Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Владимир Занҭариа: Таиф Аџьба иуаажәларратә кодекс ӷәӷәан

© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааТаиф Аджба
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2023
Анапаҵаҩра
Октиабр 9 1992 шықәса, ахәаша асааҭ 14:00, апоет Таиф Аџьба ари адунеи аҿы иҟазааразы иҵыхәтәантәихеит. Иахьа уажәраанӡа еилкаам апоет илахьынҵа, иҭахашьахаз, иԥсыбаҩ анышә иахьамадоу. Таиф Аџьба хабарда ибжьаӡыз ҳәа дыԥхьаӡоуп. Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны ари амш алкааны еиуеиԥшым анҵамҭақәа ҟанаҵоит есышықәса - апоет игәаларшәара иасимволны, агрессор ихаҿра аазырԥшуа хсаалаганы.
Ҳара иаҳуалӡами абри амш еснагь иалкааны ахцәажәара– аполитикатә, ауаҩытәҩысатә ганқәа рыла азҵаатәқәа ықәыргыланы ҳәа азҵаара исҭоит апоет иҩыза, ашәҟәыҩҩы, аҵарауаҩ Владимир Занҭариа.
- Ҳәарас иаҭахыузеи, ари адунеи зегьы иаҳахьеит, ирыцҳара дуны иҟалеит ҳмилаҭ рзын Таиф Аџьба иҭахара. Апоет илахьынҵа даара ауаҩы игәы архыцхыцыртә иҟоуп, убри аҟынтә иалкааны иазгәаҭалатәуп ари арыцхә аинформациатә хархәагақәа зегь рҿы, аҳәынҭқарратә усбарҭақәагьы аӡбахә рҳәалароуп. Таиф ихабар ыҟам, аха ҳара иҳацуп иҟыбаҩбзиатәу иажәеинраалақәа. Таиф ипоезиаҿы иҟоуп афилософиа, аԥсҭазаараҿы рацәак ҳала иҵамшәо аганқәа аазырԥшуа ахәыцрақәа, алирика уҳәа зегь рыхкы ыҟоуп. Инижьыз амшынҵа атәы ҳҳәозар – уи ҳаибашьраҿы ақырҭқәа имҩаԥыргоз агеноцид иазкны иҳамоу иреиӷьуп ҳәа сахәаԥшуеит сара. Акырынтә схы иасырхәахьеит ианҵамҭақәа астатиақәа анызыҩуа. Иара амшынҵаҿы иааирԥшуеит иибаз, иаҳаз, дзацәажәаз ирхәыцуаз. Иара ишиҭахыугьы аинформациа иоуамызт, Аҟәа иабаҟаз аиаша зҳәоз ателехәаԥшра ма агазеҭ. "Аинформациа иаша ҳазгәаҟуеит" ҳәа иҩуан сентиабр 3 рзы имшынҵаҿы. Психологиатә ганла уахәаԥшуазар, рыцҳара дууп апоет ижәлар ахақәиҭраз ақәԥара ианаҿыз – иара бџьарс имаз икалам-ԥынҵа заҵәык ахьакәыз. Аха, иара имшынҵа ианиҵаз ажәак узалмыршәо иҟоуп, ҳара ҳаибашьра аҭоурых иамшынҵоушәоуп ишыҟаҵоу.
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2022
Аԥсны
"Саџьал ааигәазаргьы - сгәыӷра хароуп": 30 шықәса Таиф Аџьба ихабар ыҟамкәа
-Таиф Аџьба ақырҭуа гвардиауаа даныргоз, иԥшәмаԥҳәыс Римма Коӷониаԥҳа лахь ихы нарханы зҳәара дахьӡаз – сымшынҵа ҵәахы ауп. Владимир Константин-иԥа, ус анакәха апоет идыруан ианиҵоз шдокументыз?
- Ҳәарада, иара дгәыӷуан Аԥсны зых иақәиҭу ҳәынҭқарраны иҟалоит, уи иаргьы дахаанхап ҳәа. "Бымшәан, ҳрыԥсахуазар акәхап" ҳәа леиҳәеит аҵыхәтәаны Римма, избанзар иман агәыӷра. Аха, илахьынҵа даҽакала иҟалеит. Уажәы аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, ақыртқәа рхы дырқьиарц азы, иара изкны афильм ҭырхырц рҭахушәа адыррақәа ҟарҵо иалагеит, аха апоет иԥшәмаԥҳәыс уи дақәшаҳаҭымхеит. Рхы ҿырхырц рҭахызар аинтеллигенциа рымоуп, аиҳабыра рымоуп џьаракыр ирҳәама уи ахҭыс атәы? Владислав Арӡынба "Сара сыԥсҭазаара" захьӡу ишәҟәаҿы иҳәоит "џьара агха ҳахьит ҳәа шырымҳәо". Уимоу дырҩегьых иҳабашьыргьы цәгьа ирбом, ацкыҟаҵара иашьҭоуп. Ҳамариа рбар иҳақәлоит. Ҳрызҭархарым дара, аха акы иабжьо, агха ҳахьит зҳәо ракәӡам.
- Владимир Константин-иԥа, Таиф Аџьба иҭархара мацара иҳанамҳәаӡо ақырҭуа агрессорцәа аихамҩа ҳахьчарц Аԥсны ҳааит ҳәа ирҳәоз. Таиф имацара ида аӡәгьы дҭадмырхаргьы, уи амц ҿаԥызҽуа фактӡами апоет иҩны ддәылганы дахьдырӡыз?
- Аихамҩа рыхьчоушәа, р-Конституциа шьақәдыргылоушәа егьиуашәа Шеварднаӡе иҟаиҵоз афарисеитә ҳәамҭақәа зегь шԥаршеиз мааԥши нас. Иарбан еихамҩоу иухьчо Аԥсны ушалалаз еиԥш, арҳәреи аӷьычреи, хмузеиқәа реимҵәареи уалагазар? Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рбаҟақәа аҟәҟәаҳәа иреихсуан. Дырмит Гәлиа, Иуа Коӷониа, Ефрем Ешба, Самсон Ҷанба рбаҟақәа ахҭыԥ иарганы иҟарҵеит. Уи азымхакәа, апоет Таиф Аџьба дҭадырхеит. Ари Аконституциатә пориадок ҳәа изышьҭоу аҟаҵара аума иаанагоз? Таиф дшыргаз анҳаҳа ҳаиланшьааит усҟан, ҳгәы канажьит, аха зегь акоуп ҳгәыӷуан дхынҳәып ҳәа. Аибашьра аамҭазы сара Тҟәарчал ацара сықәшәеит зны. Убра ҳахьнеизгьы рылахь "ада ԥнаҵәаны" иаман апоет иҭахара. Амла иакуа, ахьҭа иакуа ишыҟазгьы, ҳаннеи Таиф илахьынҵа иазҵаауан.
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.03.2022
Аԥсны
Зажәа ахҭа иҭазыршәуаз апоет: Таиф Аџьба игәалашәара иазкны
- Таиф данҭахоз 53 шықәса дырҭагылан. Угәы ишԥанаго, арҿиараҿы дзыхьӡаз рацәоума? Иара иҩымҭақәа рҿы иуԥылоит изыԥҵәаз аԥсҭазаара шкьаҿхоз иныруашәа узырбоз ацәаҳәақәа, иаҳҳәап: "Сыԥсадгьыл, Сыԥсадгьыл, Иухьзеи уара? Уараҵәҟьагьы, нас, Агәра угома сыԥсра?!". Апоет ицәа иалаз арҿиаратә цәалашәара ззырҳәо иарцыхцыхуазма иуаажәларратә, илирикатә поезиа арҿаиаразы?
- Хымԥада, иара 70-тәи, 80-тәи ашықәсқәа рзы иҩу иажәеинраалақәа иааџьоушьаратәы аибашьра аамҭазы иҟалаз атрагедиа иақәҿырҭуа акалашәа иҟаҵоуп. Уа иҟоуп ацәалашәара, ак шаҳԥеиԥшыз идыруан. Уи иара исахьаркны, иҵауланы иҩуан. Сара апоет иажәеинраалақәа санрыԥхьо иџьасшьоит абри шԥеиныри ҳәа. Иаҳҳәап 1983 шықәсазы иҩыз ажәеинраала "Асыԥса" аҿы, нахьхьы џьара аҽеизгара иаҿуп, аха ианытҟәац уаӷеимшхароуп ҳәа аанарго ихәыцрақәа аметафоратә сахьаркыратә ҟазшьа рыҭаны ицәыригоит:
Еилаԥыххаа имцакәа аргама,
Уаҳа изҭынчхом зынӡагьы.
Шьҭа иаанызкылогьы дамам,
Иазынкылаӡом ахгьы…
Иара убас иалыскаауеит "Ихнымҳәыз аибашьҩы ибжьы" ҳәа 1980-тәи ашықәсқәа рзы иҩыз. Ари ажәеинраала аибашьра анцоз инапы иҵихызшәа ауп ишыҟоу. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иазку арҿиамҭақәа рҿы иара иацназго даара имаҷуп ҳҳәар ауеит. Ари анҩыз ахронологиа ахәаԥшра аҭахӡам, ҳара ҳаибашьратә драма далагылоушәа иҩуан. Ҳазлаԥшраны ҳаҟоу арыцҳара, асахьаркыратә жәала аибашьҩы иҿахәы иҳәоит зааӡа:
…Исылшеит иҳажәлаз
Аӷа цәгьа инкылара,
Саҵамхт исуалыз –
Ахаҵа иуахҭа.
Дыԥхасҵеит уи
Уаҳа игәахымлартә ақәылара,
Аҵыхәтәан
Сызгашазгьы сықәшәеит схаҭа…
- Таиф Аџьба ақырҭқәа даныргоз илшарызу ихы аҿыхра, деиқәзырхашаз ажәақәа рыԥшаара? Адәахьала дуаҩы ҟәымшәышәын, аха иҩнуҵҟатәи игәаӷь зеиԥшраз уара угәанала?
- Таиф Аџьба ипринцип иԥсахӡомызт сара дахьынӡаздыруаз. Игәы разын адунеи азна, аха Аԥсадгьыл азҵараҿы иуаажәларратә кодекс ӷәӷәан. Иара иаԥҵамҭақәеи иԥсҭазаареи еишьашәалан, еиқәҿырҭуан. Таиф ахеиқәырхаразы иԥсадгьыл азы икьынаау ажәакгьы ихы изаҭәашьомызт. Иара имшынҵагьы ианыԥшуеит хьаҵра згәы иҭамыз иакәны дшыҟаз. Сентибр 3 рзы имшынҵа ианиҵеит "Дыдрыԥшь аныха суҳәоит, аԥсуааи Аԥсни зҭахым умчра дырба!" ҳәа. Иара дрықәӡбон иалкааны згәы каҳаны, аума ҳзиуит Арӡынба ҳәа зҳәоз ауаа. Сентиабр 4 рзы иҩуан - "Зегь ргәы каҳаны иҟоуп – ҳалгеит, ҳа ҳтәы ҳәа егьыҟам рҳәеит. Шәаангыл, ус акәым, ҳазҵаара етапк ала ишырзымыӡбуа еилкаатәуп….". Иара Аҟәа далаханы дыҟан, уажәы-уажә ақырҭуа гвардиауаа амаҵуарқәа реиԥш игәаран, иааины деимлаҳәа дыргар шрылшозгьы изымдыруа дыҟазма. "Уажәы-уашьҭан ҳподиезд ианбахало ҳәа ҳаԥшуп. Иахьа зынӡа иаапкӡаны ақалақь иалагьежьуеит алаапкқәа реиԥш" - ҳәа ануп сентиабр 21 рзы иҟаиҵаз аҩыраҿы. Дыхьчаӡамызт зынӡагьы. Убас ишыҟазгьы, иааир сымшынҵа сыдырбалап ҳәа дазымхәыцит. Иара ииашара, ипринцип, иԥҟара дацәхьаҵӡомызт. Ари фырхаҵароуп аиаша уҭахызар. Таиф имшынҵақәа ҷыдала иҭызҵааша ауаа ҟалароуп. Аибашьра аамҭазы амшынҵақәа зыҩуаз ыҟақәан, аха Таиф итәы зегьы иреиҳауп, избанзар иара ихаҭара амасштаб ӷәӷәан азы, аибашьра аамҭа ахаҿсахьа ҟаиҵеит. Даҽакала иаҳҳәозар - агрессиеи аоккупациеи рхаҿра ҭихит. Иара поетк иаҳасабла иуалԥшьа наигӡеит аибашьра аамҭазы имшынҵақәа рыла. Ԥсра зқәым адокумент ҳзынижьит. Ус ҟарҵон адунеиаҿ апоетцәа дуқәа зегьы.
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2021
"Сылахь иануҵаз сара сахьзавымсыз...": Таиф Аџьба игәаларшәаразы
- Владимир Константин-иԥа, Таиф Аџьба изкны аҟазшьарбагақәа цәыругозар иарбан иалукаауа?
- Ҳара апоетцәа дуқәа ҳамоуп, аха зегь рылымкаа иара ихатә дунеи ҷыда аԥиҵеит. Ирҿиамҭа стильк мацарала иҟоу акәӡам - иаҳҳәап, абзиабаратә жәеинраалақәа ртәы ҳҳәозар, агәаӷьра рацәаны изцу жәеинраалақәоуп. Аԥсуаа рҿы хәыҷык рҽынкылашәоуп апоетцәа абзиабара ишалацәажәо, ус иҟоу атрадициа убоит Дырмит Гәлиа ихаан аахыижьҭеи. Таиф ицәыригеит, аха ишԥацәыригеи? Абаҩхатәратә цәқәырԥеи абзиабареи еилаӡҩаны. Алитературатә штапм иҿаҳәаны иамаз поетӡамызт Таиф Аџьба. Ҩнуҵҟала ииз ацәаҳәақәа рыгәра игозар, ақьаад ианиҵон. Иара истиль ала шамахамзар изыҩуаз сгәалашәом.
Иаҳҳәап:
"…Бара са саныбҭахха,
Са иансабҳәа жәа заҵәык,
Ирҳәалааит ирҭахыу,
Са быстәуп – сара заҵәк"…..
"Быгәчамақәа хыгьежьаа,
Бӡара паны.
Бшьапы ԥшӡақәа ибыҵоу
Уасҭа напыла "ицәны" …
- "Сыхьӡ" захьӡу Таиф Аџьба аибашьра аԥхьаҵәҟьа иаԥиҵаз иажәеинраалаҿы иҳәоит "Абраҟа қыҭагь, ҳаблагьы, мҩагьы – Саныҟам сыхьӡ анымлароуп акгьы" ҳәа. Ус акәзаргьы, аибашьра ашьҭахь апоет дахьиз иқыҭаҿы иҟоу ашкол ихьӡ ахырҵеит, иара убас, Аҟәа иара дахьынхоз икыдуп исахьа зну абаралиеф. Апоет ифилософиа уи иаҿагылозаргьы ихьӡ анаунагӡара аҭахума иҵегь даҽа ҟазшьақәак рыла?
- Аҵыхәтәантәи иажәеинраалақәа цқьа иҭҵааӡам. "Абра саныҟам, сыхьӡ анымлароуп акгьы" аҳәашьа оригиналтәуп цәгьала. Ихьӡ анҵара акәым, сара усазҵаауазар Аҟәа ишашаӡа игылазароуп ибаҟа. Таиф аҿар бзиа дырбоит, иԥхьоит. Иара иаҟара аҿар игәхьаарго, лассы-ласс иззыхынҳәуа, изыԥхьо апоетцәа даара имаҷуп. Избанзар, еилацәқәырԥоит, еихсыӷьра ақәым ԥсра зқәым ипоезиа. Иахьа алагаҩага аусқәа ҳарҿуп аха, адоуҳатә хәарҭарақәа ҳәа изышьҭоу еилызкаауа џьоук цәырҵыр ибаҟагьы ҟалап мышкы зны. Адоуҳатә идеологиа анышьақәгылалакгьы Таиф иеиԥш иҟоу ибаҟа ҭыԥк аиуроуп. Пушкин ибаҟаҿы ауаа еизаны апоезиа амшқәа шымҩаԥырго еиԥш, Таиф ибаҟаҿгьы еизаны апоезиа цәырырго иҟалароуп…
Римма Когония - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2023
Аԥсны
"Аԥсуаа Арӡынба изыҳәан аԥсра иаԥылон": Римма Коӷониаԥҳа лгәалашәарақәа
Ажәабжьқәа зегьы
0