Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Чкотуа Иури Аргәын изы: инапаҿы ҳҟамлазҭгьы, иахьа Аԥсны ҳнымхаргьы ҟаларын

Аԥсны еицырдыруа ахьӡқәа: Ҷкотуа Иури Аргәын изкны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҵарауаҩ Иура Аргәын диижьҭеи иҵит 85 шықәса. Ҳџьынџьуаа цҳаны ирыбжьаз Иура Аргәын изку игәалашәарақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ауаажәларратә усзуҩы Октаи Чкотуа.
Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, аетнограф, апрофессор, ауаажәларратә усзуҩы Иура Гәдиса-иԥа Аргәын диит жьҭаара 30, 1938 шықәсазы Гәдоуҭа ақалақь аҟны.
Иура Аргәын - даԥсыуа дуӡӡан, дпатриот дуӡӡан, дҵарауаҩ дуӡӡан ҳәа дихцәажәоит Октаи Чкотуа.
"Ҳара ҳганахьала Анцәа иҳаҭәеишьеит ҳәа сыԥхьаӡоит убри ауаҩ дахьҳақәшәаз. Иара иеиԥш иҟамыз уаҩԥсык инапаҿы ҳаҟамызҭгьы иахьа Аԥсны ҳнымхозҭгьы ҟаларын. Абызшәа, акультура, адемографиа, адаптациа, аҭоурых - иара дызхәыцуаз аусқәа уанрызхәыцлак, усҟан еилукаауеит дзакәытә уаҩыз. Амилаҭ азҵаарақәа иара ихы-иԥсы ақәҵаны дашьҭан", - ҳәа иҳәеит Ҷкотуа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0