Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Кәыҵниа: Аԥсны атәылауаҩык Украина дыҭҟәаны дрымоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЛев Квициния
Лев Квициния  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.10.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра адыррақәа рыла, арратә операциа ҷыда иалагеижьҭеи Аԥсныҟа иааргахьеит аибашьраан иҭахаз жәаҩык ҳтәылауаа рыԥсыбаҩқәа.
АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны атәылауаҩык Украина Арбџьармчқәа дыҭҟәаны дрымоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла арегион ҿыцқәа рҟны Аԥсны ахада ихаҭарнак ҷыда Лев Кәыҵниа.
Иара иазгәеиҭеит аиҭныԥсахларазы аиҿцәажәарақәа шымҩаԥысуа, аха уи ус ирласны ишалымҵуа.
"Сгәы иаанагоит, ари ахырхарҭаҟны, хымԥада, аус ҳаулоит. Иҳалшо зегь ҟаҳҵалоит, аха аруаагьы акыр рнапы иакуп ари аус аҟны", - иҳәеит Кәыҵниа.
Лев Кәыҵниа иажәа иацҵо иҳәеит зны-зынла убас аҭагылазаашьақәа ҟалалоит иҭахаз Аԥсны атәылауаа рыԥсыбаҩқәа раагара аналымшо, аха еиуеиԥшым аимадарақәа, аиалацәажәарақәа ирыбзоураны уи анҳалшозгьы ыҟан ҳәа.
Лев Квициния  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.10.2023
Аԥсны
Лев Кәыҵниа еиҭеиҳәеит Аԥсны Донбасс цхыраарас ианаҭахьоу
Ажәабжьқәа зегьы
0