аӡә иоуп, дышьҭарҵеит лаб иаҳәшьагьы, егьырҭ Хәасҭаҟа ига ҳәа ларҳәан, уаагьы аҳақьым хадеи лареи шеиӷьылоз мчыла инлыжьит. Нас ацхыраара лас амашьына днақәтәан Гаграҟа рҿынархеит.
Арзаабеи Цкуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2023
Аԥсны
"Иаби иашьцәеи дрыцын": аибашьра аветеран Арзаабеи Цкәуа изкны
"Сан лгәы иаахәоит ҳәа амҩан карпыжәк аасхәан амашьына сынҭатәеит. Адлер ҳааиуаны еиԥш, амҩа хадаҿы Гагратәи аԥсуа ҷкәынцәа ҳааныркылеит. "Лиана, Гаграҟа цашьа бымам, уа бара ибзыԥшуп, бнеир ма быҭҟәаны быргоит, ма быршьоит, уажәы башьа дааины шәдырцәа рахь бигоит" рҳәан сырмышьҭӡеит. Ирызҭада уи аҩыза аинформациа… Ус схалаҭ шкәакәа шысшәыз, уа саанхеит", - лажәа иацылҵоит аҳақьым.
Гагра араион ахы ианақәиҭха ашьҭахь Лиана Багаҭелиаԥҳа аҩныҟа дхынҳәуеит. Уи аамҭазы лан лхала дыҟан. Ргәылара инхоз аԥсуа ҳәсацәа аӡәырҩы Гагра изалымҵзаап, аха аӡәгьы дрыламкьысӡеит.
Ԥхынҷкәынмза 1992 шықәса инаркны Лиана Багаҭелиаԥҳа ҩаԥхьа лмаҵурақәа рынагӡара далагеит. Гагратәи агоспиталь ҳәа ишьақәгылахьаз амедусбарҭа ашьаҭала Афон ҿыц иаартын арратә госпиталь. Уаҟа аибашьцәа ацхыраара рырҭон Гагратәи ахирургцәа. Лиана Багаҭелиаԥҳаи лҩыза Белла Смырԥҳаи арратә госпитальқәа рахь ицаны рыцхыраара рыдыргалахьан, аха уа ахирургцәа ракәын иаҭахыз азы, Гаграҟа иаарышьҭуан. Аԥсуа еибашьцәа агоспитальқәа рҟны ианԥырҟалак ашьҭахь, гәыԥҩык анаҩстәи рыхәшәтәра Гагра иахысуан. Лиана Багаҭелиаԥҳа илылымшозгьы лылыршаны аибашьцәа дырзааԥсон. Гагратәи аҳақьымцәа рџьабаа рацәоуп аибашьра аамҭазы. Аҳақьымцәа иарӷьажәҩаны ирывагылан амедиеҳәшьцәагьы. Амедицина аусзуҩцәа еизыразны азеиԥш ус иахьадгылаз зыбзоуроу, аҳақьым хада Валентина Чачԥҳа лоуп лҳәоит Лиана Григори-иԥҳа.
ИАЦУ
Хыхь зыӡбахә ҳәоу икаҳаз ахәыҷы (лыжәла ацәыргара мап ацәкын), иахьа анцәа ишиҳәара дыҟоуп. Ааигәа аҭаацәара далалеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0