Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Бжьаниа Башкорҭосҭан иҟазаара, афестиваль "Аԥсны агьама", ашьапылампыл

© Sputnik / Томас ТхайцукФутбольный шоу-матч между ФК "10" и "Апсны"
Футбольный шоу-матч между ФК 10 и Апсны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.10.2023
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik иазнархиеит жьҭаара 9 - 15 рзы ареспубликаҿы иҟалаз ахҭысқәа рыхҳәаа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа далахәын Ареспублика Башкорҭосҭан Амш азгәаҭара, Гал ақалақь Амш шазгәарҭаз, ауаҩшьразы, аӷьычразы аанкыларақәа, Урыстәылатәи ашьапылампылтә медиалига АК "10" АК "Аԥсны" реицыхәмарра шымҩыԥысыз Sputnik аматериал аҿы.

Аԥсни Башкорҭосҭани

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ииасыз амчыбжь азы далахәын Ареспублика Башкорҭосҭан Амшныҳәа амҩаԥгара.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Башкорҭосҭан ахада Ради Хабирови ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит башкириатәи апоет, ауаажәларратә усзуҩ Шаихзаде Бабичи амилаҭтә фырхаҵа Салават Иулаеви рбаҟақәа рҿаԥхьа.
Бжьаниа иара убас ихы алаирхәит Аҟәа, Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҟны иҟоу агәашьаркыра еиԥшны Уфа идыргылараны иҟоу агәашьаркыра аҭыԥ аҿы ахаҳә ашьҭаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә.
"Акраҵанакуеит еиҩызарала анхара, аицхыраара, ақәҿиарақәа реигәырӷьара. Абас ауп ҳашьцәа аԥсуааи ҳареи аицынхара шаҳҭаху. Аколоннада аҭоурых ду змоу ҳаиҩызара иадыргоуп", - иҳәеит Башкорҭосҭан ахада Ради Хабиров.
Бжьаниа иазгәеиҭеит аҩреспубликак аизааигәахарахь даҽа шьаҿақәак шыҟарҵаз.
"Ҭабуп ҳәа шәасҳәоит Башкорҭосҭан Аԥсны ианаҭоз ацхырааразы. Ҳара еснагь уи аҭак иалшо ала иҟаҳҵалоит. Анасыԥ шәыгмыз, иҭынчзааит шәыжәҩан", - иҳәеит Аԥсны ахада.
Аслан Бжания в Башкартастне  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2023
Аԥсны
Бжьаниа Ареспублика Башкорҭосҭан Амш ныҳәа азгәаҭара ихы алаирхәит
Аобиект аадыртраны иҟоуп 2024 шықәсазы ареспубликақәа русеицура 30 шықәса ахыҵраан. Агәашьаркыра Аԥсни Башкириеи рыжәларқәа реиҩызара иадырганы иҟазаауеит.
Аԥсны аҳаирбаӷәаза аартра ашьҭахь иазгәаҭаны иҳамоуп Аҟәеи Уфеи рыбжьара аимадара аиҿкаара ҳәа амаҵзура "Башкинформ" аинтервиу аҭо иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
"Агәра згоит хара имгакәа аҳаирбаӷәаза шаарҭхо азы. Сақәгәыӷуеит уи ашьҭахь Аҟәеи Уфеи еимаздаша авиареис шцәырҵуа", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Башкорҭосҭанынтәи раԥхьатәи асасцәа Аԥсныҟа иааит ҳәа аанацҳауеит Атуризм аминистрра апресс-маҵзура.
Атур еиҿкаан ареспублика ауааԥсыра рзы, агеографиатә проект "Башкирское долголетие. Туризм" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Зынӡа 46-ҩык асасцәа ааит. Дара Аԥсны иҟазаауеит хәымш. Ари аамҭа иалагӡаны дара иаҭааны ирбоит аӡиа Риҵа, Сталин идача, Афон ҿыц.
Сухумский аэропорт - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2023
Аԥсны
Бжьаниа: Аԥсны аҳаирбаӷәаза аартра ашьҭахь Аҟәеи Уфеи рыбжьара аимадара ҟалоит

Бжьаниа Асад дидышшылеит

Хомс ақалақь аҿы иҟоу арратә ҵараиурҭа иажәлеит аԥшьаша жьҭаара 5 рзы, акурсантцәа роушьҭра иазкыз аусмҩаԥгатә аан. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, иҭахеит 89-ҩык иреиҵамкәа ауаа, 277 ахәрақәа роуит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Хомс ақалақь аҿы иҟалаз аԥжәара инамаданы Шьамтәыла ахада Башар Асад дидышшылеит.
"Аԥсны гәалсра дула ирыдыркылеит иҟалаз атеракт. Ҳақәыӡбоит аҿари, аҳәсеи, ахәыҷқәеи рышьра", - аҳәоит адшшылараҟны.
Аслан Бжьаниа иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи дрыдышшылеит, ахәрақәа заур иаарласны ргәабзиара шьақәгыларц рзеиӷьеишьеит.
МИД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2023
Аԥсны
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра шьамтәылаа ирыдышшылеит Хомс атеракт ахьыҟалаз азы

Гал ақалақь Амш

Жьҭаара 13 азы Гал иаланхо ауааԥсыра иазгәарҭеит Ақалақь амш, абри атәы аанацҳауеит "ГалМедиа".
Аныҳәа иалагеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааиреи Ахьыԥшымреи аагара зхы ақәызҵаз рбаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵарала. Уи рхы аладырхәит аҭыԥантәи аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа, ауаажәларра, ашколхәыҷқәа.
Анаҩс, ақалақь ашҭаҟны жәлар рнапҟазара аџьармыкьатә фестиваль аартын. Афестиваль иалахәын араион анаплакҩцәа, ицәырган анапҟазара анаҩсгьы аԥсуа ичеџьика, сынтәатәи аҿа-маҿа. Ахәыҷы иниаркны аду иҟынӡа, изҭахыз зегь алшара рыман ргәы иақәшәоз анаплых аус адулара, ашәыри ашәырлыхи ргьама абара.
Ахәылбаҽха асааҭ 17:00 рзы иалагеит аныҳәатә концерт. Ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылеит аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩцәа. Ауснагӡатә хыркәшан аныҳәатә салиут ала.
Гал Аԥсны мрагылара ахәҭаҿы иҟоуп. Иара қалақьны ишьақәгылеит 91 шықәса раԥхьа, 1932 шықәсазы.

Акриптоԥара

Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа ииасыз амчыбжь азы ҩ-маининг фермак аадырԥшит. Руак Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭан иахьыҟаз рыԥшааит ҳәа аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура. Акриптоԥара арҳаразы 11 аппарат ылганы аамҭалатәи аҵәахырҭахь инагоуп.
Ахархәагақәа рыԥшәма Давид Квачантираӡе иганахь ала административтә ԥкаанҵа еиқәыршәоуп.
Иара убасгьы Гагра араион Алаҳаӡы ақыҭан аоперативтә уснагӡатәқәа раан иаадырԥшит амаининг-ферма.
Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.10.2023
Аԥсны
Гәымсҭа ақыҭан амаининг-ферма ԥшаауп
Агәаҭараан аус руан акриптоԥара арҳара иазку 113 аппарат, ззеиԥш лшара 160 кВт⋅с. иҟаз.
Ахархәагақәа рыԥшәма, Аҟәа инхо Аинар Амгуас иганахь ала административтә зинеилагараз аԥкаанҵа шьақәыргылоуп. Илгоу аппаратқәа аамҭалатәи аҵәахырҭахь инагоуп.

Азинмч ахархәареи амазара аимҵәареи

Апрокуратура хада ашьаус хацнаркит аҵиаақәа ркарантин азы Аҳәынҭинспекциа ахада Аркади Џьынџьиеи аҳасабеилыргаҩ хада Кан Кәарҷиеи рганахьала.
Дара рганахьала агәызҩара ыҟоуп х-епизодк рганахьала: амаҵзуратә лшарақәа рхархәара, Аҳәынҭинспекциа амазара аимҵәара, амаҵзуратә ҭагылазаашьа ахархәарала анаплакҩы Гьаргь Аԥҳазаа далархәны хыԥхьаӡара рацәала аӷьычра.
Аусҭҵаара адыррала Кәарҷиеи, Џьынџьиеи, Аԥҳазааи аилаӡара рыбжьарҵеит 6,5 миллион мааҭ иаԥсоу ахархәагақәа раахәаразы. Убри аан дара ирдыруан ахархәагақәа раахәара шхымԥадатәимыз, иаархәоз аџьармыкьатә хәыԥсагьы ҩынтә еиҳаны ишарбаз.
Аԥарақәа Аԥҳазаа иԥхьаӡамҭахь иҭалеит, анаҩс иара иҭыганы 5,9 миллион мааҭ Кәарҷиеи Џьынџьиеи ириҭеит.
Иара убасгьы Аркади Џьынџьиеи Кан Кәарҷиеи абиуџьеттәии абиуџьетнҭыҵтәии ԥарақәа рӷьычра хықәкыс иҟаҵаны 2019 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны 2022 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа еиуеиԥшымыз аамҭақәа рзы Аҳәынҭинспекциа абаланс аҿы иҟамыз амашьынақәа рремонти ахархәагақәа раахәареи рзы илырҩааит 575 000 мааҭ.
Уи адагьы, Аркади Џьынџьиа имаҵзуратә зинмчра ихы иархәаны аусбарҭа аусзуҩцәа равтомашьынақәа арендала игазшәа аилаӡара ҟаиҵеит, урҭ аусзуҩцәа аусутә напынҵақәа рзы акы алагаҩагара шыруалмызгьы. Арҭ амашьынақәа рремонти рхархәагақәеи рзы илиҩааит 512 000 мааҭ.
Взятка. - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2023
Аԥсны
Аҵиаақәа ркарантин азы Аҳәынҭинспекциа ахада иганахьала аимҵәараз аусҭҵаара хыркәшоуп

Ацәгьоурақәеи урҭ рзы аӡбамҭақәеи

Даанкылоуп Роман Џьуӷьелиа дишьит ҳәа агәҩара ззыҟоу ауаҩы, абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Е. Ашәба иԥшаара рылаҳәан ҳаӡҭоу ашықәса нанҳәамзазы, жьҭаара 11 рзы иара дааныркылеит Аҟәа апрокуратура аусзуҩцәа.
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭахь инарышьҭуеит Ашәба ирбаандаҩразы азыҳәа.
Шьамтәыла атәылауаҩ Амер Халил гыгшәыгрыла ауаҩшьра ҟаиҵеит ҳәа ахара идызҵо ашьаус Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь инашьҭуп.
Аӡбарҭа иара мчыла аҽыхәышәтәра дышьҭтәуп ҳәа азҵаара иахәаԥшраны иҟоуп.
Аӡбарҭатә психологиа-психиатриатә експертиза азгәаҭала, Халил ипсихика шьақәҟьоуп ихшыбаҩ аорганикатә чмазара ахьамоу азы. Уи иҟаиҵо изеилкааӡомызт. Ихазгьы иааигәа иҟоу рызгьы оумакала дшәарҭоуп.
Руки в наручниках - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2023
Аԥсны
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Шьақро Гьергьедаа мчыла дхәышәтәтәуп ҳәа ақәҵара иахәаԥшраны иҟоуп
2022 шықәса ԥхынҷкәын 19 рзы Амер Халил ижәны игәылаԥҳәыс, Урыстәыла атәылауаҩ Лиутова длеисит, хыԥхьаӡара рацәала, 87 рҟынӡа ахәрақәа лиҭеит.
Ацәгьоура ҟалеит Аҟәа Атоннельтә мҩаҿы. Аԥҳәыс илоуз ахәрақәа ирхырҟьаны лыԥсҭазаара далҵит.
Аҟәа араион Баслаҭа ақыҭан инхо Руслан Џьаноиан даанкылоуп анаркотикқәа раахәара, рымазаара, рымҩангара рзы.
"Газель" аԥсҟы зкыз 40-шықәса зхыҵуаз Џьаноиан даанкылан аҳәааҿы, аушьҭырҭа-гәаҭаратә ҭыԥ "Ԥсоу" данахысуаз.
Азинхьчаҩцәа имашьынаҟны ирбеит аметадон ала иҭәыз амедицинатә гәырқәа ҩба, иара убас 10 мааҭк ақьаад ԥара илаҳәаз агашиш.
Руки в наручниках. - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.10.2023
Аԥсны
Баслаҭа ақыҭан инхо Аԥсныҟа анаркотикқәа алеигалон ҳәа даанкылоуп

Афестиваль "Аԥсны агьама"

IV Жәларбжьаратәи атуристтә форум "VISIT АPSNY" аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәа иаатит афестиваль "Аԥсны агьама".
Афестиваль "Аԥсны агьама" мҩаԥысуеит акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" аҟны.
Афестиваль "Аԥсны агьама" аҟны еиҿкаауп аҭыԥантәи анаплакҩцәа раалыҵқәа риармарка, аинтерактив-дырратә хәмарра "Амилаҭтә чыс хкқәа рҷыдарақәа", аџьынџьыхәеи, ахәырмарҩеи, ачаи рыҟаҵашьазы амастер-класс, аҩыҟаҵаҩцәа рыҿцәажәара. Асааҭ 19:30 рзы афильм "Аԥсҭазаара агьама" дырбан.
IV Жәларбжьаратәи атуристтә форум "VISIT АPSNY" мҩаԥысуеит жьҭаара 15-18 рзы. Арҭ амшқәа рзы еиуеиԥшым азҵаарақәа рыла аиҿцәажәарақәеи астол гьежьқәеи мҩаԥгахоит.

Ашьапылампыл

Урыстәылатәи Амедиалига ФК "10" акоманда "Аԥсни" рыбжьара ашьапылампылтә еицлабра мҩаԥысит Аҟәа астадион "Динамо" аҟны.
Ахәмарра аԥснытәи ахәаԥшцәа реиԥш аинтерес кны арахь иааиит урыстәылатәи ашоу-менцәа амедиалига уи ахада, еицырдыруа ақьачақь Азамат Мусагалиеви ахәмарыҩ Сергеи Кутузови рыцны.
Ахәмарра аамҭа хада хыркәшахеит еиҭахарыла 1:1 ҳәа, ахәмарра алҵшәа зӡбоз акәны иҟан пенальти. Жәеизаметратәи ампыл амба аҭаршәраз ФК "10" аҟынтәи Азамат Мусагалиев ԥшь-ҽазышәарак рҟынтәи илшеит знак ампыл амба аҭаршәра. Аԥсуа шьапылампыласыҩцәа иаҳа ирықәҿиеит, пенальти асериа хыркәшахеит 3:1 ҳәа дара риааирала.
ФК "10" азыҟаҵаҩ Александр Нагорныйи иазгәеиҭеит ахәмарра азыҟаҵара бзиа шамаз, аҭагылазаашьа шгәахәараз.
"Ирацәаҩны ахәаԥшыҩцәа еизеит. Ари агәахәара унаҭоит. Шәкоманда шқәыԥшугьы аинтерес аҵан ихәмаруеит", - иҳәеит иара.
Аԥсны аспорт азы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Тарашь Ҳагба иҳәеит ашьапылампыл аныҳәа шеиҿкаахаз қәҿиарала, ҭабуп ҳәа реиҳәеит ашьапылампылтә Федерациа аиҳабы Шабаҭ Логәуеи уи икомандеи.
Футбольный шоу-матч между ФК 10 и Апсны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.10.2023
Аԥсны
Аԥсны раԥхьаӡа акәны: "Аԥсни" ФК "10" реицхәмарра

"Аԥсны ҽнак зны"

Акомедиатә сериал "Аԥсны ҽнак зны" ҭыҵит аплатформа "Start" аҿы.
"Аԥсны ҽнак зны" – ареспубликаҿ инхо иаабац ауаҩы, АҶА аусзуҩ, амчрақәа имҩаԥырго аиашамзаара ианиаз иҭоурых ауп. Ҭаниа иажәақәа рыла, ари аҩыза аҭоурых ахьыҟалалакгьы ауеит.
Асериал раԥхьа "Ихьыԥшым" ҳәа ахьӡын. Иара 51 мшы Аԥсны иҭырхуан. Ҭаниа ишиҳәо ала аҽазыҟаҵарақәа акыр мзы ирҿын. Ус шакәызгьы аҭыхрақәа анымҩаԥыргоз ауадаҩрақәа ирынион. Убри аан Аԥсны ауааԥсыра, анапхгара, аусбарҭақәеи аминистррақәеи русзуҩцәа урҭ ауадаҩрақәа рыӡбразы ацхыраара ҟарҵон.
Асериал зынӡа аа-сериак рыла ишьақәгылоуп. Ахԥатәи инаркны есымчыбжьа знык аекран ахь ицәырыргалоит. Аҵыхәтәантәи ахазхҭыс ҭыххоит абҵара 24 рзы.
"Аԥсны ҽнак зны" - акомедиатә сериалуп, иҭырхит КВН Иреиҳаӡоу алига ачемпионцәа, акоманда "Нарҭаа Аԥснынтәи" алахәылацәа. Аҭыхратә гәыԥ аиҳарак аҭыԥантәи ауааԥсыра рыла ишьақәгылоуп.
Асериал аҭыхра иалахәын Sputnik Аԥсны аредактор-хада Дмитри Нездоровин Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ ироль наигӡоит, арадио Sputnik уаанӡатәи амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа ахазхҭыстә роль наигӡоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0