Урыстәыла

Урыстәылатәи арегион ҿыцқәа рахь амаршрут азыԥхьагәаҭаразы ацҵа ҿыц аус адулоуп

© Sputnik / Леон Адлейба Приложение "Время в пути"
Приложение Время в пути - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.11.2023
Анапаҵаҩра
Ацҵа иалнаршоит арныҟәаҩцәа аушьҭырҭатә ҭыԥ аҟынӡаа мҩа иахьынӡақәхои аҳәаа ахысра заҟа аамҭа иадхалоуи рзы аоперативтә информациа аиура.
АҞӘА, абҵара 3 – Sputnik. Урыстәыла атранспорт аминистрреи "Росгранстрои" аус адыруылеит урыстәылатәи арегион ҿыцқәа рахь ацаразы иреиӷьу амаршрут алԥшаараз ирыцхраауа амобилтә цҵа. Абри атәы аанацҳауеит "Росгранстрои" асаит.
"Амҩаамҭа" аус ауеит ателефонқәа рҿы аоперациатә система Android ашьаҭала. Ацҵа иалнаршоит арныҟәаҩцәа аушьҭырҭатә ҭыԥ аҟынӡа амҩа иахьынӡақәхои, Ростовтәи аобласти ДЖәРеи, ЛЖәРеи, Ҟрыми, Херсонтәи аобласти рҳәаақәа рхысра заҟа аамҭа иадхалои рзы аоперативтә информациа аиура.
Ари аус анагӡара амониторингтә система аларҵәара ацхрааит. Асистема аҳәаақәа ирҭагӡаны Весело-Вознесенка, Матвеев Курган, Шрамко-Улиановское, Куибышево, Донецк , Новошахтинск, Џьанкои, Армианск, иара убасгьы дара рахь уназго амҩақәа рҿы акамерақәа, атранспорттә детекторқәа, аинформациатә рбагақәа ықәыргылан.
Ацҵа "Росгранстрои" аофициалтә саит ма аиҿкаара аофициалтә Telegram-канал рҟынтә аҭыгара ауеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0