Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ԥхыӡла аҩы уҭиуазар": арыжәтә аԥхыӡқәеи ажәлар разгәаҭарақәеи рҿы

© Sputnik / Валерий Мельников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота компании "Вина и воды Абхазии" в Сухуме
Работа компании Вина и воды Абхазии в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.11.2023
Анапаҵаҩра
Арыжәтә иазку аԥхыӡқәеи ажәлар разгәаҭарақәеи шәыдылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Арыжәтә бзиа ианакәызаалакгьы имыцхәхаӡом. Анхацәа аӡәырҩы ирдыруеит ажь фҩы ахны, аҿынкылара бзианы аҩы аҟаҵашьа. Урҭ ажь рҭаауеит цқьа ианшәлак, иазхаша азлара анышьҭнахлак. Арыжәтә аганахьала аԥсуаа акыр ирықәҿиоит "ухы аахнаҵоит" ззырҳәо ажьаӷь уатка аҟаҵара. Ауатка еиуеиԥшым ашәырхкқәагьы ирылырхуеит.
Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа ироман "Аҽыкәаҳа" аҿы иҳәоит: "Ҭагалан аарыхра акәым, абзиабарагьы ҭаргалоит" ҳәа.Аиаша ҳҳәарами, ҭагалан агәырӷьа цәаҩа аҟәнуп: ганкахьала – барақьаҭроуп, арыжәтә ҟауҵоит, аҿамаҿа еинугалоит, даҽа ганкахьала – ҩыџьа рынасыԥ анапы иануп, ачарақәа ираамҭоуп.
аҩы аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2023
Зан диашоу, заб дхәахәоу, зыԥҳа дхагоу: аҩы аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ
Арыжәтәи ажәлар разгәаҭарақәеи
Асасдкылара, ачеиџьыка иацу, ҳаԥсҭазаара иахәҭаку ацәгьа-абзиа зырҽеиуа арыжәтә иахҳәаау ажәлар разгәаҭарақәа ҳарзааҭгылап.
Арыжәтә зҭоу аҵәца ак хшәалан аӡәы иқәшәар, ԥа диоуеит рҳәоит.
Арыжәтә рацәаны изжәуа, аԥсы дахьыкҿоу аҩы иҵаргылан, нас иуржәыр даҟәнахуеит, уаҳа арыжәтә ажәра игәамԥхо дҟалоит рҳәоит.
Уԥынҵа уафозар – џьара арыжәтә ажәра уқәшәоит.
Ауатка зҭоу аԥаҭлыка ацәа цқьа ҭауршәыр, ҵаҟа ицар - иџьбароуп, хыхь ихалар - иԥсыҽуп.
Ахаҵа ачарахь данцо, аӡахәа амахә хәыҷ аахҵәаны имырбаӡакәа иџьыба иҭауршәыр, аҩы дашьӡом рҳәоит.
Арыжәтә рацәаны изжәуа, аԥсы дызҭоу акәыба даҵысыр, даҟәнахуеит рҳәоит.
Сбор винограда в селе Хуап - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2019
Акаҷыҷ, Аҳардан, Амлахә: аӡахәа, ажь, аҩы аԥсуаа ркультураҿы
Арыжәтә аԥхыӡқәа рҿы
Уажәшьҭа ҳрыхәаԥшып арыжәтә атемала аԥхыӡқәа иҳаҵарҳәо:
Маҭәарк аҟнытә аҩы аҭгара – абзиара, агәырӷьара иамааноуп.
Иузымдыруа аҩы рзааухәауа уеиԥхыӡыр – абзиара зықәнагам ирзыҟауҵартә уаниоит.
Ԥхыӡла аҳаԥшьа уцәыԥҽуа убар – амазара аганахьала зҵаарак аӡбара иазҳәоуп.
Аԥхын аӡахәа еилухуа аиԥхыӡра – узлаго уск аҿы ацәыӡ уоуеит.
Ԥхыӡла аҩы уҭиуазар – иҟауҵо абзиара пату ақәызҵо урыниоит.
/Астатиаҿы хархәара азун афольклорист, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Арда Ашәба истатиа "Ирӡым аҿаԥыцтә ԥҵамҭақәа"/
Застолье - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.08.2020
Аҩыжәра, аашьара, акаҷбеира: ашьцылара бааԥсқәа ирызку згәаҭарақәак
Ажәабжьқәа зегьы
0