Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гал араион аҿы еиҭашьақәдыргылоит арезервтә ӡеизакырҭақәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Отключения воды
Отключения воды  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.11.2023
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи мызкы-ҩымз Гал араион ауааԥсыра ӡыла лассы-лассы еиԥҟьалоит.
АҞӘА, абҵара 3 - Sputnik. Гал араион ГЕС аҩбатәи аӡхыҽҽараҟны арезервтә ӡеизакырҭақәа аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа ирылагоит 2024 шықәсазы, абри атәы "ГалМедиа" иазеиҭеиҳәеит араион ахада Константин Ԥлиа.
"Речхтәи аӡеизакырҭа узақәгәыӷуам, уа аӡы ахала ицоит, аԥсабаратә ҭагылазаашьа иадҳәалоуп. Иҭәыр – аӡы ҟалоит, ибжатахар – аӡы маҷхоит. Еснагь аӡы ыҟазаарц аӡкылҵәарақәа реиҭашьақәыргылара аҭахәуп. Иҟалап ҽааны инаркны аԥаразоужьра мҩаԥгахар, уи азы аицәажәарақәа ыҟан", - иҳәеит иара.
Иажәхьоу аӡымҩангагатә цәаҳәақәа дрылацәажәо Ԥлиа иҳәеит, аусутә рацәа шыҟоу. Ҩ-трубак роура 12 километра инаӡоит, заанаҵтәи аԥхьаӡарақәа рыла 200 миллион мааҭ рҭахуп. Акоммуналтә маҵзурақәа 2025 шықәсанӡа урҭ аус руртә иалшо ҟарҵалоит, усҟан азы аԥаразоужьра ҳазыԥшуп.
Уаанӡа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Дмитри Адлеиба иҳәахьан аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ӡыла аиқәыршәара шыуадаҩхаз, аӡымҩангагатә системақәа рҿы ақәыӷәӷәара ахьмаҷу азы. Уи мзызны иамоу ацәаҳәақәа ахьажәхьоу, аамҭа-аамҭала аӡы ахьрыцәцо, иара убасгьы аӡеизакырҭацҵақәа ахьыҟам ауп.
Ажәабжьқәа зегьы
0